Наӡаӡа ахәышҭаара нрыжьит: Осман Гәынбеи иԥацәеи рҭоурых

© Foto / предоставила Хана Гунба Қшьышьи Џьаҭмеи Гәынаа
Қшьышьи Џьаҭмеи Гәынаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Анапаҵаҩра
1937-тәи ашықәсқәа раан Сталини Бериеи рполитика иалаӡыз Аҷандара ақыҭан унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз Осман Гәынба иҭаацәа рҭоурых дазааҭгылоит Саида Жьиԥҳа.

Сталини Бериеи жәашықәсала имҩаԥыргоз аполитика хәашь ахьаа ду рзаанагеит ажәларқәа жәпакы. Аха амилаҭ маҷқәа уи акалашәа ирнырит. Ҭаацәарак аҟнытә хҩы-ԥшьы иара зегьы дәылгангьы, ҿааҳәыра рмоукәа иандырӡоз ыҟан.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Иахьа ишәзеиҭасҳәо ажәабжь аахыс 80 шықәса инеиҳаны ишҵхьоугьы, рӷьашьа змам хәраны рыгәқәа ирнуп урҭ аамҭақәа ирхәаҽыз, Аҷандара ақыҭан унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз Осман Гәынбеи хҩык иԥацәеи ирхылҵшьҭроу. Ари аҭаацәаратә ҭоурых дазааҭгылеит амаҭа Хана Гәынԥҳа.

Осман Уадамыр-иԥа Гәынбеи инасыԥхаз Мадина Арындԥҳаи быжьҩык ахшара рааӡеит, ԥшьҩык аԥацәеи хҩык аԥҳацәеи. Ахәыҷқәа ианрызҳа еиҟарауааны аб иааивагылеит. Иҷкәынцәеи иареи Аҷандара ақыҭа ианалсуаз, рҽышьҭыбжь заҳауаз "Осман иԥацәеи иареи аауеит" рҳәон. Зыжәҩахыр еибыҭаз аҭаацәа насыԥ рыман. Рынхара рынҵыра уаҩ деилаҳаратәы иҟан.

30-тәи ашықәс хьанҭақәа ранҵәамҭазы ари агәараҭа "аԥҭа еиқәаҵәа" ахаԥеит. Османи иҷкәынцәа Қшьышьи, Џьаҭмеи, Амтони ырбаандаҩны наӡаӡа рхәышҭаарамца иахыганы иргоит.

© Foto / предоставила Хана Гунба Осман Уадамыр-ип,а Гәынба
Наӡаӡа ахәышҭаара нрыжьит: Осман Гәынбеи иԥацәеи рҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Осман Уадамыр-ип,а Гәынба

"Осман, сара сабду иаб иакәын. Сабду Амтон ихьӡын. Арепрессиатә шықәсқәа раан аби аԥацәеи зыхдырҟьаз Осман ианшьа иԥа Камыгә Ахьиба иоуп. Иара аҵара иман, арра маҵура ныҟәигон. Камыгә ахара идҵаны ишьҭашәарацо ианалага, абна дылалеит, дыбрагьхеит. Уахынла иаҳәшьаԥа Осман Гәынба иҟны дыԥхьоит ҳәа заҳаз ацәгьаҳәаҩцәа НКВД ахь адырра ҟарҵеит. Уи нахыс Гәынаа ргәараҭа илашьцеит", - ажәабжь еиҭалҳәоит Хана Гәынԥҳа.

Раԥхьа аҭакра зқәырҵаз Осман ихшара Қшьышьи, Џьаҭмеи, Амтони роуп. Дара уи аамҭазы иҭаацәаран. Қшьышь хҩык аҷкәынцәеи аԥҳаи драбын, Џьаҭма ӡӷаб хәыҷык диман, Амтон иԥшәмаԥҳәыс лцәалтәымкәа дыҟан.

© Foto / предоставила Хана Гунба Џьаҭмеи Амтони Гәынаа
Наӡаӡа ахәышҭаара нрыжьит: Осман Гәынбеи иԥацәеи рҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Џьаҭмеи Амтони Гәынаа

"Сабду аԥа даниоу, хымз рышьҭахь азин ирҭеит ахәыҷы ибаразы. Адуцәа изларҳәо ала, Амтон агара днахагылан "уаҳа усымбрагьы уара убзиахааит" иҳәеит", - лажәа иацылҵоит амаҭа.

Осман Гәынбеи Мадина Арындԥҳаи рыҷкәынцәа хынҳәуеит ҳәа агәыӷра рыман, абыргцәа рхахьы ирзаагомызт урҭ наӡаӡа ари агәараҭа нрыжьит ҳәа.

Письмо пером  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Агәыӷра зцыз асалам шәҟәы: арепрессиақәа ирылаӡыз Амтон Хагәышь иҟәырҷаха

НКВД анапхгара Гәынаа рҭаацәара аҟнытә ахара здырҵаз рзымхакәа, аб Осман ирбаандаҩразы иаауоит. Абырг аигәышә иманы абаҳча дышҭаз, "ҳуацәажәароуп" ҳәа дрыманы ицоит имаҭәа аиҭакра имҭақәа. Ус ажәцәеимаа шишьаз, ибӷа ауапа нақәиршәит ауп. Сааиуеит ҳәа иикыз аигәышә ахьаирсаз ус инхеит…

Аамҭак ашьҭахь, аҭаацәа адырра роуит Осман иԥацәеи иареи Баҭым иҭакуп ҳәа. Машәыршәа арепрессиақәа ирцәынхаз аҷкәынцәа иреиҵбаз Ҭагәаџь усҟан 16 шықәса ракәын иихыҵуаз. Арԥыс Аҟәа атеатралтә ҵараиураҭа дҭан. Аҩнаҭа хаҵаҵас иахагылаз уажәшьҭа иара иакәхеит. Лассы-лассы абахҭа иҭакыз иаби иашьцәеи рхәы иманы Қарҭҟа дцон, аха изырбодаз.

