Аԥсны аҿкчымазара аԥырҟәҟәаразы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит, аенергетикатә уадаҩрақәа рхы угәаладыршәоит, аҵарашықәс ҿыц иалагеит, ареспубликахь иааит Урыстәылатәи аделегациақәа. Арҭи егьырҭи ажәабжьқәа шәрыԥхьар шәылшоит амаҵзура аидкылаҿы.
Sputnik
Ҩаӡара ҳаракыла аиԥыларақәа.
Иҳаҩсыз амчыбжь азын усутә ныҟәарыла Аԥсны иаҭааит урыстәылатәи аделегациақәа , урҭ идикылеит Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа.
Аԥсны ахада ипресс-маҵзура излаанацҳауа ала, нанҳәа 30 рзы Аслан Бжьаниа идикылеит Чечентәыла агәабзиарахьчара аминистр Елҳан Сулеиманови амилаҭтә политикеи адәныҟатәи аимадарақәеи, акьыԥхьи аинформациеи рзы аминистр Аҳмед Дудаеви зхадараҿы иҟаз Чечентәылатәи ареспублика аделегациа.
Асасцәа напҭарцәыла Аԥсныҟа имааит, урҭ Аԥсны агәабзиарахьчарра аминистрра иарҭеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә дума адепутат Адам Делимханов Аԥсны ҳамҭас иаиҭаз ацхыраара ласы амашьынқәа ҩба.
Аслан Бжьаниа иҟарҵаз ацхыраараз ҭабуп ҳәа раҳәо, ирыдеигалеит иалацәажәарц, ҳаԥхьаҟа ачечен хәыҷқәа Аԥсныҟа аԥсшьара раагаразы аусқәа реиҿкаара.
Цәыббра 2азы Аԥсныҟа усуратә ныҟәарала иааит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи Урыстәыла аенергетика министр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчаки. Асасцәа аҳәааҿы дырԥылеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Аҟәаҟа амҩа иқәнаҵ дара игәарҭеит анивестпрограммала зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа асоциалтә, аинфраструктуратә ргыларақәа рцашьа.
Иара уи аҽны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи, Аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчаки. Аиԥылараҟны ирзааҭгылан зыӡбара аҭаху апроблемақәа жәпакы, амҩатә инфраструктура, афымцамчы, аӡымҩангагақәа, аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылареи ахархәареи, амшынтә еимадара, абзазаратә цәынха кьакьақәа аус рыдулара, ақьырсиантә культуратә баҟақәа реиҭашьақәыргылара, ашәахтә хырхарҭа иадҳәалоу азҵаарақәа, аҳәынҭқарратә ҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьа уҳәа, убас егьырҭгьы.
Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач иазгәеиҭеит урыстәылатәи аган азҿлымҳара шанаҭо иагьшазыхиоу ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа есааира рырҭбаареи рырӷәӷәареи.
Цәыббра 3 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Архангельсктәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩ Ваге Петросиани аделегациа ахаҭарнакцәеи. Асасцәа аԥсшәа раҳәо Аԥсны ахада иазгәеиҭеит ареспубликазы хра шамоу Урыстәыла асубиектқәа рнырра бзиа.
"Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иҟанаҵаз ҭоурыхтә шьаҿоуп, ҳреспублика ауаажәлар рыҿиара иацхраауеит. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ҳаизыҟазаашьақәа инарҵауланы аҿиара рыҭаразы. Шәара ара иахьа шәыҟазаара ус дуны сахәаԥшуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ваге Петросиан Аԥсны ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ирзыҟаҵаз адкылара ҟәандазы, иҳәеит дара арахь раара хықәкыс иамоу Аԥсни аобласти инарҭбааны русеицура шакәу, аинырразы амҩа ҿыцқәа рыԥшаара ишазырхоу.
Иара иҳәеит Аҟәеи Архангельски 2011 шықәсазы ақалақь-еишьцәа ҳәа ишыҟалаз, 2014 шықәсазы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети Аҩада-арктикатә федералтә университети рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра нап шаҵаҩызгьы.
Ваге Петросиан Архангельсктәи аобласт агубернатор иҳәарала Аслан Бжьаниа аҭакс Архангельскҟа днеиԥхьеит.
Акоронавирус акәша-мыкәша
Нанҳәа 18 рзы Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәараҿы ацхыраара аҟаҵараз.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба амобилтә госпиталь даҭааит. Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡбеи, агоспиталь аиҳабы Абдулмеџьиҭ Магомедови иареи аусутә зҵаарақәа акыр ирылацәажәеит.
"Еиԥҟьара ҳәа акгьы ыҟам. Ачымазцәа ианаамҭоу иахәҭоу амедицинатә цхыраара роуеит. Афатә-ажәтә азы ауадаҩра ыҟам, аӡы шҳамац иҳамоуп", - иҳәеит Магомедов.
Едурад Быҭәба иҳәеит аусбарҭеи агоспитали шеиныруа аиҿкааратә зҵаарақәа рганахьала.
