https://sputnik-abkhazia.info/20210924/-Asni-yrtylei-raa-akraa-ratup--1033274139.html
Гал араион асанитартә ҳақьым хада и.н.: Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿ аԥкрақәа рӷәӷәатәуп
Гал араион асанитартә ҳақьым хада и.н.: Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿ аԥкрақәа рӷәӷәатәуп
Sputnik Аҧсны
Аепидемиа ҵасижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 27153-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 22107-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара... 24.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-24T17:19+0300
2021-09-24T17:19+0300
2021-09-25T00:10+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/08/15/1030798108_0:136:2601:1599_1920x0_80_0_0_59e71c692cbadf54eb9da84fb342f858.jpg
АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсни Қырҭтәылеи аҳәаа ахысра аусура рӷәӷәатәуп, иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Гал араион Асанитар-епидемиологиатә маҵзура аҳақьым хада Георги Қобалиа."Аҳәаа аадыртаанӡа ишыҟаз аиԥш иҟаҵатәуп: зықәра неихьоу, згәабзиара шьақәзыргыло мацара ахысуа. Аԥкрақәа аԥыхуижьҭеи акырҵуиет. Изҭаху дарбанызаалак азин изҭо адокумент имазар аҳәаа дахысуеит. Уахьтәи аган аҿы атест-ырццак ҟарҵоит", - иҳәоит иара.Мышкы ахы-аҵыхәала аҳәаа наҟгьы-ааҟгьы иахысуа рхыԥхьаӡара зықьҩык иреиҵам, ҳәа азгәеиҭеит Қобалиа."Иаартуп асанитар-карантинтә пункт, асааҭ быжьба инаркны зежәынӡа. Ҩыџьа-ҩыџьала, аҳақьыми амедеҳәшьеи ҷаԥшьоит. Иахысуа рдокументқәа гәарҭоит. Атест аҭак рымамзар аҭыԥ аҿы иҟарҵоит. Уи ашьҭахь 72 сааҭ аус зуа адокумент рырҭоит", - ҳәа иҳәеит иара.Гал араион аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа ахиҳәааит. Иара убри аан, иагьеицәахом аха иагьеиӷьхом ҳәа азгәеиҭеит.Қобалиа иажәақәа рыла аҳәаа иахысуа зықьҩык рҟынтәи 600-700-ҩык рдокументқәа еиқәшәоуп."Иҟоуп мышкала ԥшьынтә-хәынтә аҳәаа иахысуа. Атест шырзымҩаԥгоу азы уахьтәи аган ма ҳара ҳган аҿы адокументқәа ргоит. Алаҵаҟаҵара акәзар ауаа ҳадҵаалоит, аха еиҳа игәцараркуазар бзиан", - иҳәеит Қобалиа.Иара иазгәеиҭеит Гал араион ауааԥсыра еиҳарак изхәаԥшуа ақырҭуа телехәаԥшра шакәу. Уа урыстәылатәи алаҵа аҿагылара шарҭо. Убри азы агәрамгара аадырԥшуеит. Ирацәаҩуп Қырҭтәыла аҳәаанырцәтәи алаҵа ҟазҵаз. Уи ус шакәу иаарго адокументқәа ирныԥшуеит, ҳәа азгәеиҭеит Қобалиа.Жәыргьыҭтәи араион аҟны мышкала 200-300-ҩык акоронавирус рыдырбалоит. Гал араион ауааԥсыра ракәзар реиҳараҩык уахь ауп иахьцо. Аԥсназы ари ашәарҭара ацуп.Аҵыхәтәантәи аамаҭқәа рзы ҭаацәала аҿкчымазара ахьрымоу ыҟоуп. Урҭ ҳанрыҿцәажәоз еилаҳкааит Жәыргьыҭ ма Қарҭ ааигәа ишыҟаз, ҳәа иҳәеит Қобалиа.
https://sputnik-abkhazia.info/20210707/Apandemia-iakhany-asua-ayrua-aa-akhysrazy-ialagalaz-akraa-dyrsyit-1032784604.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/08/15/1030798108_142:0:2457:1736_1920x0_80_0_0_83bf293d55f1c9b040a918b03af0f65d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Гал араион асанитартә ҳақьым хада и.н.: Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿ аԥкрақәа рӷәӷәатәуп
17:19 24.09.2021 (ирҿыцуп: 00:10 25.09.2021) Аепидемиа ҵасижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 27153-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 22107-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 410-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсни Қырҭтәылеи аҳәаа ахысра аусура рӷәӷәатәуп, иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Гал араион Асанитар-епидемиологиатә маҵзура аҳақьым хада Георги Қобалиа.
