https://sputnik-abkhazia.info/20211109/eshba-izakanymka-kh-fazakny-iou-aashraa-raarshraz-ausuraa-ratup-ieit-1036253553.html
Ешба изакәанымкәа х-фазакны иҟоу аҽаԥшьрақәа раарԥшраз аусурақәа рӷәӷәатәуп иҳәеит
Ешба изакәанымкәа х-фазакны иҟоу аҽаԥшьрақәа раарԥшраз аусурақәа рӷәӷәатәуп иҳәеит
Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба акриптовалиута закәаншьаҭада арҳара аԥырҟәҟәаразы аоперативтә штаб изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥигеит. 09.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-09T16:51+0300
2021-11-09T16:51+0300
2021-11-09T16:51+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны амаинингтә фермақәа раҿыхра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0c/03/1031397027_0:0:1503:846_1920x0_80_0_0_7729e5d0b8e626571235337e6a722870.jpg
АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба изакәанымкәа х-фазакны иҟоу аҽаԥшьрақәа раарԥшраз аусурақәа рӷәӷәатәуп иҳәеит, абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.Ешба иазгәеиҭеит раԥхьа иргыланы х-фазактәи аҽаԥшьрақәа рзы аинформациа шырҿыцлатәу."Иҟалоит ауаа ари аус иаԥырҵхьазар, арахь иҳамоу аинформациа ажәхьеит. Шәара аҭыӡҭыԥқәа рахь шәнеиуеит, афидерқәа гәашәҭоит. Аусура рӷәӷәатәуп. Уи шыҟаҵатәу иахьа ҳалацәажәеит. Закәаншьаҭада аҽаԥшьрақәа змоу рызҵаара аҽакала иалацәажәатәуп. Уи азы иахәҭоу амчра ҳамоуп. Аусура ишахәҭоу еиҿкаатәуп", - иҳәеит Ешба.Ешба адҵа ҟаиҵеит амчыбжь анҵәамҭазы иҟаҵоу аусуразы аҳасабырбақәа аздырхиарц.Иара убасгьы, Беслан Ешба Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал диазҵааит афымцатә ҳақәа рҭагылазаашьазы.Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа аиҳабы иҳәеит ахьанҭарақәа аҭыԥ шрымоу, игәаанагарала урҭ амаинерқәа русура ишадҳәалоу. Убри аан иазгәеиҭеит ақалақь аҿы аферма дуқәа шыҟам, аха ахатәыҩнқәа рҿы ахархәагақәа шыҟоу."Анаплак дуқәа зегьы аус рыдуылоуп, лассы-ласс ҳарҭаауеит, игәаҳҭуеит. Ауадаҩрақәа ахьыҟоу ауааԥсыра рҿоуп", - иҳәеит Џьынџьал.Беслан Ешба зус здыруа аҟазацәа русбарҭақәа ааԥхьара риҭеит адыррақәа зегьы аус рыдыруыларц.Ҭемыр Џьынџьал иҳәеит иара убасгьы Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа ахатә сектор аҿы аҭаҩратә хархәагақәа рықәыргылара ишалагаз. Аԥсшьарамшқәа раан мацара 120 хархәага ықәыргылан, 1180 цыра "Амшынеиқәафымцамч" ирнаҭаз аҟнынтә.
https://sputnik-abkhazia.info/20211008/Aa-akhada-amaining-aagylaraz-aopershtab-ausura-igakhom-1033372893.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210921/Aslan-Bzhania-Asny-akriptovaliuta-arara-iaagylou-ausnagata-dalatsazheit-1033253160.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210605/Bzhania-ieit-Asny-akriptovaliuta-argama-ararazy-iou-akhaati-aeish-1032561599.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0c/03/1031397027_0:0:1333:1000_1920x0_80_0_0_87112536ae6d617591b6423e96c77508.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны амаинингтә фермақәа раҿыхра
ажәабжьқәа, аԥсны амаинингтә фермақәа раҿыхра
Ешба изакәанымкәа х-фазакны иҟоу аҽаԥшьрақәа раарԥшраз аусурақәа рӷәӷәатәуп иҳәеит
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба акриптовалиута закәаншьаҭада арҳара аԥырҟәҟәаразы аоперативтә штаб изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥигеит.
АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба изакәанымкәа х-фазакны иҟоу аҽаԥшьрақәа раарԥшраз аусурақәа рӷәӷәатәуп иҳәеит, абри атәы
аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Ешба иазгәеиҭеит раԥхьа иргыланы х-фазактәи аҽаԥшьрақәа рзы аинформациа шырҿыцлатәу.
"Иҟалоит ауаа ари аус иаԥырҵхьазар, арахь иҳамоу аинформациа ажәхьеит. Шәара аҭыӡҭыԥқәа рахь шәнеиуеит, афидерқәа гәашәҭоит. Аусура рӷәӷәатәуп. Уи шыҟаҵатәу иахьа ҳалацәажәеит. Закәаншьаҭада аҽаԥшьрақәа змоу рызҵаара аҽакала иалацәажәатәуп. Уи азы иахәҭоу амчра ҳамоуп. Аусура ишахәҭоу еиҿкаатәуп", - иҳәеит Ешба.
Ешба адҵа ҟаиҵеит амчыбжь анҵәамҭазы иҟаҵоу аусуразы аҳасабырбақәа аздырхиарц.
Иара убасгьы, Беслан Ешба Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал диазҵааит афымцатә ҳақәа рҭагылазаашьазы.
Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа аиҳабы иҳәеит ахьанҭарақәа аҭыԥ шрымоу, игәаанагарала урҭ амаинерқәа русура ишадҳәалоу. Убри аан иазгәеиҭеит ақалақь аҿы аферма дуқәа шыҟам, аха ахатәыҩнқәа рҿы ахархәагақәа шыҟоу.
"Анаплак дуқәа зегьы аус рыдуылоуп, лассы-ласс ҳарҭаауеит, игәаҳҭуеит. Ауадаҩрақәа ахьыҟоу ауааԥсыра рҿоуп", - иҳәеит Џьынџьал.
Беслан Ешба зус здыруа аҟазацәа русбарҭақәа ааԥхьара риҭеит адыррақәа зегьы аус рыдыруыларц.
Ҭемыр Џьынџьал иҳәеит иара убасгьы Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа ахатә сектор аҿы аҭаҩратә хархәагақәа рықәыргылара ишалагаз. Аԥсшьарамшқәа раан мацара 120 хархәага ықәыргылан, 1180 цыра "Амшынеиқәафымцамч" ирнаҭаз аҟнынтә.