Аицлабра ҿыц "Аԥсны агәадура" мҩаԥгахоит 2021 шықәсазы

© SputnikКонкурс молодых лидеров "Гордость Абхазии"
Конкурс молодых лидеров Гордость Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2021
Анапаҵаҩра
"Аԥсны агәадура" – анапхгаҩцәа ҿарацәа реицлаброуп, хықәкны иамоуп ареспублика аҿар ралкаареи адгылара рыҭареи.

АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Аицлабра ҿыц "Аԥсны агәадура" мҩаԥгахоит 2021 шықәсазы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иалнаршар ҳәа Аԥсныпресс иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла аҳәынҭқарратә бжьагаҩ, апроектқәа "Аԥсны аԥеиԥш", "Аԥсны агәадура", "Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" равтор Инал Арӡынба.

Арӡынба иазгәеиҭеит "Аԥсны агәадура" актәи аицлабра аихшьаалақәа рышьҭахь ишцәырҵыз зус здыруа, атәыла аинтересқәа жәларбжьаратәи аренаҿ ахьчара зылшо аҿар ргәыԥ.

"Ари социалтә мардуануп. Асистематә шьаҭа аманы аус аулароуп. Усоуп аханатә ишҳагәҭакызгьы. "Аԥсны агәадура" аҳәынҭқарратә маҵзурахьы ауаа рыдкылара амодель ҿыцқәа иреиуоуп. Адунеи зегь аҿы рхы иадырхәоит аусуҩцәа рыдкыларазы аицлабратә технологиақәа, аҳәынҭқарра анапхгараҭара ахаҭабзиара аиӷьтәра алзыршаша", - ҳәа иҳәеит иара.

Арӡынба иҳәеит Аԥсны аҿар Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рҿы рыхьӡ аҭгаразы ишаԥҵаз "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа".

Программа реформ Будущее Абхазии была разработана финалистами конкурса Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2020
Ареформақәа рымҩала: иӡыргоуп апрограмма "Аԥсны аԥеиԥш"

Убри аан иара иазгәеиҭеит атәыла аҩнуҵҟагьы агәыҳалалра шырҿиалатәу.

"Ацҳаражәҳәаҩцәа рыхәҭак уи иаҿуп. Сгәы иахәоит Аԥсны агәыҳалалратә фондқәеи аиҿкаарақәеи рыҟазаара" ҳәа иҳәеит иара.

"Аԥсны аԥеиԥш" — ари аофициалтә ҭаҩра змоу уаажәларратә еиҿкаароуп. Иара ԥхьаҟатәи астатус аҿар иҳәаақәырҵоит. Асоциалтә платформа аԥҵоуп аҿар урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалараан ацхыраара аҟаҵаразы. Аплатформа "Аԥсны аԥеиԥш" анапхгаҩцәа ҿарацәа ралкааразы аицлабра иалахәыз еиднакылоит, урҭ атәыла аԥсҭазаара ралахәра иацхраауеит", - ҳәа иҳәеит иара.

"Аԥсны агәадура" - анапхгараҭаҿы аус зур зылшо аҿар реицлаброуп, уи хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи. Аиҿкааҩцәа ргәы излаҭаркыз ала, ари аицлабра анапхгаҩцәа ҿарацәа рзы социалтә цхыраагӡахоит, шьаҭасгьы иазыҟалоит ламыс злоу, зус здыруа абиԥара ҿа рыбзоурала аҳәынҭқарратә аппарат арҿыцра.

Презентация образовательной платформы Asura  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2021
Sputnik аҟны иӡыргоуп Аԥсны арҵаҩцәа Рассоциациа асаит

Анапхгаҩ ҿарацәа раԥхьатәи реицлабра "Аԥсны агәадура" хыркәшоуп. Аиааира згақәаз рыхьӡқәа рылаҳәан нанҳәа 25 ахәылбыҽха, Аҟәа.

Аицлабраҿы аиааира згаз алкаан алахәцәа рфиналтә реитинг алҵшәақәа рыла, иара шьақәгылон 70% аконкурстә комиссиа рыхәшьаралеи, 30% онлаин-бжьыҭаралеи.

Ауаа рыбжьыҭареи аконкурстә комиссиа рыхәшьареи неилаҵаны актәи аҭыԥ ааникылеит Саид Беиа, аҩбатәи – Асҭамыр Қәҭарба, ахԥатәи – Александр Ачба, аԥшьбатәи – Алмахсиҭ Осиа, ахәбатәи – Абзагә Ҵәыџьба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0