"Аҳәаа аадыртаанӡа ишыҟаз аиԥш иҟаҵатәуп: зықәра неихьоу, згәабзиара шьақәзыргыло мацара ахысуа. Аԥкрақәа аԥыхуижьҭеи акырҵуиет. Изҭаху дарбанызаалак азин изҭо адокумент имазар аҳәаа дахысуеит. Уахьтәи аган аҿы атест-ырццак ҟарҵоит", - иҳәоит иара.
Мышкы ахы-аҵыхәала аҳәаа наҟгьы-ааҟгьы иахысуа рхыԥхьаӡара зықьҩык иреиҵам, ҳәа азгәеиҭеит Қобалиа.
"Иаартуп асанитар-карантинтә пункт, асааҭ быжьба инаркны зежәынӡа. Ҩыџьа-ҩыџьала, аҳақьыми амедеҳәшьеи ҷаԥшьоит. Иахысуа рдокументқәа гәарҭоит. Атест аҭак рымамзар аҭыԥ аҿы иҟарҵоит. Уи ашьҭахь 72 сааҭ аус зуа адокумент рырҭоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Гал араион аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа ахиҳәааит. Иара убри аан, иагьеицәахом аха иагьеиӷьхом ҳәа азгәеиҭеит.
"Иреиҳау уадаҩраны иҳамоу аҳәаауп. Иҟоуп маӡала ахысра зҽазызшәо, иҟоуп аладатәи аҳәаала закәаншьаҭада ииасуа. Уи ачымазара алаҵәара иацхраауеит. Ачымазҩцәа абриаҟара ыҟоуп ҳәа сызҳәом, избанзар аҳақьымцәа рахь зхы цәырзымгогьы ыҟоуп", - иҳәеит иара.
Қобалиа иажәақәа рыла аҳәаа иахысуа зықьҩык рҟынтәи 600-700-ҩык рдокументқәа еиқәшәоуп.
"Иҟоуп мышкала ԥшьынтә-хәынтә аҳәаа иахысуа. Атест шырзымҩаԥгоу азы уахьтәи аган ма ҳара ҳган аҿы адокументқәа ргоит. Алаҵаҟаҵара акәзар ауаа ҳадҵаалоит, аха еиҳа игәцараркуазар бзиан", - иҳәеит Қобалиа.
Иара иазгәеиҭеит Гал араион ауааԥсыра еиҳарак изхәаԥшуа ақырҭуа телехәаԥшра шакәу. Уа урыстәылатәи алаҵа аҿагылара шарҭо. Убри азы агәрамгара аадырԥшуеит. Ирацәаҩуп Қырҭтәыла аҳәаанырцәтәи алаҵа ҟазҵаз. Уи ус шакәу иаарго адокументқәа ирныԥшуеит, ҳәа азгәеиҭеит Қобалиа.
Жәыргьыҭтәи араион аҟны мышкала 200-300-ҩык акоронавирус рыдырбалоит. Гал араион ауааԥсыра ракәзар реиҳараҩык уахь ауп иахьцо. Аԥсназы ари ашәарҭара ацуп.
"Уа ачымазара шьҭыркаауеит. Ирццаку атест-системақәа рыҩаӡара лаҟәуп. Сара аҭыԥ сымаӡам хымш ауаҩы игәаҭаразы аԥхьакырҭахь днасышьҭыртә еиԥш, ауаҩы доуҳажьуеит ашәҟәы ицуп ҳәа. Иара анахь-арахь днеиуеит, ачымазара алаирҵәоит", - иҳәеит иара.
Аҵыхәтәантәи аамаҭқәа рзы ҭаацәала аҿкчымазара ахьрымоу ыҟоуп. Урҭ ҳанрыҿцәажәоз еилаҳкааит Жәыргьыҭ ма Қарҭ ааигәа ишыҟаз, ҳәа иҳәеит Қобалиа.