Иахьа ҳаԥсуа культуратә доуҳатә рҿиамҭақәа уаҵәы игыло аҿар дырҵаразы, деилыркааразы иааҟәымҵӡакәа аус улатәуп. Избанзар уаҵәы игыло аҿар рааӡараҿы, урҭ рхатәы бызшәала ихәыцуа, рҭоурых рдыруа, раԥсуа традициақәа ирцәымҩашьауа ирызҳаразы есымша рыжәлар ирылагылазароуп, урҭи дареи аимадара бзиа рымазароуп.
Дырмит Гәлиа илшозгьы илымшозгьы ҟаиҵеит аԥсуа хәыҷқәа рымҩа аатырц, илашарц, егьырҭ амилаҭ дуқәа ирыҵамхарц, рҿахәы рҳәарц. Ирзаԥиҵеит аҩыра, ицәыригеит рҭоурых, иҭижьит раԥхьаӡатәи ашәҟәы, агазеҭ, иааиртит атеатр, аҭыҵра иалагартә иҟаиҵеит ажурналқәа, ашәҟәқәа, иааиртит аԥсуа школқәа, иҩит рпрограммақәа, ианиҵеит зеиӷь ҭам рфольклор… Ус шаҟа, аӡәы ихала шаҟа илшазеи аинтеллигенциа ааӡаны иваиргылаанӡа…
Уажәшьҭа иуҳәар ауеит, иара инапала ииааӡаз роуп абжеиҳараҩык ҳаԥсуа доуҳатә культура еиқәзырхаз, изырҿиаз ҳәа. Аха убри зегьы иацҵатәын, ирҿиатәын, еизырҳатәын, уи анцәа иҟынтә ирылшеит ашьҭахь иааиуаз абиԥарақәа.
Аха ишԥаҟоу иахьа, иахьатәи абиԥара ҿа ирзышьҭыхуама, ирзынагӡома Гәлиа зшьапы икыз, нас уи ишьҭахь иааиуаз, еиҵагылаз аҿар инарыгӡаз, изыхьӡаз аус ԥшьа, ҳаԥсуа жәлар рдоуҳатә культура дуӡӡа аиқәырхара, ҳбызшәа арҿиара, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа Аԥсны инхо зегьы алацәажәартә аҟаҵара?!
Изааӡари, абри аус аҿы даара аиҵахарақәа ҳамоуп, ҳшеиқәгәыӷуаз, аамҭа рацәаны иҳацәцеит, ҳҿар аӡәырҩык рбызшәа иацәыхьшәашәахеит, мчыла дырҵара, ма ирԥхашьан разаагара ҳаҿуп, аха убригь лыҵшәа дук аманы иҟамлеит. Нас абри азҵаара ишԥахәаԥшуеи ҳаԥсуа интеллигенциа есымшагьы уи азҵааразы раԥхьа игылаз ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа, еиҿыркаауеи ҳҿар рбызшәа амырӡразы, рылааӡаразы?
Сара сгәы излаанаго ала, ҳашәҟәыҩҩцәа ирылшо акы агрыжьуам уи аус ԥшьа. Еиҿыркаауеит аҿари дареи реиԥыларақәа, ирымоуп раионцыԥхьаӡа алитературатә кружокқәа, ирԥылоит аҿар, ахәыҷқәа, иҭрыжьуеит рҩымҭақәа, иалыркаауеит еиӷьны иаԥхьаз, рыхьӡқәа ӡырыргоит агазеҭқәа рҿы, ажурналқәа рҿы, ателехәаԥшреи арадиои рҿы, ирырҭоит зҽалызкааз еиуеиԥшым аҳамҭақәа.
