Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Митингки ҩ-қәҵараки: Аҟәа аҿагыларатә акциа шымҩаԥысыз

Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак рҿагыларатә акциа мҩаԥысуан Аҟәа хә-сааҭк инарзынаԥшуа.
Аԥшьаша, абҵарамза 4 рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак алахәылацәеи, рыдгылаҩцәеи аҿагыларатә акциа мҩаԥыргеит, аиҿкааҩцәа дҵаны иқәдыргылеит Аԥсны АА рминистр Дмитри Дбар инапынҵақәа аанижьырц, мзызс иамоуп цәыббра 30 ауха Жәлар реизара адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аимак.
Амитинг алахәылацәа ақәҵара рыдыркылеит, уаҟа иазгәаҭоуп цәыббра 30 ауха аибашьра аветеранцәа рыпҟара иалахәыз Дмитри Дбар иганахьала ишахәҭаз аусҭҵаара мҩаԥгамызт ҳәа.
Аслан Бжьаниа аветеранцәа идикылеит, иҳәеит апрокуратура хада аусҭҵаара ишаҿу, азакәаншьаҭа змоу аӡбра ауп ирыдыркыло ҳәа. Дбар имаҵурахьы дахьиргьежьыз азы иӡбамҭа шыимԥсахо иҳәеит. Аиқәшәара ашьҭахь аҿагыларатә акциа аиҿкааҩцәа ақәҵара ҿыц рыдыркылеит, уаҟа иарбоуп ҿыц амитинг шеиҿыркаауа, усҟан Атәыла ахада Аслан Бжьаниа имаҵура аанижьырц аҳәамҭа шыҟарҵо, уи ашьҭахь амитинг хдыркәшеит.
Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс азы аусҭҵаарақәа мҩаԥысуанаҵы Дмитри Дбар хатәгәаԥхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны имаҵураҟынтә аамҭала ихы дақәиҭтәын. Абҵара 2 рзы, апрокурор хада Адгур Агрба Дбар иганахь ала ацәгьоура ыҟамызт ҳәа иҳәамҭа ашьҭахь, Атәыла ахада Аслан Бжьаниа уи имаҵзура дазирхынҳәит.
Ажәабжьқәа зегьы
0