АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи рыбжьара иҟалаз аимак закәанла аӡбра алшоит, ма ажәлар рҟәыӷара ахархәарала, абас иԥхьаӡоит аҭҵаарадырреи аҟазареи рзы Атәыла ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа.
Логәуа иазгәеиҭоит, азҵаара аӡбраҿы аҟәыӷара шаарԥштәу, аҭыӡшәа аполитикахь аиагара ишаҟәыҵтәу.
"Аимак алҵра амҩа- азакәаноуп, уи апрокуратура аӡбымҭоуп. Уи ашьҭахь аӡбарҭа аусушьа аабоит. Ҳабакылнаго ари? Азакәандарахь? Даҽа ганкахьалагьы иҟоуп ажәлар рҟәыӷара. Ари аганахьала аусура аҭахуп. Ҩ-гәыԥкны рҽеиҩыршеит, џьоукы ари аҭыӡшәа акы алыргар рҭахуп, уи ҟалашьа змам акоуп ҳәа исыԥхьаӡоит", - иҳәеит Логәуа.
Аибашьра аветеранцәеи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи рыбжьара иҟалаз аимак "иуашәшәыроу зҵаароуп" ҳәа ахыиҳәааит.
"Цәыббра 30 рзы, Аиааира амш аҽны иҟамлар акәын ари аҩыза. Ианыҟалахгьы, аҭагылазаашьа алҵра ҳалҳаршароуп. "Аветеранцәа "ҳәа анаҳҳәо аветеранцәа зегьы рызхәыцра аҭахуп. Ари аимак "арҵәира" аҭахым, зегьы еиқәҭәоит. Ари аус еиԥшӡам аԥсуа жәлар еилдыргахьоу. Уажәы иҳахьи, избан ари азҵаара "здырхыџхыџуа"? Шьоукы даҽа мҩак азылырхыр рҭахуп ауп. Аполитика цәа аҟәынҵара ҳаҟәыҵроуп. Азҵаара ӡбахоит, даҽакалагьы ҟалашьа амам, избан акәзар ҽеи алымҵыр алшоит", - иҳәеит иара.
Ахада иабжьгаҩ аҭыӡшәа аҭыԥ ақәҵаразы уадаҩра ыҟам ҳәа ииԥхьаӡоит, "аҭагылазаашьа алҵразы агәазыҳәара аарԥштәуп ауп" иҳәеит.