Аԥсны акоронавирус аԥырҟәҟәааразы аԥкрақәа дырӷәӷәеит
18:20 13.08.2021 (ирҿыцуп: 18:30 13.08.2021)
© Sputnik Общественный транспорт
© Sputnik
Анапаҵаҩра
Иацы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Акоординациатә штаб аилатәараан иҳәеит Аԥсны акоронавирус азы аҭагылазаашьа цәгьоуп, аха иҭышәынтәалоуп ҳәа.
АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аковид аԥырҟәҟәааразы ауснагӡатәқәа рырӷәагәаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб нанҳәа 12 рзы иҟанаҵаз аӡбамҭа дақәныҟәаны, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аусԥҟа инақәыршәаны, иҟалом:
- Ачарақәа, аныҳәақәа, аԥсхәрақәа, агәмырҿыӷьгатә усқәа уҳәа, иара убас егьырҭ ауаа рацәа злахәу ауснагӡатәқәа иарку ахыбрақәа рҿы, анаплакы аҵакыра иаҵанакуа абарҵақәа, ашҭақәа рҿы, еимырхуа-еибырҭо аконструкциақәа (ашатиорқәа, атентқәа) рҿы рымҩаԥгара;
- Ауаа рацәа злахәу аспорттә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара, аспорттә хыбрақәа (афитнес-центрқәа, атренажиортә залқәа, аӡсарҭатә ӡҭчқәа, асасааирҭақәа, аотельқәа ирыҵаркуа аспорттә хыбрақәақәа рыда) русура;
- Акультуратә усҳәарҭақәа (атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультура аханқәа, аконцерттәии ацәыргақәҵатәи залқәа) русура.
Иара убас ауаажәларратә транспорти атаксии рныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи ахыхьчаратә хархәагақәа (асабрадақәа) хымԥада рхы иадырхәароуп. Есҽны атранспорттә хархәагақәа рҟны арзҩыдаратә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡалароуп. Афатә, ақыҭанхамҩатә, ацәамаҭәатә џьармыкьақәа Аҟәеи Аԥсны араионқәеи рҿы есыҽны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргалароуп. Аҭиҩцәа (аусуҩцәа) хымԥада ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи анапхаҵақәеи) ныҟәыргалароуп.
Уи адагьы есымчыбжьатәи арзҩыдаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркаалароуп астационартә хәаахәҭратә хыбрақәа, абылтәыҭаҭәарҭақәа, ааглыхратәии ауаажәларратәии хыбрақәа. Убри аан ахыхьчагақәа (амедицинатә сабардақәеи анапхаҵақәеи) ныҟәзымго русуҩцәа аусура инармышьҭлароуп.
Адокумент инақәыршәаны Агәабзиарахьчара аминистрра анапы иануп Аԥсны ахадеи Аминистрцәа реилазаареи есыҽны адырра рырҭаларц COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара аиҭалагара инаркны алаҵаҟаҵара амҩаԥысшьазы, Агәабзиарахьчара аминистрреи аҳәынҭқарратә мчра азинмчра змоу аусбарҭақәеи аепидмаҵзуреи аганахьала ахылаԥшра дырӷәӷәарц ауаажәларратә ҭыԥқәа-ақьафурҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, акрыфарҭақәа уҳәа егьырҭ ахыбрақәа Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа COVID-19 аламҵәарц аепидемиологиатә уснагӡатә ҿыцқәа шынарыгӡо азы адырра рырҭаларц.
- Ауааԥсыра асабрадақәа ныҟәыргаларц, ауаа рацәа реизарҭахь анеира рҽацәхьаркларц;
- Аҳәынҭқарратәии аҭыԥантәии анапхгаратә усбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа, анаплакқәа, аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рнапы ианҵазарц COVID-19 аҟынтәи алаҵа ҟазымҵац 60 шықәса ирҭысхьоу, зцәа зтәым, ашколқәраҟынӡа иҟоу ахәыҷқәа змоуи (ашколқәраҟынӡатә ҵаратә усҳәарҭақәа аус анырымуа аамҭазы) аусуҩцәа рмаҵзурақәа рҟынтә руалафахәы еиқәырханы рхы иақәиҭтәызарц;
- Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рнапы ианҵазарц COVID-19 аҟынтәи алаҵа ҟазымҵац 60 шықәса ирҭысхьоу, зцәа зтәым, ашколқәраҟынӡа иҟоу ахәыҷқәа змоуи (ашколқәраҟынӡатә аҵаратә усҳәарҭақәа аус анырымуа аамҭазы) аусуҩцәа рмаҵзурақәа рҟынтә рулафахәы еиқәырханы рхы иақәиҭтәызарц.