"Ан агара лырҵысуан": ахәыҷы игараҵара акәамаҵамақәак

Ахәыҷы игараҵара акәамаҵамақәак ҳрызхьалырԥшуеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik
"Ан агара лырҵысуан…
Лыбжьы наҩуан уи хара,
Аԥшқа дыцәон, нас дааԥшуан –
Дыччон, дҵәыуон изхара" - абас иҩуан аԥсуа поет Қьаазым Агәмаа ан илзикыз иажәеинраала аҟны.
Ан – заҟа иҵаулоузеи, заҟа иҟәымшәышәузеи ари ажәа. Ан - ахшара рзы иԥшьоу, аԥсҭазаара узҭо, еихазҳауа, ԥшшәы рацәала изырбеио. Ҳиаанӡагьы, ҳани нахысгьы иҳахӡыӡаауа, ҳгара рҵысуа ихааӡа агарашәа ҳзызҳәо, гәыблыла ҳзааӡо. Абарҭ зегьы лара лоуп – ан.
Закәытә цәанырра ԥхоузеи ирхылҵуа абарҭ ажәақәа илыхшаз ианралҳәо: "Ишәыхьша сыхьааит!", "Шәан шәара дшәыкәыхшааит!", "Анцәа дышәхылаԥшааит!", "Машәыр Анцәа ишәықәимҵааит!"
Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Ани агареи ртема санахьыс, иазгәасҭарц сҭахуп, ҳазну аамҭазы асабицәа зынӡа ахақәиҭра шрымоу. Ишааизҵәҟьа иааилаҳәаны ркаруат хәыҷы инагәыладыршәуеит. Аха есымша ус иҟамызт аамҭа, уаанӡа аԥшқа иааӡаразы зда ихәарҭамыз маҭәарын агара.
"Заҟа дукәабо аҟара деизҳауеит": асаби икәабаразы аԥсуаа разгәаҭарақәак
Аԥшқа данилак ишаԥу еиԥш шықәсыки бжаки ҩышықәса рҟынӡа агара дгарарҵон. Ҳазну аамҭазы ахәыҷқәа ргараҵара зынӡа ҳацәхҟьалеит умҳәозар.
Шәымҭак акәзаргьы ҳхьаԥшып шьҭахьҟа.
Ажәытәан, асаби ԥхьаҟатәи иԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа маҷхарц агара злырхуаз имҿы маҭәахә лыԥшаахыз аҭәаҵлеи ахьаҵлеи ракәын. Иара амаҭәахә аагаразы амш аныцәгьоу ицар, агара ззыҟарҵо илеишәа цәгьахоит, убри амш еиԥш есымша дҵәыуалоит ҳәа рыԥхьаӡон. Убри аҟнытә мыш бзиак аалхны рус рнапы аларкуан. 
Ан лыхшараиура анааигәахалак ахәыҷы имаҭәа, игара иақәнагоу агәабан хәыҷы, ахыза хәыҷы, ашьамхыртәага хчы, ашьапкәырша, агаракәырша, агарақәыршә, акалам уҳәа аиқәыршәара лҽазылкуан, амала ахәыҷы диаанӡа урҭ зыхьӡ ҳәоу акгьы аҩны иҩнаргаломызт, џьара ирҵәахуан.
Нырцә дыгә-дыгә, аарцә дыгә-дыгә: агареи агарашәеи рҵаки иахьатәи рхархәашьеи
Асаби иааӡараҿы зеиӷьаҟам акәын "зымшьҭа бзиоу", ахшара рацәа зааӡахьоу агара рхы иадырхәозҭгьы. Уи аҩыза агара абиԥарақәа инеимда-ааимдо иааргон.
Агара еснагь иахӡыӡаауан, пату ақәырҵон. Акажьра, абылра рзыгәаӷьуамызт, ҵасым азырҳәон. Хәыҷы рацәа еиҵазааӡахьоу агара ахархәара анамаиулак аамҭазы, аҩны кәакьҭак азырыԥшаауан, ақәыршә наҭаны убра инадыргылон.
Аҩнаҭаҿы ан, анду уҳәа жәларык аҳәса ахьыҟоу, ахаҵа агара арҵысрахьы ус имамызт. Агара арҵысра ԥҳәыс усхәуп ҳәа иԥхьаӡан.
Агара игароу асаби алаԥш дацәыхьчазарц азын ихьӡ лассы-лассы ирҳәаӡомызт, ахьӡ ҷыда ирҭон. Асаби иааигәа инеиуа рылаԥш дамкырц азы иҟарҵақәоз иреиуан:
Алаԥш атәы анаҳҳәа, ауаҩы ихаҭа, иҩны-игәара, ихшара алаԥш цәгьа иацәызыхьчо ракәны аԥсуаа ирыԥхьаӡоит аҵәамахә, арасамахә, аҽеимаа (агәашә азааигәара аандаҿы иахыршьуан), ашыц ашәчбӷьы (агәашә аҭаларҭаҿы, амаҵурҭа акәакьҭақәа, мамзаргь аҩны уахьагәыдыԥшыло икнарҳауан).
Иаагозар, аҿыцынхацәа алаԥш иацәыхьчахазарц рыҩны акәакьҭақәа рҿы иржуан аҵәымыӷқәеи арацәа ҽыҭқәеи. Агәра ргон, арҭ амаҭәарқәа алаԥш рымԥан иаанашьҭуамызт ҳәа.
Амала уи зынӡа даҽа темоуп…
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Дыхьӡырҳәаганы Анцәа дҟаҵа: ауаҩытәыҩса иира иадҳәалоу згәаҭарақәак
"Ҳазхымԥо-ҳазҵымԥо": ахәыҷы изы иҵасым ҳәа ззырҳәо азгәаҭарақәа
"Данеицәкьысуа изҳауеит": ан, ахшара, ахшараиура ирыдҳәалоу аԥсуа жәлар разгәаҭарақәак