Аԥсны

Урыстәылатәи абанкқәа рыхсаалага зку АԤРА "World" ахь аԥара аиагара рылшоит

Амаҵзура ҿыц иалнаршоит Урыстәылатәи абанкқәа рыхсаалага зку аԥарашәаратә система "АԤРА" ахсаалагахь аԥара аиагара.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik. Амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" урыстәылатәи аԥарашәаратә система "Мир" АО "НСПК" имҩаԥыргеит ахсаалага "Мир" аҟынтәи ахсаалага АԤРА "World" ахь аԥара аиагараз амаҵзура аԥышәа гәаҭара. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Абанк асаит.
Иахьазы амаҵзура аларҵәара апроцесс хдыркәшоит имҩаԥысуеит инарҭбаау аусурақәа.
"АԤРА" аоперациақәа рхышәаҵышәа 10,5 миллиард мааҭ еиҳахеит ашықәс актәи азыбжазы
Уаанӡа Аԥсны Абанк адырра ҟанаҵахьан асистема "АԤРА" аҿы имҩаԥгоу аоперациақәа 2021 ашықәс азы 18,9 миллиард мааҭ дыртәеит ҳәа.
2021 шықәсазы ахсаалага АԤРА "World" аҳәаанырцә мҽхакы ҭбаала ахархәара аиуит: аԥаратә еикәыршара 51 миллион иартәеит, 2020 шықәса абри аамҭазтәи арбага 29 миллион ыҟоуп.
"АԤРА" аԥарашәаратә ҳа – хнызқь терминал ыҟоуп, атауарқәеи амаҵзурақәеи ахьырҭиуа аҭыԥқәа рҿы.