Аԥсны

Аполитика хәымга иаҿахәхаз: Аԥсны иазгәарҭоит сталинтәи арепрессиақәа ирылаӡыз рымш

Жьҭаара 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рымш. Аԥснытәи Ассоциациа адыррақәа рыла, ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны ахара рыдҵан иҭархан быжьнызқьҩык рҟынӡа ауаа.
Sputnik
Аԥсуа жәлар ҳлахьынҵа еиҩызшаз, ҳажәлар агәаҟреи арыцҳареи иҭазыргылаз ашықәсқәа иреиуоуп 1930-1940-тәи ашықәсқәа. Усҟантәи аамҭазы Аԥсны аҳра руан ақырҭуа нацистцәа, Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика хәымга иадгылоз.
Зымҽхак ҭбааз аԥсуа жәлар ртрагедиа еиҳа мҽхакы ҭбаала иалагеит Нестор Лакоба данҭадырха ашьҭахь. Арепрессиа амҩаԥгаҩцәа хықәкыс ирымаз иқәыԥшыз ҳҳәынҭқарра аиҭарҿиареи аргылареи иаҿыз иналукааша аԥсуа политикцәа рықәхра мацара акәмызт, урҭ хықәкыс ирыман аԥсуа жәлар шьаҭанкыла рықәхра.
Арадио
Гәбаз: Нестор Лакоба иуаажәлар ишырҭахымыз ауп Қарҭҟа ицара шыҟалаз
Ажәлар харада ахара рыдҵаны, изхдырҟьо ҳәа акы ыҟамкәан рыҩнқәа ирыҩныганы иргон, уаҳа ҿааҳәыра рмоукәан ибжьадырӡуан. Уи аполитика иалаӡит аԥсуа ҵарауаа, аинтеллигенциа, амилаҭ ринтересқәа зыхьчоз, рҿахәы зҳәартә иҟаз рырӡра еиҳарак хықәкыс ирыман.
Аԥсны
"Атеррор афактқәа": харада ахара зыдҵаз ирызкыз аконференциа мҩаԥысит Аҟәа
"Ахара рыдҵаны идырӡуа иалагеит ажәлар ираԥхьагылоз, имшәоз, зыбжьы зыргоз, қарҭаа имҩаԥыргоз аполитика иаартны иаҿагылоз, аԥсуа культура, аԥсуа наука, изаҟаразаалак аԥсуа цәаҩа зхоу иадгылоз ауаа", - ҳәа иҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ Фарид Кобахьиа.
Амилаҭтә трагедиа иааннажьыз ахьаа иахьа уажәраанӡагьы ахы ҳнардыруеит.

Ҳабацәа, ҳанацәа зхысыз уахи-ҽни иансгәаламшәо ыҟаӡам. Аԥсуаа шьаҭанкыла рықәхра акәын абри ззырхаз. Унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз, хар змамыз ҳажәлар рхаҭарнакцәа харада ахара рыдырҵон. Ҳажәлар анықәыргоз егьырҭ амилаҭқәагьы иқәыргаз ыҟоуп, инаԥшуаз митәык аҵәы рыларымҵарц, аԥсуаа ықәганы ирзыжәуи ҳәа рымҳәарц.

Анатоли Ԥлиа
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз Аԥснытәи рассоциациа ахантәаҩы
Аполитикатә репрессиақәа раан иҭахаз рреабилитациа Асовет Еидгылаҿы иалагеит 1954 ш. рзы, Сталин иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь. 1960-тәи ашықәсқәа раан ари аус аанкылан, анаҩс иацҵахеит 1980-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы. Аҟәа ақалақь агәҭаны, Ажәанба имҩаду амшын аԥшаҳәа иаҿықәу асквер аҿы 2011 шықәса рзы иаартын аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ирызку абаҟа.
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз Аԥснытәи рассоциациа адыррақәа рыла, ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны ахара рыдҵан иҭархан быжьнызқьҩык рҟынӡа ауаа.
Наӡаӡа ахәышҭаара нрыжьит: Осман Гәынбеи иԥацәеи рҭоурых