Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Атеррор афактқәа": харада ахара зыдҵаз ирызкыз аконференциа мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Марианна Кубрава Научная конференция по книге Екатерины Бебия
Научная конференция по книге Екатерины Бебия - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2021
Анапаҵаҩра
Аполитикатә репрессиақәа ирыхҟьаны харада ибжьарӡыз рымш иазку апресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҟны.
АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Жьҭаара 29 рзы харада ибжьарӡу рымш аламҭалаз Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысит аҭҵаарадырратә конференциа "Атеррор афактқәа".
Аконференциаан иӡырган ажурналист, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Екатерина Бебиаԥҳа 1930-1940–тәи ашықәсқәа раан Сталини Бериеи рхааназтәи аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз лхаа ирызку лышәҟәы "Харада ахара зыдҵоу".
Аусмҩаԥгатә иалахәын ауаажәларратә усзуҩцәа, аҵарауаа, ажурналистцәа.
Аконференциа аартуа, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба иҳәеит ари аҩыза ашәҟәы аҭыжьра нырцәи-аарцәи еимаздо цҳаны ишыҟалаз, иаҳәо даара ишырацәоу, егьырҭ амилаҭқәа ҳҭоурых ҵабырг ахь рхьарԥшра акыр ишацхраауа атәы.
© Sputnik / Марианна Кубрава Арда Ашәба "Харада ахара зыдҵаз" захьӡу Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы аӡыргараан
Научная конференция по книге Екатерины Бебия - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2021
Арда Ашәба "Харада ахара зыдҵаз" захьӡу Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы аӡыргараан
"Иахьа ҳаизызгаз Екатерина Гьаргь-иԥҳа лышәҟәы нырцәи–аарцәи еимаздо цҳаны иҟалеит. Нырцә иҟоу рзы гәаларшәага ӡыхьны, аарцә иҟоу ҳзы шьаҭамырӡгоуп. Ашәҟәы автор иҭабуп ҳәа ласҳәоит лхаа дуқәа рҵеицәа рлахьынҵа, руасиаҭ, рҭоурых атәы зҳәо аԥҽыхақәа, ашьанҵа илҟәшәааны, еиԥшьны аԥхьаҩцәа иахьҳалҭаз", - ҳәа иҳәоит иқәгылараҟны Арда Ашәба.
Нестор Лакоба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2021
Зыԥсҭазаара қәԥараз: Нестор Лакоба диижьҭеи 128 шықәса ҵит
Ари аҩымҭа иагәылыҩуеит аԥсуа жәлар рхьааи ргәырҩеи ҳәа азгәарҭон аиԥылара иалахәыз. Уи аҟны ицәыргоуп уаанӡа уаҩы изымдыруаз, иимбацыз иуникалтәу архивтә документқәа.

30-тәи ашықәсқәа ирызкны иглобалтәу анаукатә усумҭа иахьа уажәраанӡа иҟамызт. Уи аҭҵаара лылшеит еицырдыруа аԥсуа журналист, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа. Уаҟа иагәылоу реизгара, рыҭҵаара ухы-угәы иалхны анаукатә усумҭахь аиагара автор лзыҳәаны иаҵоу ауадаҩрақәа еилкаауп, аха лара илылшеит зегьы.

Отар Дзидзария  - Sputnik Аҧсны
Оҭар Ӡиӡариа
афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ апрофессор
Ашәҟәы аӡыргара дсасны даҭан абаза, Ҟарачы–Черқьесиа Акультура аминистр Агирбов (Агрба) Зураб. Уи иҳәеит аԥсуа жәлар ирхыргахьоу ахьаа аҩыза, уи аполитикатә цәқәырԥа ацыԥхьқәа дара рыжәларгьы ишыркьысхьоу.
