Аԥсны

Ростуризм аҳәара ҟанаҵеит Аԥсны амчрақәа атуристцәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа хылаԥшра рырҭаларц

Ростуризми Аԥсны атуризм аминистрреи рхадацәа реиԥылараан азхьаԥшра ҷыда аҭан урыстәылаа Аԥсны рыԥсшьараан ршәарҭадара аиҿкаара.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. Ростуризм аиҳабы Зарина Догузова аҳәара ҟалҵеит Аԥсны амчрақәа атуристцәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа хылаԥшра рырҭаларц, хаҭала Пицунда аресторан аҿы аҭыԥ змаз ахысра, ааха зауыз акомпенсациа рзыҟаҵара, ҳәа азгәаҭоуп Ростуризм асаит аҿы.
Догузова илҳәеит сынтәатәи аԥхынразы аҭыԥ шрымаз ахҭысқәа, убри аан урыстәылатәи атуристцәа ааха шроуз.
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи еиқәшаҳаҭхеит атуристцәа рхыԥхьаӡара аррацәаразы
"Апансионат "Самшитовая роща" аресторан аҿы ҩыџьа урыстәылаа ахәрақәа роуит иҟаз ахысраан. Ааха зауыз ражәақәа рыла асасааирҭа ахадара аимак аҭышәныртәалара иалахәымызт, атуристцәа акомпенсациа рызшәамызт", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа асаит.
Ростуризм ахада илҳәеит Аԥсны анапхгара иҟарҵо шмаҷым атуристцәа рыԥсшьараз аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵараҿы.

"Аха ҳара ҳазааҭгылоит атуристцәа ршәарҭадара иҷыдоу ахылаԥшра амазарц. Убри ауп сколлега Ҭеимураз Владимир-иԥа сызиҳәо арии егьырҭ аҭыԥ змаз ахҭысқәеи иҷыдоу ахылаԥшра риҭарц, иара убасгьы, ааха зауыз атуристцәа акомпенсациа рызшәара азҵаара ӡбазарц. Иара убасгьы аԥснытәи аган ахь аҳәара ҟасҵоит апансионат "Самшитовая роща" аганахь ала агәаҭарақәа мҩаԥгазарц", - ҳәа лҳәеит Догузова.

Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит Атуризм аминистр ишазгәеиҭаз арҭ ахҭысқәа атәыла анапхгара хылаԥшра шрырҭо, акомпенсациатә шәарақәагьы рызҵаара шыӡбахо.
Рашәара 15 азы апансионат "Самшитовая роща" аресторан "Аԥсны" аҿы атәылауаҩ Дмитри Ԥлиа ихысра иахҟьаны ҩыџьа урыстәылатәи атуристцәа ахәрақәа роуит. Дара Шәачеи Краснодари ахәшәтәырҭақәа рахь инаган.