АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik. Қырҭтәылантә аҿкчымазара Аԥсныҟа иҭаргалоит ҳәа аҳәара ҵаҵӷәыдоуп, лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.
"Аԥсны мрагыларатәи аҳәааҟны асанитар-карантинтә ҟәша еиҿкааны иҳамоуп. Иара иахәҭоу амедицинатә гәаҭаратә мыругақәа зегь рыла еиқәыршәоуп. Аус ауеит аԥхынра зегьы, аусуҩцәа еиқәыршәоуп антиген азы аекспресс-тестқәа рыла. Хымш инреиҳаны Апсны анҭыҵ иҟаз, аковид шрымам ала ашәҟәы зцым зегьы атестқәа ҟарҵоит", - лҳәеит Скорик.
Иара убасгьы иазгәалҭеит, Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҟны ауаа рацәа шахысуа, аха уи ишаанамго аҭагылазаашьа цәгьоуп ҳәа.
Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы Гал араион аҿкчымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара шыҟац иаанхоит иацымлаӡацт, ҳәа азгәалҭоит аҳақьым хада.
"Гал араион иаланхо егьырҭ араионқәа руааԥсыра реиԥш, ауаа рацәа злахәу аԥсрақәа, аиныхрақәа, аҭацаагара зҳәаз реиԥш аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит. Ари иаҳа Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ашәарҭара иҭанаргылоит, Гал араион ауааԥсыра Жәыргьыҭ араион раҭаара аасҭа",- лҳәеит Скорик.
Убри аан иазгәалҭеит, Аԥсны ауааԥсыра иҷыдоу амедицинатә цхыраараз Қырҭтәылаҟа ицо рхыԥхьаӡара ишазҳаз.
"COVID-19 аҟынтә зҽацәыхьчатәу Қырҭтәыла аҽыхәшәтәра аҟынтәи ихынхәыз роуп, урҭ ачымазара ахьыҟоу иҟан аҟынтәи иаҳа ашәарҭара рыцзар ауеит", - лҳәеит лара.
Уаанӡа, Гал араион асанитартә ҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Георги Қобалиа Sputnik иеиҭаз аинтервиу аҟны иҳәахьан Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿ аԥкрақәа рырӷәӷәара шхымԥадатәиу.