Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Авиртуалтә хатә ҳа VPN аусура аанкылара иззыԥшыз алҵшәақәа аанамышьҭит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг криптовалют
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2021
Анапаҵаҩра
Аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы акриптавалиута арҳаразы аинтернет аԥкра аҿҳәара иацнаҵеит, ареспубликаҿ VPN аусура аанкылара иалагеит 2021 шықәса жьҭаарамза алагамҭаз.
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Авиртуалтә хатә ҳа VPN аусура аанкылара иззыԥшыз алҵшәақәа аанамышьҭит Аԥсны аенергетиказы, ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аоператив-техникатә напхгара адиректор Руслан Кәарҷиа.
Иара иажәақәа рыла ҩбаҟа мшы аенергетика анырра лаҟәит, нас амаинерцәа ахыкәшаратә мҩақәа рыԥшаауа иалагеит.
Сетевое оборудование в серверной. - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2021
Аимадаразы аҳәынҭеилакы амаинерцәа аинтернет раҟәыгара аҿҳәара инахеит
"Авиртуалтә хатә ҳа VPN аусура аанкылара иззыԥшыз алҵшәақәа аман раԥхьатәи амшқәа рзы. Афымцамч ахархәара 30-40 мегаватт илаҟәит. Нас уаанӡеиԥш ахалара иалагеит. Уи иаанаго амаинерцәа аҽа мҩак рыԥшааит ауп ", - иҳәеит Кәарҷиа.
"Амшынеиқәафымцамч" аоператив-техникатә напхгара адиректор Руслан Кәарҷиа ишазгәеиҭо ала 2021 шықәсазы аенергосистема аидара еиҳа-еиҳа ихалоит.
"Ииасыз ашықәс иаҿырԥшны аидарақәа еиҳахеит. Уаанӡа, есышықәса быжь-процентк рҟынӡа ацлалон, аха уи атуристтә ргылара ҿыцқәа раартра иадаҳҳәалон. 2020 шықәса раахыс 20 процент ихалеит. Ари зегьы ирдыруеит амаининг ишахҟьаз", - иҳәоит Руслан Кәарҷиа.
Убри аан аенергетик иазгәеиҭеит аиҳарак аҭыԥ ахьамоу Очамчыра, Гәылрыԥшь, Гәдоуҭа, Гагра араионқәеи Аҟәа ақалақьи рҿоуп ҳәа.
 Подстанция Бзып-220 - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2021
Аслан Бжьаниа амаинерцәа фымцалашарала еиқәзыршәар зылшо астанциа маҷ даҭааит
Аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы акриптовалиута арҳаразы аинтернет аԥкра аҿҳәара иацнаҵеит, ареспубликаҿы авиртуалтә хатә ҳа VPN аусура аанкылара иалагеит 2021 шықәса жьҭаарамза алагамҭаз.
Аԥкрақәа 2020 шықәса ԥхынҷкәын 28 инаркны 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа аус руан. Ахантәаҩы идҵа инақәыршәаны абонентцәа аинформациа-телекоммуникациатә ҳа аинтернет аҿы акриптовалиута арҳара алзыршо адоменнтә хьыӡқәа, асаит адаҟьақәа рырбагақәа, аҳатә ҭыӡҭақәа рхархәара рзыԥкын.
Стеллажи с фермами для майнинга криптовалют. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2021
Бжьаниа иҳәеит Аԥсны акриптовалиута аргама арҳаразы иҟоу аԥхьаҟатәи аԥеиԥш
Аимадара аоператорцәа ргәы рҽанҵоуп иахәҭоу атехникатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара алдыршарц.
Адҵа рыдкылоуп Аԥсны акриптовалиута арҳаразы аусура аҿҳәара 2022 шықәса хәажәкырамзанӡа аанкылараз 2021 шықәса хәажәкыра 30 азтәи Аминистрцәа реилазаара ақәҵара ашьаҭала.
2020 шықәса анҵәамҭа аахыс Аԥсны имҩаԥыргоит акриптавалиута амаининг ҿагылара, официалла азин ҟаҵам афымцатә ҳақәа ахьажәуи афымцамч адефицити инарыдҳәаланы.
Поклонники, используемые для охлаждения биткойн-майнеров, подключаются к майнерам во время строительства биткойн-центра обработки данных в Вирджиния-Бич - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2021
Официалла Аԥсныҟа иалагалаз амаининг хархәагақәа рахьтә 40% атәыла шьҭахьҟа иалыргахьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0