Амыцхә ахықә ҳазааигәахахьеит: ҳбызшәазы гәҭахәыцрақәак

CC0 / / Книги и учебники
Книги и учебники - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Анапаҵаҩра
Рашәара 10 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥысит аԥсшәа змырҿио апроблемақәеи урҭ рыӡбашьеи ирызкыз Азеиԥшмилаҭтә лингвистикатә форум. Уи иаҭааз апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа абызшәа аҭагылазаашьазы игәаанагара ҳацеиҩишоит.

"Хымш рышьҭахь, есышықәса ишыҟарҵалац еиԥш, Дырмит Гәлиа игәалашәара иазкыз ахәылԥаз ыҟан, даҽакала иаҳҳәозар, амузеи иазгәанаҭон апоет ду имшира. Иҟан 30-ҩык раҟара ауаа, еиҳарак шәҟәыҩҩцәан. Уи ахәылԥаз сгәы иамыхәагәышьеит. Дырмит Гәлиа ду, ҳлитература мацара акәым, ҳкультура зегьы ашьаҭаркҩы, иҩны ҳтәаны имшира азгәаҳҭозу, амагазин аиҳабык иҩны ҳтәазу аиҩдыраара уадаҩын".

Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба "Имшынҵақәа" рыҟнытә.

Аԥсуаа 50 шықәса раԥхьа Дырмит Гәлиа игәалашәара ҳшазныҟәоз еиԥш иахьа уи ибызшәа ҳазныҟәошәа збоит.

Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Ҳаԥсуа бызшәа аҵаулара ҳӡаазырԥшылаз: Баграт Шьынқәба игәаларшәаразы

Ҳара ҳиааира ду ашьҭахь даара акыр аамҭа ҳацәцеит ҳбызшәа иахьахәҭоу аҭыԥ аҿы ахагаларазы, акыраамҭа ааҵра иҵаргылан иҳаман. Ари гәнаҳа дууп ҳбызшәеи ҳаԥсадгьыли зыхқәа рықәызҵаз ҳтәыла ахьчаҩцәеи иахьа уажәраанӡа имырӡӡакәа иаҳзаазгаз ҳажәлари рҿаԥхьа. Ҳара ҳмалқәа зегьы иреиҳауп ҳбызшәа, убри азы ихьчатәугьы зегьы раԥхьа иара ҳаргылароуп. Даҽа абиԥарак, абыржәы ишцо, акгьы ҳахьымӡаӡакәа ианҳацәца, нас даара ицәгьахоит ҳбызшәа архынҳәра, аиқәырхара.

Ҳара ҳабиԥараҿ иҳаргылароуп ҳаԥсуа жәлар зегьы ҳбызшәа дырҵаразы акәаԥ! Убри азы иреиӷьӡоу ҳҵарауаа рыхшыҩқәа еиларҵароуп, иахьа ихиоу, иҟаҵоу, ҳхәыҷқәа ҳбызшәа аҵаразы ирыдыркылартә иҟоу рызнагатәуп, ирыларҵәатәуп. Сара сгәанала, уи ашықәс рацәа аҭахӡам, иҳацәцахьоу аамҭа, аӡыхәашь еиԥш, ҳацҳақәа акыр хнаххьеит, ҳала ишабо, ҳашҭақәа ирҭалоит атәым бызшәа, ԥшәымара уа, ҳаҩнқәа ирыҩналоит… Ус анакәха, раԥхьа иԥшаатәуп иахьҳахьуа, нас - уи ахәшә!

