Аԥсны

Адепутатцәа аветеранцәа ирацәажәаразы Аӡҩыбжьаҟа ицарц ргәы иҭоуп

Цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы Аԥсны амилициа аусзуҩцәеи, Апарламент адепутати, Аԥсны жәлар Рџьынџьытәалатә еибашьра аветеранцәеи рыбжьара аимак ҟалеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik. Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа зхадараҿы дыҟаз адепутатцәа рделегациа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҿы инеит цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс иахылҿиааз аҭагылазаашьа иалацәажәарц. Уи аиԥылара алҵшәақәа ртәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит адепутат Рауль Лолуа.
Иара иажәақәа рыла, апарламентарицәа атәыла ахада иабжьыргеит Апарламент аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари реиԥылара еиҿикаарц. Аиԥылараан аминистр аветеранцәа рҿаԥхьа Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс азы аҭамзаара шьҭеиҵар илшоит ҳәа ԥхьаӡаны ирымоуп.
"Абри аҩыза ашьаҿа маҷк иадамзаргьы аҭагылазаашьа ҭышәыннартәалар ауеит. Атәыла ахада уи ажәалагала ибзианы идикылеит. Уажәы ирыӡбеит аветеранцәа рахь ицаны ирацәажәарц", - иҳәеит Лолуа.
Абыржәтәи аамҭазы адепутатцәа Аӡҩыбжьаҟа ицаны аветеранцәеи Дмитри Дбари Апарламент аҿы еиԥыларц азы ирацәажәарц ргәы иҭоуп.
Аԥсны
Апарламент аиҳабы Аԥсны ахада иахь днеит цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс алацәажәаразы
Уаанӡа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзеиԥш Хеилак аҳәамҭа ҟанаҵеит Аҟәа абҵара 4 рзы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар имаҵура иамхра иазку аҿагыларатә акциа мҩаԥыргарц ргәы ишҭоу.
Абҵара 2 рзы ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала Дмитри Дбар аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵура дазыхынҳәит.
Аԥсны
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵурахьы дырхынҳәуп