"Сара сзыҳәаны акраҵанакуеит иахьатәи аиԥылара аҽалархәра. Ҳашьцәа аԥсуаа ишәхыжәгахьоу агәырҩеи ахьааи ҳара ҳажәларгьы ибзианы ирдыруеит. 1943 шықәсазы Ҟарачы-Черқьесиа иқәынхоз ажәлар зегьы арепрессиа рызун, иахыган. Жәашықәса, 1953 шықәсанӡа, атәым дгьыл иқәынхон. Ҳажәларқәа знысыз рҭоурых ҵабырг атәым милаҭ ирбарц, иаԥхьарц аҭагылазаашьа ахьрышәҭаз даараӡа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Еиҳарак ҳара ҳабиԥара рзыҳәаны уи хадароуп, ҳабдуцәа, ҳабацәа ргәалашәара змырӡуа аҿар роуп", - ҳәа иҳәоит иқәгылараҟны Зураб Агирбов.
© Sputnik / Марианна Кубрава Зураб Агирбов "Харада ахара зыдҵаз" захьӡу Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы аӡыргараан
Научная конференция по книге Екатерины Бебия - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2021
Зураб Агирбов "Харада ахара зыдҵаз" захьӡу Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы аӡыргараан
Аиԥылара хыркәшо, ашәҟәы автор Екатерина Бебиаԥҳа еизаз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.
"Даараӡа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иахьа имҩахыҵыз зегьы. Ашәҟәы аҭыҵра ажәлар, еиҳарак Лыхны иқәынхо убас ирыдыркылеит, рхы-ргәы аҟынӡа инаргеит. Абри аҩыза ахыԥша зауз сышәҟәы сыԥсҭазаараҟны иҟамлацызт, сара уи аҩыза сазыԥшымызт. Ашәҟәы аус адулараан, сусура ауада саныҩнысуаз, "ҳаи, рыгәнаҳа шәықәшәааит, ишԥаншәырҵәеи" ҳәа анысҳәоз рацәан, сылаӷырӡ сзынкыломзт. Аӡәы иҭоурых ҩны салгацыԥхьаӡа, абри аԥсҭазаарахь исырхынҳәуазшәа агәаанагара сызцәырҵуан", - ҳәа лҳәоит ашәҟәы автор Екатерина Бебиаԥҳа.
© Sputnik / Марианна Кубрава Екатерина Бебиаԥҳа
Научная конференция по книге Екатерины Бебия - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2021
Екатерина Бебиаԥҳа
Еизаз зегьы рықәгылараҟны иазгәарҭоз акакәын - ас еиԥш аҭоурыхтә шәҟәқәа рҭыҵра аԥсуа жәлар ҳзыҳәаны аҵакы ӷәӷәа змоу, ҭоурыхтә баҟаны наунагӡа ишаанхо, ҳзыниахьоу ҳхьааи, ҳаԥсадгьыли, ҳажәлари ргәынқьбжьы адунеи ахы-аҵыхәа адырҳара ишауасхыру атәы.
© Sputnik / Марианна Кубрава Анатоли Ԥлиа "Харада ахара зыдҵоу" захьӡу Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы аӡыргараан
Научная конференция по книге Екатерины Бебия - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2021
Анатоли Ԥлиа "Харада ахара зыдҵоу" захьӡу Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы аӡыргараан
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз Аԥснытәи Рассоциациа адыррақәа рыла, ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика иахҟьаны Аԥсны харада ахара рыдҵан иҭархан быжь-нызқьҩык рҟынӡа ауаа.
Еиҳа мҽхакы ҭбаала аҭакрақәеи арӡрақәеи ирылагеит ԥхынгәымза 1937 шықәса рзы, Аԥсны асоветтә ҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Лакоба даныршь ашьҭахь. Шықәсык маҷк инацны иалагӡаны иҭаркит ҩ-нызқьи 186-ҩык, 748-ҩык реихсны иршьит, хабарда ибжьадырӡит 377-ҩык. Абарҭ рҩызцәа адыррақәа аагоуп аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Станислав Лакоба ишәҟәы "Большой террор в Абхазии (Абхазская АССР): 1937-1938 годы" аҩбатәи атом аҿы.
Анатолий Пилия - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2018
Арадио
Ԥлыиа: арепрессиақәа раан аԥсуаа шьаҭанкыла рықәхра иашьҭан
Ажәабжьқәа зегьы
0