Аԥсны

Аҟәа х-фазакны иҟоу ацәаҳәақәа закәаншьаҭада рыҽрыԥшьрақәа 18 аадырԥшит

Аҟәа ахада Беслан Ешба инапынҵала аҳҭнықалақь аҿы ареидқәа мҩаԥыргоит х-фазакны иҟоу ацәаҳәақәа закәаншьаҭада рыҽрыԥшьрақәа раарԥшраз.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Аҳҭнықалақь аенергетикцәеи Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәеи хымш рыҩнуҵҟа 18 акт шьақәдыргылеит х-фазакны иҟоу ацәаҳәақәа закәаншьаҭада рыҽрыԥшьрақәа аарԥшны. Абри атәы рҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы.
Ареидқәа реиҳарак ахатәыҩнқәа рҿы имҩаԥыргоит. Азин еилазгаз ацәаҳәақәа ирҿырхуеит, актқәа шьақәдыргылоит.
Аԥсны
Ешба изакәанымкәа х-фазакны иҟоу аҽаԥшьрақәа раарԥшраз аусурақәа рӷәӷәатәуп иҳәеит
Аенергетикцәа ишырҳәо ала, "иахьа хаԥышәала зегьы х-фазактәи ацәаҳәақәа рыҩнуҟа инаргоит", убри аан шәҟәҭаҩрак ыҟам. Аҵыхәтәантәи ашықәс азы аҳҭнықалақь аҿы ацәаҳәақәа реидара ҩынтә иазҳаит. Иахьа уи иартәоит 450-500 мегаватт.
Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал иажәақәа рыла, акт шьақәдыргылаанӡа агәҽанҵара ҟарҵоит, аусбарҭахь инеины ишахәҭоу аус еиҿыркаарц. Аха уахь инеиуа аӡәык-ҩыџьак роуп. Абри ашьҭахь аенергетикцәа неины иаҿырхуеит, акт шьақәдыргылоит.
Еиҭа зҽаԥызшьыз административтә хьырхәра иақәдыршәоит.
"Афымцамчхылаԥшра аматериалқәа аздырхиахьеит. Х-фазактәи аҽаԥшьразы абонент атехникатә шәҟәы иоуроуп. Уа иарбоуп аҭагылазаашьақәа зегьы. Иахьа ахьанҭара иахҟьаны ацәаҳәақәа рымчхара каҳаит. Иҟоуп 120-130 вольт рҟынӡа иахьнеиз", - иҳәеит иара.
Аслан Бжьаниа Аԥсны акриптовалиута арҳара иаҿагылоу ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит
Аҭагылазаашьа аруадаҩуеит амаининг аҿаԥшьра. Џьынџьал иажәақәа рыла, аиҳарак ахатәы ҩынқәа рҿоуп аппаратқәа ахьықәдыргыло.
"Амаининг аппаратқәа ирыхҟьо афымцеидара еиԥҟьара амаӡам, урҭ еснагь иаҿакуп. Егьыс ауаҩы аҩны днеины рԥхагак, чаиршыгак аҿеикуазар, уи аамҭалатәуп. Ари учҳартә иҟоуп, аха амаинертә хьанҭара ацәаҳәақәа ирзышьҭыхӡом. Ҩнаҭацыԥхьаӡа 5-10 ма 20 киловатт иааиԥмырҟьаӡакәа ахьанҭара иаҵалар, ҳфымцатә цәаҳәақәа ирзышьҭыхуам", - иҳәеит иара.
Абҵара 9 рзы Аҟәа ахада Беслан Ешба иҟаиҵаз анапынҵала аҳҭнықалақь аҿы ареидқәа мҩаԥыргоит х-фазакны иҟоу ацәаҳәақәа закәаншьаҭада рыҽрыԥшьрақәа раарԥшразы.
Официалла Аԥсныҟа иалагалаз амаининг хархәагақәа рахьтә 40% атәыла шьҭахьҟа иалыргахьеит