Урыстәыла Афедералтә медико-биологиатә маҵзура хәыда-ԥсада апансионат "Литфонд" аҿы цәыббра 1 - 9 рыҩныҵҟа изҭаху алаҵа рзыҟарҵоит. Апансианат аиҳабы Анатоли Аҩӡба иҳәеит "Спутник Лайт" 500 лаҵа апансионат ҳамҭас ишанаҭаз аконцерн "Росатом". Аусзуҩцәа рлаҵаҟаҵаразы 200 доза азхеит, иаашьҭын 500 доза, убри азы изҭаху алаҵа рзыҟарҵоит.
Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациала цәыббра 3 азы "Спутник Лайт" 2277-ҩык иҟарҵахьеит.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы акомпиутертә томограф еиҭашьақәыргылан аусура иалагеит, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала. Иеиԥҟьаз зегьы еиҭашьақәыргылоуп.
Адыррақәа рымш
Аԥсны аҵарашықәс иалагеит цәыббра 1 азы. Ареспублика иахьаҵанакуа рышәқәа аадыртит 155 школ, урҭ рахьтә ҩба хатәы школқәоуп.
2021 шықәсазы Аԥсны актәи акласс ахь ицеит 2056-ҩык ахәыҷқәа, зынӡа 28 нызқьҩык. Арҵаҩцәа ԥшьнызқьҩык ыҟоуп.
Аԥснытәи аушьҭымҭацәа арҵаратә Центр "Сириус" аҿы ҿыц иаадыртыз IT-коллеџь аҵара рҵалоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-центр.
Аколлеџь аҿы аҵара рҵоит 70-ҩык астудентцәа урыстәылатәи ақалақьқәа 22 рҟынтәи. Астудентцәа рыдкылара иалагеит 2021 шықәса жәабранмзазы 55 биуџьеттәии 55 коммерциатәи ҭыԥқәа рахь.
Аԥснытәи абитуриентцәа ралкаара мҩаԥысуан Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрраҿы.
Аҳәааҿы аиԥынгыла
Аиԥынгылара ҟалеит Ԥсоу иаԥну аурыс-аԥсуа ҳәаа автомашьынақәа роушьҭырҭа аҭыԥ аҿы нанҳәа 31 азы.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны Краснодартәи атәылаҿацә Афедералтә ҳазалхырҭатә маҵзурахьы аҳәара ҟанаҵеит аҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьаз аилыркаара азыҟарҵарц.
Аԥснынтәи Урыстәыла иалало автомашьынақәа реиҿкаара аамҭа иацлеит апрограмматә еиқәыршәара ҿыц ахь иахьиасуазы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы аҳазалхратә еиҿкаареи аҳазалхратә хылаԥшреи автоматикатә системахь риагаразы апрограмматә еиқәыршәара ҿыц ахь аиасра инадҳәаланы атранспорт хархәагақәа раара рцара аиҿкаара аамҭа иацлеит. Уажәазы аинформациа-программатә еиқәыршәара аусура аларгаразы аусурақәа мҩаԥысуеит", - ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.
Акурорттә сезон ацҵара
Аԥхынра шиасызгьы акурорттә сезон хыркәшам. Атуристцәа шаац иаауеит. Аофициалтә статистика ишьақәнарӷәӷәоит асезон қәҿиарала ишымҩаԥысыз. Убас Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит 501132-ҩык, Афонтәи аҳаԥы – 309886-ҩык.
Апарк 167,8 миллион мааҭ рыхә амаҵзурақәа мҩаԥнагеит, аҳаԥы –154,6 миллион мааҭ рыхә.
2019 шықәсазы Риҵа иаҭааит 281 558-ҩык, Афонтәи аҳаԥы –190 142-ҩык,урҭ рхашәала: 91 миллион мааҭ; 94,6 миллион мааҭ.
Гагра аҽазныкгьы Tvil.ru. ареитинг иақәшәеит. Уажәазы иара алырхит атәанчаҩцәа.
Аенергетика апроблемақәа
Ииасыз амчыбжь азы изныкымкәа алашара дырцәеит ареспубликаҿы.
Нанҳәа 31 азы Тҟәарчали Тҟәарчал араиони аамҭақәак лашарада иаанхеит ицоз аусурақәа ирыхҟьаны.
Нанҳәа 29 азы Тҟәарчалтәи ГРЕС аҿы автоматикатә хьчара аус ауын алашара ыцәеит. Лашарада иаанхеит Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа, Аҟәа араион ахәҭак, Аҟәа ақалақь агәы.
Уаанӡа Аԥсны абжеиҳара лашарада иҟан авольтҳарак Очамчыра-220, астанциа маҷ Тҟәарчал ГРЕС, авольтҳарак 110 астанциа маҷ Очамчыра-2 аҿы амашәыр иахҟьаны.
Цәыббра 4 Гагра араион сааҭқәак лашарада иҟан астанциа маҷ "Гагра-3" аҿы амашәыр иахҟьаны.
Афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара амчхара азымхара иахҟьаны Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит рашәара 28 инаркны. Аамҭеихшара инақәыршәаны алашара дырцәоит уахынла ҩ-сааҭк.
