Аԥсны

30 000 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп

Иахьазы COVID-19 аҟынтә Аԥсны иҟарҵо алаҵа "Спутник Лайт" ауп, аха алаҵаҟаҵара акыр иԥсыҽны имҩаԥысуеит. Актәи алаҵаҟаҵара хацыркын лаҵара 10 азы. Усҟан ареспубликахь иааган "Спутник V" 6500 лаҵа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. 30 000 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп, ҳәа лҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лудмила Скорик аԥыза-министр Александр Анқәаб жьҭаара 27 азы имҩаԥигаз аилацәажәараҿы.
Скорик илҳәеит, Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь аилак Аԥсныҟа ишаанаго алаҵаҵәахырҭатә хьшәашәага ҷыда. Архьшәашәага аҭахуп аимҳәазгьы алаҵа ааргараны иахьыҟоу азы.
Жәамш рыҩнуҵҟа Аԥсныҟа аимҳәазы алаҵа ааргоит
Урыстәылатәи алаҵақәа "Спутник V", "Спутник Лайт" аимҳәазы алаҵа иацҟауҵар ҟалоит.
Аилацәажәараҿы аԥыза-министр Александр Анқәаб анапынҵа риҭеит, QR-код алагалара инадҳәаланы, COVID-19 аҟынтә алаҵа ззыҟаҵоу Аԥсны ауааԥсыра рсиа аԥҵазарц.
Аԥсны
Аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рырӷәӷәара иалацәажәеит Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы