Агәабзиарахьчара аминистр алаҵаҟаҵара шцо атәы далацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация от COVID - 19 в Абхазии
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2021
Анапаҵаҩра
"Спутник Лайт" ала Аԥсны алаҵаҟаҵара иалагеит нанҳәа 10 азы. Уаанӡа алаҵа "Спутник V" ҟарҵон.
АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Акоронавирус аҟынтә урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт" иахьазы 2826-ҩык иҟарҵахьеит, иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы алаҵа ҟарҵеит 129-ҩык.
Ареспубликаҿ раԥхьатәи алаҵаҟаҵара иаҿырԥшны мышкала 40-50-ҩык рыла еиҵахеит иҳәеит аминистр. Иара ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит COVID-19 аҟынтә еиҳа узыхьчо алаҵаҟаҵара иацәхьамҵларц.
Быҭәба иҳәеит аусбарҭаҿы ироураны ишыҟоу иаку абаза алаҵа ҟазҵаз рзы. Уи ашьаҭхь дарбанызаалак изҭаху алшара иоуеит  "ахатәы кабинет" дҭаланы ииҭаху аинформациа иоурц, ихатәы QR-код иманы анаҩс ихы иаирхәаларц, иҳәеит иара.
Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааргеит 5 нызқь лаҵа "Спутник Лайт", алаҵаҟаҵра иалагеит амза 10 инаркны. Уажәтәи алаҵа ааихәеит, аагарагьы ахә ахишәааит Москватәи аԥсуа диаспора ахада Беслан Агрба.
Уаанӡа "Спутник V" актәи ахәҭа 4000 лаҵа 6,9 миллион мааҭ ҳәа иаахәан 2021 шықәса мшаԥымзазы. Даҽа 2500 лаҵа агәыҳалалратә цхыраара ҳәа Урыстәыла Аԥсныҟа иаанашьҭит.
Лаҵарамза алагамҭазы акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҟынтәи аԥшьбатәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт" ашәҟәы иҭаргалеит. Иара ауаҩытәыҩса 85% ихьчара алшоит.
Иараубас шәахьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0