Аԥсны

Избан Аԥсны алашара аԥара ахшәаара зырҭахым

Зегь раасҭа алашаразы аԥара ылган 2019 шықәсазы – 53 процент.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2021 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны афымцамчхархәара аԥара ахшәаара 38 процент иҟан ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Афымцаҭира" аиҳабы Алхас Ҷанба.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны иахьаҵанакуа алашараз аԥареизгара ауадаҩра еснагь иҟоуп, анырра арҭоит аҭаҩратә хархәагақәа рыҟамзаареи ауаа рхымҩаԥгашьеи.

"Уажәазы аԥареизгара шыҟоу ала, атәыла афымцамчхара амаҵ ауразы иахәҭаны ишьоу абжагьы еизаагом", - иҳәеит иара.

Иҟоу ауадаҩрақәа ирыцлеит амаинерцәа закәаншьаҭада афымцамч рхы иахьадырхәо иҳәоит Ҷанба.
"Аиҳарак амаинерцәа роуп ауадаҩра аԥызҵо. Аҵыхәтәантәи аамҭа иалагӡаны иакымкәа иҩбамкәа аԥкрақәа шҳадаҳкылахьоугьы лҵшәак ҟарҵом", - иҳәеит иара.
Уи адагьы, ауаа рхы иадырхәаз афымцалашара ахә ахшәаара мап ацәыркуеит.
"Ауаа ашьцылеит алашара аԥара ахымшәаара. Абонентцәа ҳрацәажәоит, аԥара зшәатәу деилҳаркаауеит", - азгәеиҭоит Ҷанба.
Аԥсны
Авиртуалтә хатә ҳа VPN аусура аанкылара иззыԥшыз алҵшәақәа аанамышьҭит
Ҷанба иҳәоит ауадаҩрақәа рҭыԥ ақәҵаразы "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа абонентцәа ашәҟәҭагалара мҩаԥыргоит ҳәа.
Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп ареспубликаҿы аҭаҩратә хархәагақәа аахәаны рықәыргылара. Ари аҭагылазаашьа аԥсахроуп ҳәа ишьоит Ҷанба.
"Апрограмма хышықәса ҳәа ишьақәыргылоуп. Раԥхьа ахархәагақәа аархәоит. Ари ҽаантәи ашықәс акәхоит", - иҳәоит иара.
Аусбарҭа аиҳабы иазгәеиҭеит, арҭ рҩызцәа ауснагӡатәқәа абонентцәа анырра рнаҭоит ҳәа. Иаҭаххар алашара дистанциатә ҳасабла арцәара алыршахоит.
Аԥсны
Анқәаб ахархәара зҭоу афымцалашара ахә аизгара иацҵазарц анапынҵа ҟаиҵеит