Абар уажә ааигәа еиҿыркааз аконкурс аԥҟарақәа ирҳәо:
"Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла онлаин-конкурс рыланаҳәоит Аԥсны иахьаҵанакуа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыхьӡқәа зху амҩақәа, ашколқәа, аԥсшьарҭақәа, акультуратә хәышҭаарақәа еилкааны рсиа ашьақәыргыларазы. Аконкурс хықәкыс иамоуп аҿар амилаҭтә культура рылааӡара, ахатәы бызшәеи адоуҳатә баҟақәеи рыгәцаракра, рҵакы ҳаҭыр ақәҵара. Аконкурс рҽаладырхәыр рылшоит аҵараиурҭақәа ирҭоу 15 шықәса инаркны 25 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҿар. Иҟашәҵо асиа аашәышьҭла Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аелектронтә ԥошьҭа ашҟа: Kamachich@yandex.ru. Аконкурс ҿҳәарас иамоуп 2021 ш. сентиабр 15 инаркны декабр 15 рзынӡа. Аконкурс аихшьалақәа рылаҳәахоит ианхыркәшахалак нахыс жәамш ирхымгакәа. Аконкурс аԥҟарақәа: ажиури ахәаԥшраан иалкаахоит хыԥхьаӡарала еиҳаны, насгьы ииашаны ахьыӡқәа шьақәзыргылаз хҩык. Урҭ рахьтә досу шаҟа бжьы иоуз ала еилыргахоит иааникылаз аҭыԥ. Иаазышьҭуа ихьӡ, ижәла, дахьынхо, аҵара ахьиҵо (иахьылҵо) арбазароуп. Иалкаахаз ирыҭахоит адипломқәеи аҳамҭақәеи. Ажиури аилазаара иалоу хшыҩзышьҭра зырҭо иреиуоуп:
ашәҟәыҩҩцәа рыхьӡ зху амҩақәа, ашколқәа, аԥсшьарҭақәа, акультуратә хәышҭаарақәа хаз-хазы еихшаны рсиақәа рышьақәыргылара (аԥсышәала);
ашәҟәыҩҩы ихьӡ зху ахаҭа ахьӡ ииашаны анҵара (иалшозар, ихьӡ анахҵоу арыцхә арбара), насгьы иахьыҟоу ақалақь, араион, ақыҭа азгәаҭара".
Ари аҵыхәтәантәи аконкурс ауп, уи аԥхьагьы еиҿкаан усеиԥш иҟаз аицлабрақәа маҷымкәа.
Уи аганахьала ҳаизыӡыҩрып Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу:
"Ҵабыргны, ииасыз ашықәс акырӡа ауадаҩрақәа ацын. Адунеи зегьы зымҽхазкыз ачымазара ҿкы Аԥснынӡагьы иааӡеит. Зекономикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәаламыз ҳтәылазы, еиҳагьы апроблемақәа цәырнагеит, ачымазцәа рыхәшәтәра агәцаракразы ахарџьқәагьы маҷымкәа иақәырӡтәхеит. Иахьа уажәраанӡагьы аҭагылазаашьа рацәак уеигәырӷьартә иҟам. Абарҭқәа зегьы, хымԥада, адоуҳатә культура даараӡа ианыԥшит, амилаҭтә литература аҿиара убрахь иналаҵаны. Аԥсуа литераторцәа ргәыӷра мырӡуа, аханатә еиԥш, рус нарыгӡон, иҭыҵуан ашәҟәқәеи, ажурналқәеи, агазеҭқәеи. Ииашоуп, ахарџьқәа рганахьала аиҵахарақәа ыҟан, иҟоуп изҭымҵыз ашәҟәқәа. Егьа ус акәзаргьы, аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит, ицәырҵуеит аҩымҭа ҿыцқәа, ахьӡ ҿыцқәа".
Изӡатәузеи, аԥсҭазаара аганқәа зегьы рҟнеиԥш, ахатәы бызшәа аиқәырхареи арҿиареи иацхраауа алитература амаҵ азызуагьы, ҳарҿиаратә хеидкыла аусурагьы маҷк ршьара иқәнарҟьеит. Иазгәаҭаз аусмҩаԥгатәқәа рахьтә иҟоуп инагӡамкәа иаанхаз. Аха аԥхьа игылоуп ауаҩытәыҩса игәабзиара, ҳажәлар ргәабзиара ахьчара, ачымазара ҿкы рацәыхьчара, уи зхьысуагьы рыхәшәтәра. Ари аус аҟны, уаанӡеиԥш, уажәынахысгьы аҽеиҿкаара аҭахуп, иахәҭоу аԥҟарақәа рықәныҟәаразы, уи ала – ичмазаҩхауа рхыԥхьаӡара аиҵатәразы.
Ҳмилаҭтә литературазы ихҭыс духеит 2020 шықәсазы еицырдыруа апоет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы Платон Бебиа Аԥсны жәлар рпоет ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахьихырҵаз, апоет Денис Чачхалиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ахьианашьахаз, Ф. Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи апремиа (Москва) ахьианашьахаз Витали Шариа.
