Аԥсны

Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа иусураз аҳасабырба ҟаиҵеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион рактив дырԥылеит абҵара 12 азы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа иусураз аҳасабырба ҟаиҵеит атәыла ахада иҿаԥхьа.
Иара иажәақәа рыла, араион аҿы иахьа инхоит 25908-ҩык, урҭ рҟынтәи 5570-ҩык тәанчаҩцәоуп. 1250-ҩык абиуџьет аусхк аҿы аус руеит. Бжьаратәла ауалафахәы 11 нызқьмааҭ ыҟоуп.
Аԥсны
Бжьаниа Очамчыратәи ахәыҷбаҳча "Аӡыхь" аҭагылазаашьа гәеиҭеит
Ахашәалақәеи ахарџьқәеи
2021 шықәса жәамз рыла араион иахашәалеит 56 миллион мааҭ, аплан нагӡоуп 49 процент рыла. 2020 шықәсазы 64 процент рыла инагӡан.
Сынтәа ашәахтәқәа раҳасаб ала абиуџьет иаланагалеит 101 миллион мааҭ, планла 115 миллион ахьыҟаз.
Аҵараз аныхрақәа 95 миллион, агәабзиарахьчараз –18 миллион, акультура, аспорт, асоциалтә политика рзы –16 миллион мааҭ ныхуп.
Аԥсны
Ахада Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭа аҭагылазаашьа гәеиҭеит
Акоронавирус аҭагылазаашьа
Апандемиа ҟалазар Очамчыратәи ахәшәтәырҭахь идҵаалахьеит 11784-ҩык, ачымазара рыдбалоуп 3654-ҩык. Амбулатор ҳасабла ихәшәтәын 170-ҩык, стационар ҳасабла – 79-ҩык. Рыԥсҭазаара иалҵит 22-ҩык. Иахьазы ахәшәтәырҭа иҭоуп 21-ҩык.
Алаҵа рзыҟаҵоуп 714-ҩык.
Афымцамч ахархәара
Бигәаа иажәақәа рыла, афымцамч ахархәаразы араион 228 миллиони 228 нызқьмааҭ ауал ақәуп.
2021 шықәсазтәи ауал 16 миллион мааҭ ыҟоуп, ақыҭақәа рҿы – 12 миллион.
Ақалақьтә инфраструктура
Бигәаа иажәақәа рыла, аканализациатә система Очамчыра ақалақь аҿы 98 процент иажәхьеит. Ақалақь араионқәа руак ӡыда акыр мшы иҟан. Амҩақәа ракәзаргьы, 80 процент ажәхьеит.
Аԥсны
Бжьаниа амҩаду Аҟәа-Очамчыра арлашаразы аусурақәа шцо гәеиҭеит