Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы ирҳәеит ауаа ианрыдрымкыло амшқәа

Ацҳаражәҳәарҭаҿы ишазгәарҭаз ала аҭааҩцәа рыдкылара аамҭала иаанкылоуп аҿкы аламырҵәаразы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа иатәу Аконсултә ҟәша аҭааҩцәа аднакылаӡом жьҭаара 30 инаркны абҵара 7 рҟынӡа. Абри атәы аҳәоит Ацҳаражәҳәарҭа Facebook адаҟьаҿы.
Аконсултә ҟәша аркызаауеит Урыстәыла ахада жьҭаара 20 2021 шықәсазы инапы зҵаҩыз аепидемиа ацәқәырԥа ҿыц аиԥырҟьаразы аусԥҟа инақәыршәаны.
Урыстәыла ахада Владимир Путин жьҭаара 30 инаркны абҵара 7 рҟынӡа апандемиа иахҟьаны иԥсшьарамшқәаны рылаҳәаразы аусԥҟа инапы аҵаҩит.
Урыстәыла Жьҭаара 30 инаркны абҵара 7 рҟынӡа ԥсшьарамшқәаны ирылаҳәоуп