Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәбаз: Нестор Лакоба иуаажәлар ишырҭахымыз ауп Қарҭҟа ицара шыҟалаз

© Sputnik / Томас ТхайцукЭдуард Губаз
Эдуард Губаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа политикатә усзуҩ, зыжәлар ирԥызаз Нестор Лакоба иҵыхәтәантәихаз Қарҭҟа ицара атәы далацәажәеит арадио Sputnik аҟны Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз. Аҵарауаҩ иабду Басиаҭ Барцыц игәараҭахь Нестор Лакоба асасцәа иманы лассы-ласс днеилон.
Гәбаз: Лакоба иуаажәлар ишырҭахымыз ауп Қарҭҟа ицара шыҟалаз

"Лакоба уахь ицара рҭахымызт.Бериа агьангьашра илаз изыҵәахуамызт. Даара аҳәара ҟарҵеит, сабдугьы Лакоба умцан ҳәа диҳәеит, аха иҭахы иҭахым дымцар ҟамлеит. Анаҩс дзықәдыршәаз зегьы ирдыруа ауп. Бериа ибон Лакоба Сталин дшыизааигәаз, уи игәра шыигоз. Аҭоурых аҟынтәигьы идыруп аколлективизациа аныҟарҵоз Урыстәыла ирласны иддырҟаҵеит, ауаа агәаҟрақәа ирықәдыршәеит, иҭахаз рацәоуп. Аԥсны акәзар, асовет ҳәынҭқарра ду аҟны, зегь рашьҭахь ауп аколнхарақәа анышьақәгыла. Уи зыбзоуроу Лакоба иоуп. Бериа  амаҵура дуқәа ааникылоахьан усҟан, Лакоба  иусура апартиа аганахьала ииашам ҳәа дицклаԥшуан, Сталин иареи ргәеихыршәара дашьҭан, лахь ииҭартәгьы иҟалеит зны. Аха анаҩс Сталин статиак аҟны ииҩит Лакоба аамҭакы инеигазаргьы иманшәаланы аколнхара еиқәиршәеит ҳәа. Бериа есымша дшьыцигон Лакоба, иара Лакоба ила ауп Бериеи Сталини реизааигәара шыҟалаз", —  иҳәеит Гәбаз.

Аԥсуа политик, зыжәлар рхақәиҭра иазықәԥаҩыз Нестор Лакоба Қарҭ дҭадырхеит ԥхынҷкәын 28, 1936 шықәсазы. Акомпартиа Қырҭтәыла ацентртә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩ Лавренти Бериеи иареи реимак-аиҿак анаҩс Лакоба ааԥхьара иоуит Бериа иҭаацәа рахь. Ауха ихәы дызгаша ахәшә алаҵаны ирҭеит.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0