Иахьа акреилызкаауа ауаа ирбоит збызшәазы згәы былуа уаҳа ишҳанармыжьуа, ҳзықәтәоу аҽы ахы иахьахәҭоу ианҳазмырха, аӷәра дара ишааныркыло!.. Урҭ иагьиашоуп, избанзар амыцхә ахықә ҳазааигәахахьеит…

Учебник Анбан - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2020
Хамыжә уҽдыр: абызшәатә проблема аӡбаразы згәаҭақәак

Иахьа шьҭа изызхәыцтәу, имтәа-имыцәа инагӡатәу, иҳамоу, иҳахәо, уажәраанӡа иҭыжьу еиқәырханы, иҭыжьым ҭыжьны, хәыҷи-дуи абызшәа аҵараҿы ирыхәаша ацхыраагӡа бзиақәа ҟаҵатәуп. Аус зымуа рыцҳашьарада наҟ инкажьны, ҳаамҭа иацааиуа шьтыхны.

Убри аамҭазгьы азакәан рыӷәӷәатәуп, Аԥсны иқәынхо дарбан милаҭзаалакгьы, усс дызҿызаалакгьы, аԥсшәа имҵар ада ԥсыхәа имоуа, исзымҵеит, изласҵои ҳәа ҿарԥа изыҟамҵо, методикалагьы деиқәыршәаны, азакәангьы дзахымԥо!.. Убарҭ аҩбагь аус ишахәҭоу ианеицырулак, нас алҵшәа бзиагьы ҟалоит!.. Аԥсуа интеллигенциа убри аус хылаԥшра ӷәӷәа арҭароуп, ҳҿаԥхьа иқәгылоу ус ԥшьа хаданы избоит.

Иахьа уажәраанӡа аинтеллигенциа рроль зыӷәӷәамхеит, аҽеиҩшарақәеи, азеидымгыларақәеи, хи-ԥси мацара ҳахьашьҭалаз ирыхҟьаны, ҳбызшәа ала ҭраа ишҳахәаԥшуаз, иҳаҵагылаз аҿар рзы итәымуаҩны иҟаҳҵеит, иуҳәаргьы ауа, иумҳәаргьы ауа, уалацәажәаргьы ауа, уаламцәажәаргьы ауа. Ҳҿар абжаҩык еиҳа ирзымариаз абызшәа шьҭырхит, ршьа иалаз рхадыршҭит.

Ажурнал "Алашара" аибашьра ҟалаанӡа Аԥсны 17 000 нызқь екземплиар ҭыҵуан, иахьа иҭҳажьуа атираж зегьы 500 роуп. Сара ажәалагала ҟасҵоит ажурнал иааиуа ашықәс азы аинтернет аҿы еиҳа амч аиуртә азы аҭагылазаашьа аԥҵаразы. Иахьа 17 000-ҩык ракәым иаԥхьалаша, 100 000-ҩык рҟынӡа аԥхьалартә ихаҳгалароуп ҳаԥсуа литература.

Президент Абхазии Аслан Бжания посетил сегодня Абхазский государственный университет для участия в Общенациональном Лингвистическом Форуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2021
Аслан Бжьаниа Алингвистикатә форум аҟны дықәгылеит

Аибашьра ашьҭахь ҳбызшәа иазкны асеиԥш инарҭбаан ацәажәара ҟамлаӡацызт, иахьҳахьуа ҳмыхьуашәа ҟаҳҵоит, ҳацәшәаны иӷәӷәаны ҳнапы ақәаҳкӡом!..

Сара сгәанала, ари аҩыза аус ду еиҿызкааз абызшәа аиқәырхара иазкны аус бзиақәа ҟазҵахьоу зегьы рԥышәа рхы иадырхәоит, ҭаацәаракны аусура еицалагоит!.. Ус анакәха, ҳбызшәа аиқәырхаразы хара ихәыцуа зегьы еизибагароуп, ирҳәароуп зегь иреиҳау ҳмал анаҳзымыхьча, иаҳцәыӡыр шалшо, рҽеидыркылароуп иреиӷьӡоу ҳахшыҩҭрақәа!..  Убри аҭаацәара ду амҵәыжәҩа иҵанакыроуп егьырҭ абызшәа аус ԥшьа аизырҳара иаҿу ҳҵарауаа зегьы!..