Алитературатә ԥсҭазаараҿы ихадараны иалукааша иреиуоуп Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахатә саит (аԥсышәалеи урысшәалеи) 2020 шықәсазы аартреи иҭышәынтәаланы аусуреи. Уи иалнаршоит алитературатә процесс аӡыргара, ҳжурналқәеи ҳгазеҭқәеи инарҭбааны рыларҵәара.
Ачымазара ҿкы иахҟьаны иазԥхьагәаҭаны иҳамаз аусмҩаԥгатәқәа рыхәҭак ҳзынамыгӡазаргьы, ҳзыхьӡаз ҟәнаҳшьо иҟаӡам. Акьыԥхьи ателехәаԥшратә каналқәеи рыла лассы-лассы аԥхьаҩцәеи ахәаԥшцәеи рҟынӡа инаагон еиуеиԥшым ахҭысқәа, аиубилеиқәа, аконкурсқәа уҳәа.
Иазгәаҳҭеит ашәҟәыҩҩы Алықьса Џьениа диижьҭеи 85 ш. аҵра, имҩаԥган апоет, ауаажәларратә усзуҩы Борис Гәыргәлиа диижьҭеи 80 ш. аҵра иазкыз аиубилеитә хәылԥазы. Ҳашәҟәыҩҩцәа Платон Бебиа, Руслан Қапба, Денис Чачхалиа, Лариса Макачаа, Маҳинур Папба, Зураб Џьапуа, Даур Наҷҟьебиа риубилеиқәа инарымаданы акьыԥхьи ателехәаԥшреи рҟны рырҿиара иалацәажәан.
Раԥхьаӡа акәны, аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа ҿырҳәала рыԥхьаразы аҿар рыҩнуҵҟа онлаин-конкурс еиҿкаан. Иалкаахаз актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҩаӡара адипломқәа ранашьан аҳамҭақәа рыцҵаны. Уи азҿлымҳара бзиа аманы имҩаԥысит. Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа хықәкыс ирымоуп аҿар рхатәы бызшәеи алитературеи ргәыбылра рылааӡара, рмилаҭ хдырра аизырҳара, иаԥсоу абиԥарақәа реиҵааӡара.
Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭаз Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ирыланаҳәеит онлаин-конкурсқәа ҩба. Ари аформат ҿыц аԥеиԥш бзиа шамоу ҳнарбеит ҵыԥх раԥхьаӡа имҩаԥаагаз ала. Сынтәа ирылаҳҳәаз аконкурсқәа ҩба - М. Лакрбеи И. Ҭарбеи риубилеиқәа ирыдҳәалоуп. Урҭ рҩымҭақәа ҿырҳәала рыԥхьара иазкуп (аԥҟарақәа акьыԥхь иануп, еиуеиԥшым асаитқәа рҟны иҟоуп, аԥсуа телехәаԥшреи арадиои рыла ирылаҳәоуп). Збаҩхатәра аазырԥшуа аҿар ҳарзыԥшуп.
Ҳаԥхьаҟагьы ҳусура ахырхарҭа хадақәа ируакуп ашколхәыҷқәеи астудентцәеи аус рыдулара, абаҩхатәра злоу аҿар ралԥшаара, алитературахь рымҩа аартра, рӡыргара. Аимадара бзиа ҳабжьоуп ашколқәеи, иреиҳау ҳҵараиурҭақәеи, абиблиотекақәеи ҳареи. Уи ҳусура акырӡа иарманшәалоит, иацхраауеит. Ари атрадициа иацҵалатәуп, избан акәзар изызҳауа ауаҩы ихаҭара ашьақәгылараан даараӡа ицхыраагӡоуп доуҳала дбеианы иааӡараҿы, иаԥсуара аиқәырхараҿы, имилаҭтә хаҿра амырӡразы. Аҿар рзы ицхыраагӡа бзиоуп ҳәа ҳахәаԥшуеит ҳсаит аусура иахьалагаз. Уи зхы иазырхәо ирылшоит аԥсуа литературеи ҳашәҟәыҩҩцәа рырҿиареи ирызку аилкаара.
Асаит инаҷыданы ҵыԥх аусура иалагеит иара убас Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иатәу асоциалтә ҳа Facebook аҟны адаҟьа ҷыда. Уи ахархәаҩцәа ирыднагалоит алитература аҿиара апроцесс иадҳәалоу ажәабжьқәа. Ишдыру еиԥш, асахьаркыратә литература аиҭагара (аԥхьаӡа иргыланы аурыс бызшәа ахь) аус аҟны аиҵахарақәа ыҟоуп. Уи ахҟьоит ахарџьқәа рацәаны иахьацу. Ҩажәиактәи ашәышықәсазгьы ҳлитература иаланагалоит аҩымҭа бзиақәа. Урҭ ишьақәдырӷәӷәоит, егьа ауадаҩрақәа ахнагазаргьы, ҳлитература аҿиара амҩа ишану, уи апроцесс еиԥҟьара шақәым.