Цәыббра 1 инаркны Аҟәа ахәҭак алашара арцәара аамҭеихшара еиҭакуп, ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
ИЕПиТ астанциа маҷ иаҵанакуа араионқәа рҿы цәыббра 1 инаркы алашара дырцәалоит 05:00 - 07:00 рзы. Уаанӡа алашара дырцәон асааҭ 01:00 - 03:00 рзы.
Аамҭаеихшара инақәыршәаны Аԥсны агәы лашарада иаанхоит асааҭ 01:00 -03:00, мраҭашәаратәи ахәҭа - асааҭ 03:00 - 05:00, мрагыларатәи ахәҭа – асааҭ 05:00 - 07:00 рзы. Алашара дырцәоит акурорттә аамҭа аҭахрақәа азыԥхьагәаҭаны.
Ашьаусҭҵаарақәа
Аԥсны ААР анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит 1999 шықәса рзы ииз Карим Саидов анаркотикатә маҭәашьарқәа рылаирҵәоит ҳәа агәызҩара рыманы.
Ахаҵа аамҭала аҳҭнықалақь аҿы дынхоит. Игәаҭара амҩаԥгараан идбалан 12 еилаҳәара, аҽа ҩ-еилаҳәарак ԥшаан Саидов идирбаз аҭыԥқәа рҿы. Дахьынхоз аҭыԥ аҿы имаҭәақәа ирыланы иаарԥшын 26 еилаҳәара.
Имҩаԥгаз аекспертиза инақәыршәаны ишьақәыргылан иԥшааз амаҭәашьар аметадон шакәыз.
Саидов иажәақәа рыла, "аҵәахырҭатә ҭыԥ ҷыда" афотосахьа "адиспетчер" изынаишьҭуан уи азы аԥара изыршәон. Карим Саидов имхыз аметадон 16 грамм акапануан.
Саидов иганахьала ашьаус хацыркуп анаркотикатә маҭәашьарқәа закәаншьаҭада раахәара, рымҩангара, рыҵәахра азы. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусҭҵааратә Усбарҭа.
Цәыббра 1 азы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит ижәны иҟаз ахаҵа, мзызк амамкәа 53-шықәса ирҭагылоу асасааирҭа аԥшәма Фазылбеи Ԥкьын ихәдеи инапқәеи ахәрақәа рниҵеит, анаҩс Новосибирсктәи аԥсшьаҩ ԥҳәыс дыхәны аҭыԥ аҟынтәи дыбналеит, аха хара имгакәа амилициа Пицундатәи аҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит ҳәа.
Гагра араион ААР аматериал еидкыланы апрокуратурахь инанашьҭит анаҩстәи апроцессуалтә ӡбамҭа адкыларазы. Иахьазы ахәрақәа зауыз рыԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам.
Амилаҭтә кьыбачымазаратә хәшәтәырҭа аусзуҩцәа Лев Аргәыни Лариса Кәакәасқьырԥҳаи рыҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара ицҵоуп.
Лев Аргәын иҩнытә баандаҩра аҿҳәара инахоуп жьҭаара 29 2021 шықәсанӡа, Кәакәасқьырԥҳа – жьҭаара 28 2021 шықәсанӡа.
Ари аспорти
Аԥснытәи акоманда ихнаркәшеит жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа ашьхатә еиҟәша "Ельбрустәи амацәаз" АрМи-2021 аицлабра алахәзаара.
Сынтәатәи аицлабра аҟны аиааира ргеит Урыстәылатәи аҳаиртә-десант архәҭа акоманда, аҩбатәи иаԥсахеит Узбекистан аррамаҵурауаа, ахԥатәи Казахстан.
Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ -имаӡаныҟәгаҩ Николаи Панков, жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа ашьхатә еиҟәша "Ельбрустәи амацәаз" АрМи-2021 аицлабрақәа рыҟны аиааира згаз аҳамҭақәа рнапаҿы ириҭеит.
Автоеиԥхныҩлара алахәыла Дмитри Ӷәазааи италиатәи аспортсмен Андреа Колаи World GT аетап актәи ақәгылараҿы аиааира ргеит Германиатәи атрасса Ниурбургринг аҿы.
Ӷәазаа италиатәи акоманда Target Racing азы дықәгылоит Lamborghini Huracan LP 620-2 Super Trofeo EVO №99 ала акласс Pro-Am аҿы.
Жәеиза шықәса зхыҵуа аҵаақәшьқьраҩы Захар Кьахьба актәи аҭыԥ ааникылеит, аҵаақәшьқьрааразы ақәыԥшцәа рыбжьара аҟазара актәи аҩаӡараз Шәача имҩаԥысуаз аицлабраҿ. Абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.
Захар Кьахьба жәеиза шықәса ихыҵуеит, ԥьшьышықәса ҵуеит Шәача аолимпиазы аҽазыҟаҵарақәа рцентр аҟны аҵаақәшьқьраара иҽазыҟаиҵоижьҭеи.