Ҭагәаџь иани иаҳәшьцәеи рнаҩс иашьцәа рыхшара рзгьы аҭакԥхықәра идын.

"Ишысҳәахьаз еиԥш саб хымз ракәын ихыҵуаз сабду аҵыхәтәаны аҩнынтә данырга. Ҭагәаџь иашьцәа рхәыҷқәа убриаҟара инапы рыдкыланы ргәы иамыргакәа иааӡеит, ихатәы хшара аныҟалагьы еилых ҟаиҵомызт. Анаҩс урҭ ирхылҵыз, саргьы сналаҵаны ҳабду ҳәа иаҳдыруаз иара иакәын. Знызаҵәыкгьы иаҳнырратә иҟамлеит имаҭацәа гәакьацәа еиҳа бзиа ибоит ҳәа", - азгәалҭоит Хана Гәынԥҳа.

День памяти жертв политических репрессий  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2022
Ииаҭымхаз абиԥарак: 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз аишьцәа Шармаҭаа рҭоурых

Ҭагәаџь Гәынба иԥсҭазаара далҵаанӡа ныҳәацԥхьаӡа игәараҭаҟны еизоз ихшареи, имаҭацәеи, иашьцәа рхылҵшьҭреи аишәа ду иадыртәаланы рҭаацәаратә ҭоурых анырзеиҭаимҳәоз ыҟамызт. Иахьа абиԥара ҿыц ирымоу агәыбылреи аҭаацәаратә ҭоурых аиҷаҳареи иара иоуп ирылазааӡаз.

"Ҳабду Ҭагәаџь абриаҟара агәаҟрақәа шихигазгьы аԥсҭазаара бзиа ибон, длафҳәаҩын, аха аҟазшьа џьбарагьы иман. Хаҭала сара сзы аиацәажәара насыԥын. Аҷандараҟа санцалоз, зны-зынла данысымбалак, дахьысԥшааша аҭыԥ здыруан. Абаҳча инацәыхарамкәа иҟаз ажәытә ҳаҭгәынқәа рзааигәара аҟәардә дықәтәаны амҩахь дыԥшуан. Снеины саниватәалак "санқәыԥшыз, сашьцәа аауазар збоит ҳәа абра стәалон, ус уи ашьцылара сзынхеит" иҳәон. Ахаан сгәы иҭыҵуам ҿымҭӡакәа ахәшҭаара данҿҳәатәаз "еҳ" ҳәа ихылҵуаз агәынқьбжьы. Уи убриаҟара игәыҭшьааган, иҩнуҵҟатәи ахьаақәа зегьы дыргамуан "зегь бзиоуп" ҳәа шиҳәозгьы", - аҭоурых еиҭалҳәоит Хана Гәынԥҳа.

Османи, Қшьышьи, Џьаҭмеи, Амтони ҭахеит ҳәа аӡәгьы ихахьы иааигомызт азы рыхьӡала ацәашьы былӡамызт. Убри аҟнытә Ҭагәаџь имаҭацәа ианрызҳа, есқьынагьы иажәа иалеиҵон мышкызны идунеи аниԥсахлак иаби иашьцәеи рыхьӡалагьы аԥсаҭатә ҟарҵарц, ирзеиԥшны еинырхарц. Ус иагьыҟарҵеит.

Хынтрыгу Ажиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2020
Даныршь ашьҭахь ахара иқәырхит: Хынтрыгә Ажьиба ихҭысыз

Еиҵагылаз Гәынаа рабиԥара ҿа ирымоу адыррала, Осман иԥацәеи иареи еибадмырбаӡеит. Аб ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит. Аишьцәа Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аналага афронт ахь иршьҭызар ауеит аҩныҟа рымаашьа ала.

"Аамҭак ашьҭахь, аҭакра зқәыз, аха еибганы ихынҳәыз Ҭагәаџь иабхәандахаз Бас Ҭраԥшь ила Осман изы ажәақәак еилкаахеит. Абырг акамера дахьҭакыз иуапа шкәакәа каршәны "Ажәеиԥшьаа рашәа" наигӡон. Уи ала агәхьаагара иҟажон. Бас аҩныҟа данаауаз, ҟәырҷахак еиԥш Амтон ихылԥа ааигазаап. Иахьынӡаҳдыруа урҭ Баҭым еиқәшәеит", - аҭоурых иацылҵоит амаҭа.

© Foto / из архива семьи Гунба Ҭагәаџь Гәынба
Наӡаӡа ахәышҭаара нрыжьит: Осман Гәынбеи иԥацәеи рҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Ҭагәаџь Гәынба

Ҭагәаџь Гәынба иԥсы ахьынӡаҭаз иаби иашьцәеи ирхыргаз атәы лассы-лассы еиҭеиҳәозтгьы, 81 шықәса ирҭагылоу Хана лаб Владимир Гәынба, ихәыҷра зырхәашьыз аҭоурых алацәажәара бзиа ибаӡом, аха иҵаулаӡаны игәы иҭаҵәахуп. Анцәа иџьшьаны аиҳабацәа рҿахәы зҳәо аҿар ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0