Хыла аӡбахә сҳәар сҭахуп, макьана аҳәынҭқар иԥара мааҭкгьы аламҵаӡакәа, аԥсшәа ззымдыруа ахәыҷқәа рзы арҵага ссирқәа шҭрыжьхьоу Аԥсны афырхаҵа Леуан Миқаа дызхагылоу, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху агәыҳалалратә Фонд. Араҟа ашьа аус ауит, Баграт ду имаҭа иабду ихиҵаз ацҳа амаакыра арӷәӷәара далагеит!..

Уроки абхазского языка - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2020
Зхатәы ззымыхьчо даҽаӡә итәгьы изыхьчом…

Сара сгәанала, даара ирыцҳауп, даара ацхыраара рҭахуп Гәлиеи, Коӷониеи, Шьынқәбеи, Гогәуеи, Аџьбеи уҳәа ирацәаҩны ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа изырмыԥхьаӡакәа, аԥсуа бызшәа ахаара, аԥшӡара иаҵоу рзеилымкааӡакәа изызҳауа. Ари аус аӡбара абызшәадырыҩцәа мацара рымч ақәхаӡом, Аԥсуа ҳәынҭқарра ахадара азҿлымҳара ӷәӷәа ҟарҵароуп, зегь раԥхьа иӡбатәу аус ҟәадақәа рахь ииагатәуп ҳбызшәа аиқәырхара.

Ҳажәлар еиқәырхоуп, ихьчоуп, ицәырҵит Аԥсны Афырхацәа уи ахьчараз игылаз! Ус лахьынҵас иҳауит, уажәшьҭа ҳбызшәа ахьчаразгьы ицәырҵроуп Афырхацәа, ааи, ааи, хшыҩла аибашьраҿгьы Аԥсны Афырхацәа аҭахуп, ҳаԥсадгьыл зыхьчаз ирымаз агәаӷьреи агәаӷьи змоу ауаа гылароуп, амҩа рыҭатәуп, рымҩа иаԥгылоу аӡәыр дцәырҵуазар, имшаҭакәа ианыцатәуп!

Сыгәҭахәыцрақәа  хсыркәшар сҭахуп аԥсуаа зегьы иааҳацрымшәаӡо иҳацзааша абарҭ ажәақәа рыла:

"Сара ус ауп сшазхәыцуа, аԥсуа бызшәа ҳҭахымзар, изаҳҭахи Аԥсынтәыла, ҳаԥсыуаауп ҳәа ҳнапы занаҳҵои, иалаҳхуи. Избан акәзар ажәларқәа рыцыԥхьаӡа, иуҭаху ажәлар га, раԥхьаӡа зҵаарас игылоу абызшәоуп, абызшәа зцәыӡыз ажәлар – уи жәларӡам, уи иқәӡааит ауп иахьӡу. Ԥыҭҩык ус иазхәыцуеит, Аԥсны Ахада аԥсуа бызшәа идыруазароуп. Аԥсны ахада иаамышьҭахь егьырҭгьы ԥыҭҩык ирдырыр ами, Аминистрцәа реилазаара ирҳәалароуп… Ԥхьаҟа аԥсуа бызшәа ззымдыруа ауаҩы, ахәыҷы ара иԥеиԥш ыҟаӡам…"

Арҭ ажәақәа сара истәӡам, ари зҳәаз Аԥсны Раԥхьаӡатәи Ахада Владислав иоуп!

Ҳбызшәа ахаангьы иԥсӡом,

Ашьанҵа еиԥшны иӷәӷәахахьеит…

Изаҭәазымшьо - изырҵысӡом,

Сацәымҩашьо агәра згахьеит!..

Нас дарбану са сҿы зкуа,

Сыбжьы аӷьеиҳәа исыргахьеит…

Аԥсуа ила Аԥсны ҭәуа

Мышкызны ишызбо агәра згахьеит!..

Ажәабжьқәа зегьы
0