Аԥсны

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь даҭааит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәаразы ацхыраара аҟаҵараз нанҳәа 18 рзы. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ҩынтәуп Аԥсныҟа ацхырааразы агоспиталь аарышьҭуеижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин "Аиҭар" игылоу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь даҭааит.
Агоспиталь аиҳабы Абдулмеџьиҭ Магомедов адипломат изеиҭеиҳәеит ачымазцәа рыхәшәтәразы агоспиталь амедусзуҩцәа имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Ауаа ааиуеит, ПЦР-диагностика иахысуеит, ҩба-хԥа сааҭ рыла аҭак роуеит.
Абдулмеџьиҭ Магомедов
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аиҳабы
Иара убасгьы иҳәеит, нанҳәа 18 раахыс ишрыдыркылахьоу ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ареспублика ауааԥсыра амбулатор ҳасабла, астационар иахысхьеит 600-ҩык рҟынӡа ҳәа. Иахьазы агоспиталь иҭоуп 83-ҩык, урҭ рҟынтәи 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп.
Ацҳаражәҳәаҩ даҭааит амедусзуҩцәа ПЦР-диагностика ахьымҩаԥырго аҭыԥ. Магомедов инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳақьымцәа аматериал анроулак ашьҭахь иара агоспиталь аҵакыраҿы иҟоу алабораториахь ишынарышьҭуа.
1 / 3

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь даҭааит

2 / 3

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь даҭааит

3 / 3

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь даҭааит

"Ауаа ааиуеит, ПЦР-диагностика иахысуеит, ҩба-хԥа сааҭ рыла аҭак роуеит", - иҳәеит иара. Ацҳаражәҳәаҩ ирбан алабораториа.
"Зыхә ҳараку ареактивқәа ҳамоуп. Урҭ архьшәашәагақәа ирҭоуп. Аҳақьым-лаборант ПЦР-диагностика мҩаԥигоит", - иҳәеит Магомедов.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аусура ахә ҳаракны ишьеит акороновирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥараҿы.

Ауаа рзы ари акраҵанакуеит. Агоспиталь алагала дууп акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы. Анцәа иҳәааит ҳазегь ҳамчқәа еилаҵаны ачымазара ҳаиааиуа.

Алексеи Двинианин
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ
Уи адагьы Двинианин идырбеит ацифратә ренген ахьгылоу аҟәша, днеины ибеит ачымазцәа ахьырхәышәтәуа.
Агоспиталь ахь иааиуа ауааԥсыра рыдыркылоит уахи-ҽни, ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Аԥсны
Аҟәа иҟоу Урыстәыла арратә мобилтә госпиталь аҟынтә илҩаауп 470-ҩык апациентцәа
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Анаҩс аҭакқәа иахьынтәаашьҭу идырхынҳәуеит. Алабораториа иалшоит аамҭак ала 24 биологиатә материал адкылара.
Агоспиталь амобилтә лабораториақәа рҿы имҩаԥгоуп 8 000 рҟынӡа аклиникатә ҭҵаара, х-нызқь ПЦР-тест, зқьы инеиҳаны рентгенограмма.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистр Аԥсны аепидҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит
Амобилтә госпиталь акоронавирустә инфекциа ҿыц зыхьуа рыхәшәтәразы астационартә медицинатә хәшәтәырҭоуп. Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, урҭ даҽа 24 иара-ҭыԥ рыла ихарҭәаауп, даҽа 26 ҭыԥ аҟаҵаразы алшара ыҟоуп. Аҳақьымцәа ргәыԥ шәҩык ыҟоуп, аус руеит бригада-бригадала рҽеихшаны.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь уаанӡа Аԥсныҟа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәаразы ацхыраара аҟаҵараз нанҳәа 18 рзы.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ҩынтәуп Аԥсныҟа ацхырааразы агоспиталь аарышьҭуеижьҭеи.
Аԥсны
Аԥсныҟа иаагоуп алаҵа "Спутник V" апартиа