АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Нанҳәа 10 инаркны жьҭаара 9-нӡа аҿкы аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лаит" ҟарҵахьеит 2998-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра.
Аҳҭнықалақь аҟны алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит х-пункт рҟны, иара убас Аԥсны араионқәа зегьы рҟны, аха ирыдҵаало маҷуп.
Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааргеит 5 нызқь лаҵа "Спутник Лайт", алаҵаҟаҵра иалагеит амза 10 инаркны. Уажәтәи алаҵа ааихәеит, аагарагьы ахә ахишәааит Москватәи аԥсуа диаспора ахада Беслан Агрба.
Уаанӡа "Спутник V" актәи ахәҭа 4000 лаҵа 6,9 миллион мааҭ ҳәа иаахәан 2021 шықәса мшаԥымзазы. Даҽа 2500 лаҵа агәыҳалалратә цхыраара ҳәа Урыстәыла Аԥсныҟа иаанашьҭит.
Лаҵарамза алагамҭазы акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҟынтәи аԥшьбатәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт" ашәҟәы иҭаргалеит. Иара ауаҩытәыҩса 85% ихьчара алшоит.