Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Валери Аҩӡба ааԥхьара ҟаиҵеит аветеранцәа злахәу аус "амца ацраҵара" иаҟәыҵырц

© Sputnik / Томас Тхайцук Здание Администрации Президента
Здание Администрации Президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, Аҟәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак алахәылацәеи, рыдгылаҩцәеи аҿагыларатә акциа мҩаԥыргеит, дара дҵаны иқәдыргылеит Аԥсны АА рминистр Дмитри Дбар инапынҵақәа аанижьырц, иара цәыббра 30 ауха аветеранцәа рыпҟара дахьалахәыз инамаданы.
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьа ҭынч алҵра алшоит аганқәа реицәажәарала, абас иԥхьаӡоит Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.
"Иаку аӡбамҭа иазааироуп. Зегьы еилыскаауеит, саргьы светерануп, ахәрагьы сымоуп, аха ҳара-ҳара ҳаизымӡырҩыр ҳхәыҷқәа ԥеиԥшда иаанхоит. Еидтәаланы аицәажәара ауп иаҭаху, аполитика цәа аҟәынҵара ахәҭам. Атәыла ахада аоппозициаа рхаҭарнакцәа идыикылеит, иреиҳәеит аусҭҵааҩцәа рыгәра рымгозар ирыԥсахырц азы аҳәара ҟарҵар шрылшо. Аӡәгьы мап ацәикуам. Зегьы закәанла имҩасроуп. Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи аазгаз аиҳабыратә абиԥара ҳазну амҩа, - абарҭ иҳацәнарӡоит. Ҳаиҳабацәа ахьыԥшымра ргәы азыҳәон. Зегьы иаадыроит ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи шҳауз, шаҟа хьаа ацу. Ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳзышьақәымгылеит ҳәа сҳәарц сҭахым", - иҳәеит иара.
Аветеранцәеи аоппозициеи имҩаԥыргоз амитинг - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Аԥсны
Митингки ҩ-қәҵараки: Аҟәа аҿагыларатә акциа шымҩаԥысыз
Валера Аҩӡба игәаанагарала, иҟоу аҭагылазаашьа аҟны иаҭахуп хшыҩҵарыла азнеира.
"Ари еицәоу ахҭысқәагь ҳрыниахьеит. Сара еилыскаауеит аветеранцәа рҭагылазаашьа. Сара аӡәгьы дысхьчаӡом, аха ари аус аӡбара аҭахуп аԥсуаҵас. Џьарак зегь неидтәалан еицәажәароуп. Иаҭахым ҳажәлар рыргәаҟра. Џьоукы-џьоук ари аполитикахь ииарымгааит. Аханатә ари аус абыргцәа рхеилак аҭыԥ иқәнаҵар акәын. Амца аҭыԥаҿ ирцәатәын, амца иаҳа абылтәы ақәҭәатәымызт", - иҳәеит иара.
Аԥшьаша, абҵарамза 4 рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак алахәылацәеи, рыдгылаҩцәеи аҿагыларатә акциа мҩаԥыргеит, аиҿкааҩцәа дҵаны иқәдыргылоит Аԥсны АА рминистр Дмитри Дбар инапынҵақәа аанижьырц, мзызс иамоуп цәыббра 30 ауха Жәлар реизара адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аимак.
Амитинг алахәылацәа ақәҵара рыдыркылеит, уи Атәыла ахадахьы инарышьҭит. Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит, аимак аусҭҵаара апрокуратура хада шаҿу, аус закәанла иӡбахоит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0