Аԥсны

"Быжь-хьшьцәа еилоуп, быжь-гәара рыкәыршоуп": аарыхратә, анхамҩатә ҭәҳәақәеи ажәаԥҟақәеи

Аарыхреи анхамҩеи ирызку аҭәҳәақәеи ажәаԥҟақәеи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik
Арахә абна илахар
Ауаҩы инхамҩатә ԥсҭазаара иадҳәалоу аҭәҳәақәа зегь реиҳа апрактикатә ҟазшьа рымоуп уҳәар ауеит. Иахьагьы ақыҭақәа рҿы урҭ хархәара рымоуп. Ҿырԥштәыс иаагозар, арахь иаҵанакуеит арахә абна ианылахалак имҩаԥырго ақьабзи аҭәҳәеи.
Жәабран: Аиҭар инцәахә ду – арахә ирхылаԥшу изку аныҳәара
Анхаҩы изакәызаалак рахәык абна ицәылахар, агыгшәыг ицәырымфарц азы амаркатыл, ма ачақы еихаҿаҳәаны иҟаиҵар, амагиатә мчы амоуп ҳәа иԥхьаӡоуп – агыгшәыг ацқәагьы еихаҿаҳәахоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Еихаҿарҳәаз амаҭәар иара убасгьы рқьышә инадкыланы иаҿаҭәҳәоит, амагиатә мчы еиҳагьы иӷәӷәахарц азы. Усҟан ирҳәоит абас еиԥш иҟоу ажәақәа:
Атыг, атыг, уча, хага,
Саркьа благ,
гәалгас, гәаблакь,
Шәоубан, шәоуҟьан, шәахьчан Гьаргь,
Быжь-хьшьцәа еилоуп,
Быжь-гәара рыкәыршоуп,
Аиҭар џьамгәын раԥхьа игылоуп,
Уакьысыргьы иԥсуеит,
Уакьымсыргьы иԥсуеит,
Ушнарца-нарцауа,
Ашша улықәҵәрыр,
Аџьаџьа улықәҟьа,
Ушьапы хыхьча шьапыс иҟасҵап,
Уцәа хрыҭәҳәас иҟасҵап,
Ухаҭа амшын агәы ухысҭәҳәалап.
Арахә еибганы ианхынҳәлак, амаркатыл ԥдыртлоит, мамзар иҵасым ҳәа иԥхьаӡоуп.
Убас еиԥш аҩныԥсаатә ахьчаразгьы еиуеиԥшым ақьабзқәа мҩаԥыргоит. Иаҳҳәап, акәҷышь ахьшь иазымго аҟаҵаразы. Арҭ аҭәҳәақәа здыруа иахьагьы иҟоуп.
"Аура хаҳароуп"
Ажәытәан аԥсуаа ирымаз анхашәа формақәеи аҵасқәеи зныԥшыз ажәаԥҟақәа иреиуоуп: "Лаҵан иумҳәаз, бҵан иузҳәом" - ари ажәаԥҟа илаумҵо узҭагалом ҳәоуп иаанаго, иара убас аҵакы еиҭарсны, абзиа уур, абзиа уақәшәап, ацәгьа уур, ацәгьа уақәшәап ҳәа рҳәарц анырҭахыугьы рхы иадырхәоит.
"Џаџа – ҳуҭра рџаџа, ҳамхы рџаџа!": аҽаҩра барақьаҭхарц аныҳәара
Аха иара аԥсуаа иаадрыхуаз ахәыӡ ауп зыӡбахә аҳәо. Ахәыӡ ларҵон, аха иҭаагалоит, ма иҿаҳхуеит рҳәаӡомызт, "иҳабҵуеит" ҳәа акәын ишырҳәоз. Ахәыӡ анырыбҵуаз амзагьы абҵара ҳәа иашьҭан.
Еиуеиԥшым анапҟазарақәа зныԥшыз ажәаԥҟақәа:
"Ауапа ҟаҵашьа ззымдыруаз аӡы лаадыргон";
"Ажьи цәгьа итәы ақәиҵеит";
"Уаб дуап-цәҳәызаргьы, уара ууапхәылдандаз".
Ажәлар еснагь аџьа ҳаҭыр ақәырҵоит, убри азоуп абарҭ рҩызцәа ажәаԥҟақәагьы заԥырҵаз:
"Аџьабаа абзабаа ацуп";
"Разҟыс иҟоу ахшыҩи амахәҿеи роуп";
"Ауаҩы иусуреи ицәажәашьеи рыла дудыруеит, аҽада – алымҳала";
"Аура хаҳароуп";
"Ианаамҭоу илауҵо, ианаамҭоу игылоит";
"Џьабаала иурҳауа аҿаҵа хаахоит".
Аԥсуа жәлар ражәа хьыршәыгәқәа егьа аамҭа рхыларгьы, рактуалра шыҟац иаанхоит. Ажәлар рыԥсҭазааратә ԥышәа, рфилософиа, рдунеихәаԥшра иарҿиеит аамҭақәа ирықәлахаша ажәаԥҟақәа. Ажәаԥҟақәа аҿиара ирымоу дук ирацәамзаргьы, аамҭацыԥхьаӡа ицәырҵуеит иҿыцқәоугьы.
Хьарала умаџьанамхарц, абарақьаҭра мцарц: арахәааӡара иадҳәалоу ажәлар разгәаҭарақәак