Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анқәаб ахархәара зҭоу афымцалашара ахә аизгара иацҵазарц анапынҵа ҟаиҵеит

© Foto / Кабинет Министров Республики Абхазия Встреча Премьер-министра республики с исполняющим обьязоности генерального директора РУП "Черноморэнерго"
Встреча Премьер-министра республики с исполняющим обьязоности  генерального директора РУП Черноморэнерго - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр Александр Анқәаб жьҭаара 27 азы "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада и.н. Ҭенгьиз Гырџьынба далархәны аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит.
АҞӘА, жьҭаара 28- Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб ахархәара зҭоу афымцалашара ахә аизгара иацҵазарц анапынҵа ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Александр Анқәаб алашара ахәԥса аизгараз аҭагылазаашьа бааԥсуп, уи ԥсахтәуп ҳәа азгәеиҭеит.
Абри ахырхарҭаҿы аенергетикцәа ируалны ишьоуп аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа аус рыцыруларц, закәаншьаҭада афымцалашара ахархәара ахылаԥшрагьы абрахь иналаҵаны.
Лампочка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы еиҭарҳәеит аӡынтәи аамҭахь аиасра рыҽшаздырхио
АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада и.н. Ҭенгьиз Гырџьынба аиҳабыра рхада изеиҭеиҳәеит аҭагылазаашьа шыҟоу. Убас: 2021 шықәса ажьырныҳәа-цәыббра рыҩнуҵҟа 38% артәеит, 2020 шықәса иара убри аамҭазы –35,4%.
Гырџьынба иажәақәа рыла ари ажәамз рзы афымцатә цәаҳәақәа зҵалаз аидара 19,7% иҟоуп, 2020 шықәсазы – 25%.
Аԥсуа енергетикатә система акризис иҭагылоуп иахьажәу, аԥареизгара ахьылаҟәу, аидарақәа иахьрызҳауа азы. Аенергетика акризис алгаразы 4,7 миллиард мааҭ аҭахны ишьоуп.
Энергетические объекты Крыма - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Аԥсны
Аԥсны хәҭак аамҭа-аамҭала лашарада иаанхалоит афымцацәаҳәа иақәу аидара иахҟьаны
Ажәабжьқәа зегьы
0