Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Урыстәылеи еиқәшаҳаҭхеит атуристцәа рхыԥхьаӡара аррацәаразы

© Foto / Пресс-служба Министерства туризма АбхазииПодписание Меморандума между Минтуризма Абхазии и Ростуризмом
Подписание Меморандума между Минтуризма Абхазии и Ростуризмом - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Москва дыҟоуп усутә ныҟәарыла. Ара еиԥылеит Ростуризм аиҳабы Зарина Догузовои иареи.
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Москва нап аҵаҩуп Аԥсны атуризм аминистрреи Ростуризми рыбжьара атуризм аусхк аҟны аилибакаареи аусеицуреи рзы Амеморандум. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Адокумент анапаҵаҩра аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара иацхраауеит, наҟ-ааҟтәи атуристтә еимдара иазнарҳауеит, иарҭбаауеит атуристтә маршрутқәа.
Рицинский реликтовый национальный парк - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2021
Аԥсны
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы 2021 шықәсазы апарк иарҳаз аҳасабырба ҟаиҵеит
Аԥснытәи аган ахьӡала Амеморандум инапы аҵеиҩит атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, урыстәылатәи аган ахьӡала – Ростуризм аиҳабы Зарина Догузова.
Аԥсни Урыстәылеи ртуристтә усбарҭақәа рхадацәа атуристцәа рыԥсшьаразы аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵара азҵаара иалацәажәеит, аԥхынтәи асезон амҩаԥысшьа иазааҭгылеит.
Ростуризм аиҳабы Зарина Догузова инаҵшьны иазгәалҭеит урыстәылатәи атуристцәа аԥыжәара шарҭо даҽа тәылак аҵакыраҿы шәарҭарада, иҭынчны аԥсшьара.
Хышба Ростуризм аиҳабы илыдигалеит акруизтә ӷбақәа Аҟәа амшынтә баӷәаза раҭаара азҵаара дахәаԥшырц. Аминистр иҳәеит акруизтә туризм аҿиара Аԥсныҟа хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа раара ишацхраауа, уи Аԥсны атуристтә лшарақәа шеизнарҳауа.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Хышба: Аԥсны атурсезон аҵыхәтәантәи 30 шықәса рзтәи арбагақәа иреиҳахеит
Ажәабжьқәа зегьы
0