Акоординациатә штаб аковид аԥырҟәҟәаразы ауснагӡатәқәа рӷәӷәатәуп ҳәа абжьгара ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание опершатаба по защите от коронавируса
Заседание опершатаба по защите от коронавируса  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҿкчымазара аԥырҟәҟәаразы ауснагӡатәқәа ралагалара ма рырӷәӷәара ҟалоит, Аԥсны ахада инапы зҵеиҩыз аусдҵа инақәыршәаны.
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Акоординациатә штаб ааҿкчымазара аԥырҟәҟәаратә уснагӡатәқәа рӷәӷәатәуп ҳәа абжьгара ҟанаҵеит.
Акоординациатә штаб ажәадгала ҟанаҵоит:
  • Ачарақәа, аныҳәақәа, аԥсхәрақәа, агәмырҿыӷьгатә усқәа уҳәа, иара убас егьырҭ ауаа рацәа злахәу ауснагӡатәқәа иарку ахыбрақәа рҿы, анаплакы аҵакыра иаҵанакуа абарҵақәа, ашҭақәа рҿы, еимырхуа-еибырҭо аконструкциақәа (ашатиорқәа, атентқәа) рҿы рымҩаԥгара азин аҟамҵара;
  • Ауаа рацәа злахәу аспорттә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара, аспорттә хыбрақәа (афитнес-центрқәа, атренажортә залқәа, аӡсарҭатә ӡҭчқәа, асасааирҭақәа, аотельқәа ирыҵаркуа аспорттә хыбрақәақәа рыда) русура азин аҟамҵара;
Заседание опершатаба по защите от коронавируса  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
COVID-19 аԥырҟәҟәаразы ауснагӡатәқәа 2021 шықәса аҩнуҵҟа 248 миллион мааҭ рықәхарџьуп
  • Акультуратә усҳәарҭақәа (атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультура аханқәа, аконцерттәии ацәыргақәҵатәи залқәа) русура аанкылазарц;
  • Ауаажәларратә транспорт аҟны аныҟәараан ахыхьчаратә хархәагақәа (асабрадақәа) зхы иазмырхәо рныҟәгара азин аҟамҵара;
  • Ауаажәларратә транспорт ахатәтәыҩцәа, ахыхьчаратә хархәагақәа (асабрадақәа) зхы иазмырхәо, апассаџьырцәа рныҟәгараз азин рымҭара;
  • Афатә, ақыҭанхамҩатә, ацәамаҭәатә џьармыкьақәа Аҟәеи Аԥсны араионқәеи рҿы есыҽны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргаларц;
  • Аҭиҩцәа (аусуҩцәа) хымԥада ахыхьчагақәа (амедицинатә сабардақәеи анапхаҵақәеи) ныҟәыргаларц;
  • Астационартә ахәаахәҭратә хыбрақәа, абылтәыҭаҭәарҭақәа, ааглыхратәии ауаажәларратәии хыбрақәа зтәу есымчыбжьа (знык еиҵамкәа) дара ирыԥну аҵакырақәеи арзҩыдара иахрыжьларц;
  • Астационартә ахәаахәҭратә хыбрақәа, абылтәыҭаҭәарҭақәа, ааглыхратәии ауаажәларратәии хыбрақәа зтәу ахыхьчагақәа (амедицинатә сабардақәеи анапхаҵақәеи) ныҟәзымго русуҩцәа аусура инармышьҭларц;
  • Акоординациатә штаб иара убасгьы абжьгара ҟанаҵоит:
    • Ауааԥсыра реизарҭаҿы ахыхьчагақәа (асабрадақәа) ныҟәзымго анеира рҽацәхьаркларц;
    • Аҳәынҭқарратәии аҭыԥантәии анапхгаратә усбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа, анаплакқәа, аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рнапы ианҵазарц COVID-19 аҟынтәи алаҵа ҟазымҵац 60 шықәса ирҭысхьоу, зцәа зтәым, ашколқәраҟынӡа иҟоу ахәыҷқәа змоуи (ашколқәраҟынӡатә ҵаратә усҳәарҭақәа аус анырымуа аамҭазы) аусуҩцәа рмаҵзурақәа рҟынтә рулафахәы еиқәырханы рхы иақәиҭтәызарц;
    Открытие медцентра Минобороны РФ для пациентов с COVID-19 в Ростове-на-Дону - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
    Анқәаб: Гәдоуҭатәи агоспиталь акомпиутертә томографиа аиҭашьақәыргылара ауӡом
  • Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рнапы ианҵазарц COVID-19 аҟынтәи алаҵа ҟазымҵац 60 шықәса ирҭысхьоу, зцәа зтәым, ашколқәраҟынӡа иҟоу ахәыҷқәа змоуи (ашколқәраҟынӡатә аҵаратә усҳәарҭақәа аус анырымуа аамҭазы) аусуҩцәа рмаҵзурақәа рҟынтә рулафахәы еиқәырханы рхы иақәиҭтәызарц.
  • Адокумент инақәыршәаны Агәабзиарахьчара аминистрра анапы ианҵазааит:
    • Ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа COVID-19 аҽацәыхьчаразы аинформациа рыҭара;
    • COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара аиҭалагара инаркны Аԥсны ахадеи Аминистрцәа реилазаареи есыҽны алаҵаҟаҵара амҩаԥысшьаз адырра рырҭаларц;
    • Агәабзиарахьчара аминистрреи аҳәынҭқарратә мчра азинмчра змоу аусбарҭақәеи аепидмаҵзуреи аганахь ала ахылаԥшра дырыӷәӷәарц ауаажәларратә ҭыԥқәа-ақьафурҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, акрыфарҭақәа уҳәа егьырҭ ахыбрақәа, аепидемиологиатә уснагӡатә ҿыцқәа шынарыгӡо азы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа COVID-19 аламҵәарц.
    Ажәабжьқәа зегьы
    0