Уи аҿыцәааха аҳамҭароуп: Анатоли Лагәлаа аԥсуаа ҳдоуҳатә культура аӡыргаразы

© Sputnik / Рада АжьибаАуаажәларра-политикатә ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Ауаажәларра-политикатә ажурнал Алашара аредактор хада Анатоли Лагәлаа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз 2020 шықәсазы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи ажурнал "Алашара" аредакциеи русура еихишьалеит, апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" ахҳәаа азыҟаиҵеит уи автор - ашәҟәыҩҩы, апоет, ажурнал аредактор хада Анатоли Лагәлаа.

Ҳашьҭахьҟа иаанҳажьыз 2020-тәи ашықәс адунеи зегьы милаҭ еилых ҟамҵакәа даара хаԥсыра бааԥс днарбеит, иаргәаҟит, ирацәаҩӡаны ажәлар нҵәеит ирылаҵәаз ачымазара бааԥс иахҟьаны. Ҳара Аԥсны инхо ажәларгьы уи ҳзацәымцеит, имаҷҩым зыԥсҭазаара иалҵхьоу, ичмазаҩны ишьҭоу, макьанагьы ашәарҭара ҳзацәымцацт. Уи хымԥада иаҳныԥшит акультура знапы алаку, алитература иаҿу, иахьатәи аԥсуа интеллигенциа зегьы. Ҳарҭ, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҭаацәара атәы ҳалацәажәозар, сынтәа имҩаԥаагашаз аиубилеиқәа, аиԥыларақәа акыр ҳзымҩаԥымгеит ишахәҭаз инарҭбааны, аха иахьынӡауаз ирынҳарԥшит ателехәаԥшрақәа, ажурналқәа, агазеҭқәа, акьыԥхьтә усбарҭақәа зегьы.

Ажурнал Алашара - Sputnik Аҧсны
"Ҳлитература аԥсы ахьҭоу": ажурнал "Алашара" 65 шықәса ахыҵит

Иара убасгьы иаҳзымҩаԥымгеит ажурнал "Алашара" 65 шықәса ахыҵра нарҭбааны, ауаа рацәаҩны иадгаланы, анкьа ҩынҩажәижәабеи, хынҩажәеи шықәса анахыҵ ишымҩаԥаагаз еиԥш!.. Уи, еиҭасҳәоит, адунеи иахыҵәаз ачымазара ауп изхароу, аус злоу ажурнал аҭыжьра еиԥымҟьакәа иааҳгоит, сынтәа иҭыҵран иҟаз афномеркгьы ҭҳажьхьеит!

Иазгәаҭатәуп, даара хҭыс бзиан ишыҟалаз ааигәа Аԥснытәи Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы иҭыҵыз афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондент, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу, акыр шықәса раахыс Москва, А.М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аҟны аус зуа Виачеслав Бигәаа акыр шықәса еизигоз, аус здиулоз, зеиԥш ыҟам ашәҟәы "Алашара". 1955-2012" аҭыҵра.

Ажурнал сынтәатәи ашықәсқәа рзы еиуеиԥшым аномерқәа рҿы иазгәаҳҭеит Аԥсны раԥхьаӡатәи Ахада Владислав Григори иԥа Арӡынба 75 шықәса ихыҵра.

2020 шықәсазы ажурнал аҿы риубилеиқәа азгәаҳҭеит ҳашәҟәыҩҩцәа: Алықьса Џьениа, Руслан Қапба, Ҷиҷико Џьонуа, Белла Барцыцԥҳа, Зураб Џьапуа, Рауль Лашәриа, Маҳинур Папԥҳа, Платон Бебиа, Алықьса Џьонуа, Борис Гәыргәлиа, Анатоли Аџьынџьал, Қьаазым Агәмаа, Денис Чачхалиа, Даур Наҷҟьебиа, Сергеи Кәыҵниа, Нури Оҭырба.

Рыԥсҭазаара иалҵит ҳжурнал даара зџьабаа ӷәӷәаӡа адыз, редакторцәа хадақәаси, аредактор хада ихаҭыԥуаҩыси кыр шықәса уаҟа аус зуаз - Гьаргь Гәыблиа, Витали Амаршьан, Никәала Кәыҵниа, иара убасгьы ҳавторцәа - Владимир Агрба, Сергеи Кәыҵниа, Владимир Қапба.

Иҳаҩсыз ашықәс азы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахеит ҳҩызцәа апоетцәа - Белла Барцыцԥҳаи Денис Чачхалиеи!

Денис Чачхалиа. - Sputnik Аҧсны
Ҩ-бызшәак рымаӡақәа аазыртыз апоет: Денис Чачхалиа иҿцәажәара

Иара убасгьы, ҳпоет гәлымҵәах Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахеит апоет Геннади Аламиеи академик, ахәыҷқәа рзы арҿиамҭа ҟаимаҭқәа аԥызҵахьоу Валентин Кәаӷәаниеи.

Араҟа иазгаҭатәуп, сынтәа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит шаԥнаҵаз!.. Уи даара ихҭыс бзиахеит ҳлитературатә ԥсҭазаараҿы, избанзар шьҭарнахыс уаҟа иҭазаауеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҭыҵыз ашәҟәқәа реиԥш, ажурнал "Алашара" 2013 шықәса раахыс иҭыҵхьоу аномерқәа зегьы!

