Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагоит

© Sputnik / Акоп Кущян Свечка
Свечка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара амчхара азымхара иахҟьаны Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагоит, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Энергетические объекты Крыма - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Аԥсны
Аԥсны хәҭак аамҭа-аамҭала лашарада иаанхалоит афымцацәаҳәа иақәу аидара иахҟьаны
Афымца арцәара алагалоуп аҳауатә цәаҳәа "Шешелети-1" иақәу ақәыӷәӷәара ахьазышьҭымхуа иахҟьаны.
Лашарада иаанхоит Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа, иара убас Аҟәа ахәҭак. Арҭ араионқәа рҟны уаанӡа иалагалаз уахынла, ҩ-сааҭк алашара арцәара аграфик аԥыххоит.
Аграфик абас еихшоуп:
Асааҭ 17:00 инаркны 18:00 рҟынӡа- астанциа маҷ "Баслаҭа"
Асааҭ 18:00 инаркны 19:00 рҟынӡа- астанциа маҷ "ИЕПиТ"
Асааҭ 19:00 инаркны 20:00 рҟынӡа- астанциа маҷ "Синоп"
Асааҭ 20:00 инаркны 21:00 рҟынӡа- астанциа маҷқәа "Агәыӡера", "Уарча"
Асааҭ 21:00 инаркны 22:00 рҟынӡа- астанциа маҷқәа "Дранда", "Аӡҩыбжьа"
Асааҭ 22:00 инаркны 23:00 рҟынӡа- астанциа маҷқәа "Мықә", "Кәачара", "Очамчыра 2" (актәи ахәҭа 10кВ)
Асааҭ 23:00 инаркны 00:00 рҟынӡа- астанциа маҷқәа "Очамчыра-тџга", "Очамчыра 2" (аҩбатәи ахәҭа 10кВ)
Иазгәаҭоуп, алашара шдырцәало еиҳа афымцацәаҳәақәа ирықәу ақәыӷәӷәара ахьеиҳахаз араионқәа рҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0