Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Адунеи аҿы иқәынхо ажәларқәа зегьы, шамахамзар ирымоуп рхатәы азгәаҭарақәа. Урҭ ажәытә дунеихәаԥшышьа иарҿиаз, иахьанӡа иааӡаз акы акәны иҟоуп уҳәар алшоит.
Аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа ракәзар, хкы рацәала еилоуп. Аҳауатә ҽыԥсахрақәа, амш аҽеиҭакра, ауаҩы иира, еизҳара уҳәа иԥсҭазаара зегьы иадҳәалоу еиуеиԥшым ашьклаԥшрақәа рнубаалоит.
Ажәлар разгәаҭарақәа аԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәа рҿы ауаҩы ихы шымҩаԥигаша, иҟаиҵаша, ииуша иҵарҳәоит. Иаҳҳәап, ҽынла ушьацәхыԥқәа хыусар ҟалом, иҵасым, избанзар унасыԥ "уа иавҵоуп", уахынла унацәхыԥқәа хыусар ҟалом, ҵасым, избан акәзар, унасыԥ "уа иавҵоуп" рҳәоит аԥсуаа.
Уажәы хыԥхьаӡарала ирацәоу ажәлар разгәаҭарақәа рҟнытә ишәыдызгалар сҭахәуп ан, ахшара, ахшараиура ирыхҳәаау аԥсуа жәлар разгәаҭарақәак.
Ани ахшареи ирыдҳәалоу ажәлар разгәаҭарақәа
- Ан лыхшара шәынтә илшәиргьы ирықәшәаӡом, лгәыԥҳәы "ибҳәаз бхы иақәшәааит" аҳәоит
- Ан лхәыҷы ишьапаҵа рацәак игәыдылкыломызт, ахәыҷы уи аҟара ан лахь агәыбылра иоуӡом ҳәа рҳәоит аҟнытә.
- Ахәыҷы даныхәыҷу илеишәа цәгьазар, дандухалак акыр илҵуеит рҳәоит.
- Ахәыҷы агара дахьгароу акы ихыган аӡәы иуҭар ҵасым ахәыҷы изы.
- Ахәыҷы данеицәкьысуа изҳауеит рҳәоит.
- Ахәыҷы иан лгәыбылра икразы, дызлалкәабаз аӡы ала лҿы лыӡәӡәар бзиоуп.
- Ахәыҷы "ԥффы" ҳәа иқьышә иаирҳәозар, амш цәгьахоит.
- Ахәыҷы даныхәыҷу шаҟа дҵәыуо аҟара дыԥшӡахоит рҳәоит.
- Ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа ихәы анырҵаӡомызт, дмаалықьуп ҳәа. Шықәсык анихыҵлак аҽны ихәы анырҵон.
"Аглахьа", ма "агылхьа": ани ахәыҷи ирыдҳәалоу аныҳәарақәа рзы азгәаҭақәа
Ахшараиура иадҳәалоу ажәлар разгәаҭарақәа
- Аԥҳәыс хшара дылмоуазар, ма лыхшара кьаҭозар, абжьааӡа дуааӡар, ииуа еиқәхоит рҳәоит.
- Аԥҳәыс лцәа лтәымкәа даныҟоу акәты лшьыр ҟалаӡом, ахәыҷы аԥсакра иоуеит.
- Зцәа зтәым аԥҳәыс акәты лдырҟаҵомызт, избанзар акәты анылрыцқьо аз лнапаҿы иԥжәар ахәыҷы ашьана еиԥш инылон.
- Аԥҳәыс лцәа лтәымкәа даныҟоу арахә ахьыршьуа дахәаԥшыр ҟаламызт, арахә ахәда абжьы шго еиԥш ххыҳәа ахәыҷы ихәда абжьы го иалагоит, аԥсакра иоуеит ҳәа.
- Зцәа зтәым акәты ашьапы лфар ҟалаӡом, илыхшо аҵла данықәло ишьапы ҵысуа далагоит рҳәоит.
- Зцәа зтәым аԥҳәыс аҵәынҵәлаӷь лфар ҟалом, ииуа ахәыҷы иқьышә иаҵәахоит.
Анра анасыԥ: ахшара дызмауа аԥҳәыс лыцхраара иадҳәалоу ақьабзқәа
"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара аҵаки амҩаԥгашьеи
Астатиа ахыркәшамҭаз иазгәаумҭар залшом, аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа раԥхьаӡа акәны аизгареи акьыԥхьреи напы азыркыз Дырмит Гәлиа шиакәу. Иара убас аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа уԥылоит ашәҟәыҩҩы Шьаликәа Камкиа ишәҟәы "Ажәа хьыршәыгәқәа" рҿы. Ашәҟәы иагәылоуп "Амш зеиԥшрахо азы адыргақәа" ҳәа хьӡыс измоу ахәҭа. Ажәлар разгәаҭарақәа ирызкуп афольклорист Арда Ашәба истатиа "Ирӡым аҿаԥыцтә ԥҵамҭақәа". Агәаҳәара змоу арҭ аусумҭақәа шәрыԥхьар алшоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ахьыӡи - ахьӡыи: ахәыҷы ахьыӡ иҭара иадҳәалоу ақьабзқәа
-
Нырцә дыгә-дыгә, аарцә дыгә-дыгә: агареи агарашәеи рҵаки иахьатәи рхархәашьеи