Шьҭарнахыс, ҳара ҳаудиториа акырӡа иҭбаахоит, адунеи ахи-аҵыхәеи зехьынџьара иҟоу, аинтернет змоу ҳаԥсуаа зегьы ҳашәҟәқәеи, ҳжурналқәеи, ҳгазеҭқәеи ирыԥхьалар ҟалоит!.. Ари еихьӡара дууп!..

Абраҟа иазгәаҭазарц ахәҭоуп, ажурнал "Алашара" ҵыԥхтәи ашықәс азы апремиа зауз ҳавторцәа!.. Урҭ иреиуоуп: Апоезиаҿы - Гунда Сақаниаԥҳа, апрозаҿы - Даур Наҷҟьебиа, аҭҵаарадырраҟны - Валентин Кәаӷәаниа, аҿар рыбжьара апоезиаҿы - Аинар Ҷыҭанаа, апрозаҿы - Адгәыр Амԥар, аҭҵаарадырраҟны - Елисо Сангәлиаԥҳаи Дифа Габниеи.

Сара аҵыхәтәантәи аамҭазы еиҳа сазхыцуа салагеит ҳаԥсуа культура, ҳлитература, абаҩхатәра злоу ҳинтеллигенциа Аԥсны иалҵны инхо, адунеи иҟьаны иалаԥсоу ҳаԥсуаа зҿу маҷны ишырдыруа, урҭ ирлас-ырласны ишрызнагалатәу ҳажәлар рбаҩхатәра иахылҵуа акәицқәа зегьы! Убри гәҭакыс иҟаҵаны, сара исыӡбеит, иахьа зыԥсы ҭаны иҳамоу ҳҟазарауаа рыҿцәажәара, рус аӡыргара Sputnik Аԥсны аҟны. Ари аидеиа ргәаԥхеит, иадгылеит уи аусзуҩцәагьы.

Белла Барцыц  - Sputnik Аҧсны
Зҭоурых иамырҭынчуа апоет: Белла Барцыцԥҳа лыҿцәажәара

Арубрика хыс иаҳҭеит "Алашара ҳзырбо ауаа". Арахь, ҳаиҿцәажәарахь иаасыԥхьеит аӡәаӡәала ҳашәҟәыҩҩцәа - Алықьса Гогәуа, Даур Наҷҟьебиа, Денис Чачхалиа, Белла Барцыцԥҳа, Вахтанг Аԥҳазоу, Гунда Сақаниа, иара убасгьы дара ирызкны сгәалашәарақәа зҩит - Мушьни Миқаиа, Витали Амаршьан, Сергеи Кәыҵниа, Виачеслав Ҷыҭанаа, Рауль Лашәриа, ашәаҳәаҩцәа - Лиудмила Логәуа, Анатоли Алҭеиба уҳәа убас ирацәаҩны.

Ҳазҭалаз Ашықәс ҿыц аан хымԥада сгәы иҭоуп уи апроект ацҵара. Избанзар, ара аҳәатәы даара ирацәоуп, насгьы адунеи иԥсаҟьаны иалаԥсоу ҳаԥсуаа иахьа алшара бзиа рымоуп интернетла Аԥсны алитературеи аҟазареи рҿы имҩаԥысуа аусқәа зегьы рдырра, рыҽрылархәра.

Сара исҭахуп иҵегь инарҭбааны иаласырхәырц апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩцәа, рартистцәа, ҳакадемикцәа, ҳсахьаҭыхҩцәа, инеизакны ҳкультура ҟазҵо, адунеиаҿ ҳахьӡ рҳәартә ҳӡырызгаз зегьы.

Ҳара иахьа ҳтәыла Аԥсни ҳаԥсабареи рыԥшӡара анаҩсгьы, ҳдоуҳатә культуреи ҳбызшәеи роуп мал дуӡӡас иҳамоу. Ҳара иҳахәҭоуп уи аиқәырхара, аӡыргара, уаҵәы игыло аҿари адунеи иалаԥсоу ҳмилаҭи ахьынхозаалакгьы рызнагара.

Аԥсуа иҭоурых анизымдыруа, икультура данацәыхароу, ибызшәа аницәтәыму, уи ахаангьы даԥсыуа наӡаны дзыҟалаӡом, иҟалоит итәылауаҩ шәҟәы "аԥсуа" ҳәа данызаргьы, аха уи рацәак акгьы аанагаӡом, ижәлар злаҽырбо, ргәы зладуу акгьы изгәакьамзар.

Убри азы, ҳара иахьа акьыԥхьи адоуҳатә культуреи знапы рылаку, уи ала зыԥсы ҭоу, даҽа занааҭк змам ауаа, ҳабжьы ахьынӡанаӡо, ҳааҟәымҵӡакәа, иагьа ицәгьазаргьы, иагьараан изаҳараны иҟоу ирмаҳаргьы, иаҳҳәалароуп, иҳаҩлароуп, амца ҳҩаҵхалароуп ҳдоуҳатә культура иацу агәыбылра, уи аҿыцәааха аҳамҭароуп!..

Ажәабжьқәа зегьы
0