"Ҳазхымԥо-ҳазҵымԥо": ахәыҷы изы иҵасым ҳәа ззырҳәо азгәаҭарақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукПогода
Погода - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ахәыҷы изы иҵасым ҳәа ззырҳәо азгәаҭарақәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаҧҳа.

Ахәыҷы удунеи зегь зыԥсахуа, уԥсҭазаара даҽа ритмк ала ишьақәзыргыло иоуп. Аҭаацәараҿы ахәыҷы данилак нахыс (уимоу диаанӡагьы, ианизыԥшу) аҩны икәша-мыкәша иааҟоу зегьы иара ишизыманшәалахаша ала еиҿыркаауеит, ихӡыӡаауеит.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Убас ала ицәырҵуеит ахәыҷы дзыхьчаша аритуалқәагьы, иҵасым ҳәа ззырҳәо азгәаҭарақәеи. Иаҳҳәап: зцәа зтәымкәа иҟоу аԥҳәыс ажә лықәҟаар бзиаӡам, аҽы лыхәаԥшыр – лыхшараура цәгьахоит, лыҿҳәара аамҭа дахыԥоит уҳәа, мамзаргьы лара дӡахыр ҟалаӡом – ахәыҷы иҷапан икәшаны диуеит рҳәоит.

Новорожденный ребенок   - Sputnik Аҧсны
Ажьамкреи ашьапныҳәеи: ахәыҷы игәабзиара иазку ақьабзқәа

Ахәыҷы изы иҵасым ҳәа ззырҳәо, зыҟацҵара ҟамло, изықәныҟәо аԥҟарақәагьы маҷым. Аԥшқа даныхәыҷу джьамкуеит ҳәа имаҭәақәа ахәылбыҽха нахыс адәахьы ицәҵаны иаанрыжьуам. Иара убас, аԥшқа дызларкәабаз аӡы ахәылбыҽха адәахьы идәылганы икарҭәом. Ахәыҷы еиҳа данеизҳалак акәзар, иара дзыхьчаша азгәаҭарақәагьы рааӡаратә функциа еиҳахоит, ихымҩаԥгашьатә ԥҟарақәа шьақәзыргыло.

Ахәыҷы дшыхәыҷу аҭаацәаратә қьабзқәа иагәылархалара ижәлар рҵасқәа, рқьабзқәа изырбо, ихымҩаԥгашьа шьақәзыргыло ракәны иҟоуп. Аҭаацәаратә қьабзқәа зқьышықәсала зҽызымԥсахуа абиԥарақәа еимдо иаарго ахәыҷы изы нормак аҳасабала ишьақәгылоит, идунеихәаԥшра амҩа азылнахуеит. Иаҳҳәозар, ахәыҷы "адәныҟа" ҳәа иныҳәара инаркны, мамзаргьы акәырбан, ма амашәыр алԥха ҳәа иныҳәара, ажьира иаҵаргылара ақьабз (ажьырныҳәазы) – урҭ зегьы традициала ахәыҷы иааӡара иахәҭакуп.

Ҳарзааҭгылап ахәыҷы изы иҵасым ҳәа ззырҳәо зӷәаҭарақәак. Урҭ иреиуоуп: ахәыҷы даныхәмаруа ауаҩы икәымшара – акәшара ишдыру еиԥш иҟазҵо аиҳабы иоуп, "иухьша-мыхьша згааит" ҳәа илҭаху аӡәы дикәшоит, аха ахәыҷы даныхәмаруа, даныҩуа аӡәы дикәшалар (дхәыҷы, дду), уи ихьаақәа иара игоит, иԥырхагахоит ҳәа "иҵасым, ус ҟаумҵан" ҳәа дааныркылоит.

Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи анапхыц, раԥхьатәи ахаԥыц: ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа имҩаԥырго ақьабзқәа

Иара убас, иҵасым ахәыҷы ихыԥара. Зегьы иаҳгәалашәоит ҳаныхәыҷыз аӡәы ҳаихыԥар, ма даҳхыԥар, "уихымԥан, дызҳаӡом" ҳәа шҳарҳәоз. Аха иара аҵакы акыр иҭбаауп: иаҳгәалаҳаршәап, амашәыр иақәшәо ауаҩы иԥсра дшахдырԥо амашәыр дахьақәшәаз аҭыԥ аҿы адгьыл иахырԥара ақьабз амҩаԥгарала. Убри аҟнытә араҟа, ахәыҷқәа аныхәмаруа, аӡәы ихыԥара "аԥсра ахырԥара" аҵас иаҿагылоу аҟазшьа аанахәоит азы "иҵасым" ҳәа иршьоит.

Иҵасым ҳәа ззырҳәо иреиуоуп иара убас, аҩны анырыԥссо ахәыҷы аҳәымсаг ихькьысыр. Аҳәымсаг аҩны аҟьамсар дәылзыԥссаауа маҭәаруп, уи иадҳәалоуп еиуеиԥшым азгәаҭарақәа (иаҳҳәап, аҳәымсак кыддыргылаӡом – ишәиуеит). Уи ала уаныԥссо ахәыҷы ихькьысыр, иара иалоу амч лашьцақәа ахәыҷы иԥырхагахоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Машәырла ус еиԥш аныҟалалак, иҵасым ҳәа, ахәыҷы аҳәымсаг хынтә дақәԥаларатә иарҳәоит, нас иԥырхагахаӡом.

Иҵасым иара убас, ахәыҷы уахынла адәахьы идәылгара, ааҵраҿы аӡкатәара, аԥсрахьы инагара, иара иқәра зҵанамкуа аныҳәарақәа иалархәра.

Аԥсуаа ахәыҷы иааӡара атрадициаҿы абас еиԥш ала изықәныҟәо атрадициатә нормақәа рхыԥхьаӡара даараӡа ирацәоуп. Урҭ зегьы ахәыҷы иааӡара иацхраауеит, ихымҩаԥгашьа шьақәнаргылоит, уи итәашьа-игылашьа аҿоума, иаԥсшәаҳәашьаҿоума зегь рыла деиҿнакаауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0