Ҳәарада, аурыс ԥхьаҩ дзызҿлымҳахаша, идикылаша аҩымҭақәа маҷым, аха реиҭагараҿы аԥынгылақәа цәырҵуеит. Убри аҟнытә анҭыҵ иӡыргамкәа иаанхоит.
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахадараҿы иазыӡбан аиҭагара аус мҩак азылхра. Раԥхьатәи шьаҿаны иҟалеит цәаҳәа-цәаҳәала (ҵакыла) аиҭагаразы ахәқәа рышьақәыргылара (аҩымҭа абасала ианхиахалак ауп ззанааҭ иазҟазоу аиҭагаҩ инагӡаны ианеиҭеиго). Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҟны иаԥҵоуп цәаҳәа-цәаҳәала аиҭагара аиҿкааразы агәыԥ, анапхгаҩгьы далхуп, иара убас аҩымҭақәа аналԥшаахалак (уажәазы апоезиеи ажәабжьқәеи), аиҭагара ахшәаатәқәагьы ԥшаатәхоит. Араҟа апроблема шцәырҵуагьы, сгәы иаанагоит мҩақәак азыԥшаахап ҳәа. Маҷ-маҷ ари аус хацырктәуп, избанзар аиҭагара аусхк ҿыцәаар ауеит. Ажәытә иҟаз атрадициа ҳазыхынҳәроуп, даҽа мҩак ҳамаӡам.
Ачымазара ҿкы иахҟьаны ҳтәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа, ҳәарада, алитературатә ԥсҭазаара ианымԥшыр ауамызт. Ашәҟәыҩҩцәеи аԥхьаҩцәеи зеиқәшәомызт, алитературатә хәылԥазқәа, астол гьежьқәа, аӡыргарақәа ҳзымҩаԥгомызт, аиубилеитә рыцхәқәа зегьыҵәҟьа разгәаҭара залыршамхеит. Убас имаҷӡам аамҭала иаанкылаз. Ари зегьы алитературатә, арҿиаратә ԥсҭазаара хьысҳанатәуеит. Егьа ус акәзаргьы, ашәҟәыҩҩцәа аҩымҭа ҿыцқәа аԥырҵоит, алитература ахаҭа аҿиара амҩа иануп, иҵхәраа инеиуа аӡыхь ҿаҳәаӡам.
Иазгәаҭатәуп иара убас ҵыԥх Аԥсны дшаҭааз Фазиль Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи апремиа аиҿкааратә хеилак ахантәаҩы, аурыс ПЕН-Центр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Борис Евсеев, уи дицын Москва инхо аԥсуа шәҟәыҩҩы Владимир Делба. Иара Ф. Искандер дахьиз, дахьааӡаз атәыла абара дазхьуан, уи алитературатә ԥсҭазаара дазҿлымҳан. Уи ашықәсан еиуеиԥшым аиԥыларақәа мҩаԥысит. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи асаси хазы реиқәшәара еиҿкаан.
Астол гьежь аҟны азҵаара цәыраагеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Ф. Искандер ипремиа аиуразы рҩымҭақәа рықәыргыларазы алшара роурц, избан акәзар, аԥҟара излаҳәо ала, уи иаладырхәуа урысшәала иаԥҵоу роуп. Хара имгакәа Москвантә ҳгәы иахәашаз ажәабжь ҳзааит. Иҳауз ашәҟәы иаҳәон аԥсышәала, иара убас Ихьыԥшым Атәылақәа Реимабзиара атәылақәа рҟнытә еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҩу арҿиамҭақәа реиҭагақәа шаладырхәуа аноминациақәа руак аҟны. Ари ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа реиҭагақәа рыла алахәхара азин рнаҭоит, еихьӡара бзиангьы ҳахәаԥшуеит ҳмилаҭтә литература аӡыргараҿы.
