Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апарламент аиҳабы Аԥсны ахада иахь днеит цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс алацәажәаразы

© Sputnik / Томас Тхайцук Комплекс правительственных зданий в Сухуме
Комплекс правительственных зданий в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзеиԥш Хеилак алахәылацәа абҵара 4 рзы аҿагыларатә акциа амҩаԥгара ргәы иҭоуп.
АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иахь днеит цәыббра 30 азы иҟаз ахҭыси абҵара 4 рҟынӡа акризис алҵшьеи рылацәажәаразы ҳәа ааицҳауеит адепутат Валери Агрба.

Агрба иажәақәа рыла, Апарламент азыхиоуп аветеранцәеи азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәеи рыбжьара бжьаҟазаҩыс аҟалара.

Абҵара 3 рзы Апарламент аилатәара мҩаԥысит. Амшхәаԥштә азҵаарақәа рышьҭахь адепутатцәа рахь инеит ауаажәларратәи аполитикатәи партиақәа рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа Аҟәа цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс алацәажәаразы.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзеиԥш Хеилак ахантәаҩы Ахра Бжьаниа иазгәеиҭеит аветеранцәа аҳәара шыҟарҵо адепутатцәа цәыббра 30 рзы аҭыԥ змаз ахҭыс азинтә хәшьара арҭарц.
Расширенное заседание кабмина по вопросам инвестпрограммы - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2021
Аԥсны
Бжьаниа ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит абҵара 4 рзы аҿагыларатә акциахь имнеирц
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аидгылара" ахантәаҩы Кан Кәарҷиа еиҭеиҳәеит абҵара 2 рзы аоппозициатә партиақәеи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа атәыла ахада иԥылараны ишыҟаз аҭагылазаашьа алҵра амҩақәа разыԥшааразы.
"Ҳара аҭагылазаашьа иманшәаланы алҵра амҩа азыԥшаара ҳҽазаҳшәон. Џьара ҳара шьҭахьҟа ҳнаскьеит, џьаргьы ахада шьҭахьҟа днаскьар акәын. Аиԥылара асааҭ 6 рзы иазгәаҭан. Аха уаанӡа ахада Дмитри Дбар имаҵура дазирхынҳәит. Ахада ҳара ҳажәа азыӡырыҩра игәы ишҭамыз ҳирбеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аамҭақәак ианеилацәажәа ашьҭахь ауаажәларратәи аполитикатәи партиақәа рхаҭарнакцәеи аветеранцәеи Апарламент аанрыжьит. Ажурналистцәагьы ирыҳәеит азал нрыжьырц.
Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2021
Аԥсны
Аветеранцәа абҵарамза 4 рзы аҿагыларатә акциахь ишцәырҵуа рҳәеит
Ԥыҭрак ашьҭахь Апарламент аиҳабы ахада иахь днеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҵыхәала.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзеиԥш Хеилак алахәылацәа абҵара 4 рзы аҿагыларатә акциа амҩаԥгара ргәы иҭоуп Дмитри Дбар имаҵзура ааныжьра дҵас иҟаҵо.
Абҵара 3 азы Аслан Бжьаниа аминистр инапынҵақәа дрызирхынҳәит.
Дмитрий Дбар приступил сегодня к исполнению  своих служебных обязанностей - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2021
Аԥсны
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵурахьы дырхынҳәуп
Ажәабжьқәа зегьы
0