Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инал Арӡынба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрc дҟаҵоуп

© Sputnik / Владимир ТрефиловИнал Ардзинба
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан Даур Ақаҩба.
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа адәныҟатәи аусқәа рминистрс Инал Арӡынба иҟаҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит, абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.
Уаанӡа министрс иҟаз Даур Ақаҩба даҽа маҵурак ахь диагоуп ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Инал Арӡынба диит 1990 шықәса рзы Аҟәа.
Инал Арӡынба - Урыстәыла аҳәынҭқарратә абжьгаҩ иаша ҳәа амаҵура ааникылоит. Иара Москватәии Урыстәыла зегьи Рпатриарх иҿы еиҿкаау Аҿар русқәа рзы ахеилак дахантәаҩуп. ИАР иалоу аҳәынҭқаррақәа асоциал-економикатә зҵаарақәа рзы аус рыцуразы Урыстәыла Ахада иусбарҭа адепартамент уаанӡа напхгаҩыс даман. 2018 шықәса лаҵарамза инаркны - ИАР иалоу атәылақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра, Алада Уаԥстәылатәи Ареспублика асоциал-економикатә зҵаарақәа рзы аус рыцуразы Урыстәыла Ахада иусбарҭа аусзуҩыс дыҟоуп.
2017 шықәса рзы иара иаԥшьигеит агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" аиҿкаара. 2020 шықәса рзы иаԥиҵеит анапхгаҩцәа ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура". 2021 шықәса инаркны иара, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иеиԥш, анапхгаҩцәа ҿарацәа адгылара рыҭара иазку аплатформа "Аԥсны аԥеиԥш" ҳаҭыр зқәу ахантәаҩыс дыҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0