Асеминарқәа, ахәылԥазқәа, аконкурсқәа, аӡыргарақәа, астол гьежьқәа алитература аӡыргареи, адоуҳатә культура аизырҳареи аҿар ашәҟәы аԥхьара иазхьанарԥшуеит, рыԥсадгьыл абзиабара рыланааӡоит, ахатәы бызшәа аиқәырхаразы ицхыраагӡоуп, аԥеиԥш лаша ауасхыр арӷәӷәоит. Ара зегьы ҳамчқәа еицҳархыраароуп иаԥсоу абиԥарақәа реиҵагыларазы.
Традициала ишьақәгылахьоу аусмҩаԥгатәқәеи аԥшьгамҭа ҿыцқәеи рӡыргаразы, ауаажәларра раларҵәаразы, акьыԥхьи ателехәаԥшреи реиԥш, урҭ инарываргыланы ахархәара ырҭбаатәуп ҳәа сгәы иаанагоит аинтернет, еиуеиԥшым егьырҭ асоциалтә ҳақәа. Усҟан аки-аки хеибарҭәаалоит. Ателехәаԥшраҿы акәзар, иҟаҵоу шмаҷымгьы, ахаҵгылара шамоугьы, ҳлитература аҿиара апроцесси, алитературатә ԥсҭазаареи, ҿыц иҭыҵуа ашәҟәқәа рыхҳәаақәеи уҳәа ирызкны ателедырраҭарақәа реиҿкаара аус еиҵыхтәуп ҳәа ҳахәаԥшуеит. Ари ахатәы бызшәа аиқәырхареи арҿиареи русгьы иацхраауеит.
Зыԥсҭазаара иалҵхьоу ашәҟәыҩҩцәа Никәала Ҳашыги Џьота Тапаӷәуеи ргәалашәара аҳаҭыр азы иахьынхоз аҩнқәа рҟны амемориалтә ӷәқәа ркыдҵаразы иҳаҩсыз ашықәс иалагӡаны Аҟәа Ахадара аиҳабы ихьӡала иааҩыз ашәҟәы иахаҵгылеит, уи иазкны Ақалақьтә Еизара аӡбамҭа аднакылеит, анагӡара ахылаԥшрагьы адҵоуп архитектуратә усбарҭа. Ҳақәгәыӷуеит хара имгакәа амемориалтә ӷәқәа раартра алыршахап ҳәа.
Ҳтәылаҿы асоциалтә-економикатә ҭагылазаашьа егьа иуадаҩзаргьы, аганахь иаҳзааныжьӡом ҳхатәы бызшәа арҿиара, алитература уасхырс измоу адоуҳатә культура. Араҟа иарбанзаалак акгьы узахырԥом, иааиԥмырҟьаӡакәа изызхьаԥшлатәу, зымаҵгьы улатәу ракәны иҟоуп. Ус анакәха, уаҵәтәи ҳԥеиԥш иахьа игәыгәҭаҳмыжьроуп, иахьынӡазалшо игәцараклатәуп, иазааԥсалатәуп милаҭҵас ҳхаҿра аиқәырхаразы, ҳахьынтәаауеи, ҳазҭагылоу аамҭеи, ҳамҩа ахьхоуи, хықәкыс иҳамоуи гәаагӡауа. Ачымазара ҿкы иахҟьаны, егьа аԥынгылақәа цәырҵуазаргьы, адоуҳатә культура иԥшьоу усуп, еснагь аԥсы ҭазароуп. Жәлар рдоуҳа иҭамбаӡо аӡыхь ақәаршҩы иазырхәашьуам!
Ҳара ҳуалԥшьа хадақәа иреиуоуп ҳбызшәеи ҳдоуҳатә культурақәеи реиқәырхара, реиҭарҿиара, уаҵәы игыло аҿар рыдгьыл аҿы ршьапқәа ӷәӷәаҟацаӡа игылазарц азы, дара рытрадициақәа ирыдҳәалоу зегьы рдырыртә реизырҳара, ибжамҽамны рыжәлар ирыламгыларц азы. Убасҟан ауп, ҳмилаҭ культура аиқәырхаразы уахгьы-ҽынгьы имыцәаӡакәа зыԥсы ҭыкәкәааны аус зуаз, зыфа иагыз, зыжә иагыз, аха мышкызны рбызшәа мыӡырцаз, рмилаҭ рыдгьыл аҿы иаԥшәыманы ишаанхоз агәра згоз рҳәахьа анагӡара анҳалшо…
Ишәгәаламшәои Баграт Шьынқәба ицәаҳәақәа: "Иаҳауеи, сҭахаргьы сара схаҭагьы, Акьахьба иеиԥшында аԥсуаа зегьы!.."