АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Асабша жьҭаара 30 рзы асааҭ 10:00 инаркны 16:00 рҟынӡа фымцалашарада иаанхоит Очамчыра, Гәылрыԥшь араионқәа, Аҟәа араион мрагыларатәи ахәҭа, Аҟәа мрагыларатәи ахәҭеи агәи. Абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Ари аамҭазы авольтҳарак цәаҳәа-110 "Шешелети-1" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыслоит.
Убри инамаданы идырцәоит анаҩсантәи астанциа маҷқәа: "Очамчыра-а́хага", "Очамчыра-2", "Мықә", "Кәачара", "Аӡҩыбжьа", "Уарча", "Дранда", "Агәыӡера", "Синоп", "Баслаҭ", "Ҵабал", "ИЕПиТ".
"Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара арцәара аграфик шьақәнаргылеит жьҭаара 28 инаркны.
Уи азы аӡбамҭа рыдыркылеит авольтҳарак цәаҳәа-110 "Шешелети-1" ақәыӷәӷәара ҳаракы ахьамоу, аҭагылазаашьа бааԥс укылнагар ахьалшо азы.