АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абҵара 18 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив аминистр ҿыц Инал Арӡынба дыдирдырит.
Бжьаниа иазгәеиҭеит уаанӡа аминистрс иҟаз Даур Ақаҩба аҽа усурак ахь дшиагоу, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дшыҟаҵоу Инал Арӡынба.
Атәыла ахада иҳәеит дшақәгәыӷуа анапхгаҩ ҿыци аколлективи русеицура маншәалахап ҳәа, уи алҵшәа бзиақәа аанарԥшып ҳәа.
Даур Ақаҩба иколлегацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит русеицуразы.
"Аколлектив реиҳараҩык қәыԥшуп, рҟазаратә дырра ҳаракуп", - иеиҳәеит Ақаҩба аминистр ҿыц ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит.
Арӡынба атәыла ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит изыҟаҵоу агәрагаразы, иҳәеит адәныҟатәи аполитикаҿ аҭагылазаашьа шыуадаҩу, аха имҩаԥгахо аусура алҵшәа аанарԥшып ҳәа дшақәгәыӷуа.
Инал Арӡынба диит 1990 шықәса рзы Аҟәа.
Инал Арӡынба 2018 шықәсазы Москватәии Урыстәыла зегьи Рпатриарх иҿы еиҿкаау Аҿар русқәа рзы ахеилак ахантәаҩуыс дҟаҵан. ИАР иалоу аҳәынҭқаррақәа асоциал-економикатә зҵаарақәа рзы аус рыцуразы Урыстәыла Ахада иусбарҭа адепартамент уаанӡа напхгаҩыс даман. 2018 шықәса лаҵарамза инаркны - ИАР иалоу атәылақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра, Алада Уаԥстәылатәи Ареспублика асоциал-економикатә зҵаарақәа рзы аус рыцуразы Урыстәыла Ахада иусбарҭа аусзуҩыс дыҟан.
2017 шықәса рзы иара иаԥшьигеит агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" аиҿкаара.
2020 шықәса рзы иаԥиҵеит анапхгаҩцәа ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура". 2021 шықәса инаркны иара, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иеиԥш, анапхгаҩцәа ҿарацәа адгылара рыҭара иазку аплатформа "Аԥсны аԥеиԥш" ҳаҭыр зқәу ахантәаҩыс дыҟоуп.