Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
"Уара Жәабран, Аиҭар инцәахә ду!.." - абас иалагалон ари аныҳәара жәытәла. Аха иахьа шамаха даанымхаӡеит уи иӡбахә зҳәо. Аиҭар, аҧсуа мифологиаҿы аҩнатә ҧстәқәа дрынцәаны даарҧшуп. Уи иҵанакуа анцәахәқәа рҟынтәи иахьа иазгәарҭо, еиқәханы иаҳзаанхаз Жәабран ныҳәа заҵәык ауп. Иара арахә ирынцәахәуп. Ари Аиҭар-Бжьаиҭар ихьӡала имҩаҧырго аныҳәарақәа злалаго ауп. Егьырҭ афбагьы рымҩаҧгашьа ақьабз ҷыдарақәак ракәымзар еиҧшны иаарҧшуп аетнографцәа ранҵамҭақәа рҟны. Иаарылыҳәҳәо иҟоу Жәабран ныҳәа ауп.
Ари аныҳәара амҩаҧысшьа ҳбарц азы ҳара ҳарҭааит Кәтол ақыҭа инхо Ахра Гәаланӡиа иҭаацәа. Иара аҽазыҟаҵара хацыркын ачгара аҵалара ҩымчыбжьа шагыз – амшаҧы аныҳәа аламҭалазтәи ақьабзқәа рзы. Раԥхьатәи аишәаргылара – кәацла-бысҭала, иҳаҩсыз амҽыша ашьҭахь Жәабран-мгьал иазкыз амажәа азырхиан. Уи мчыбжьык ичуан, иҵәыҵәуан.
Аҧшәмаҧҳәыс Раиса Гәаланӡиа иаҳзеиҭалҳәеит жәабран-мгьал шыҟарҵо атәы.
"Аӡи ашыла ҟаҧшьи рыла искәаҳауеит, бжьы мшы игылоуп, уа иҵәуеит. Есҩымш исырҩынтуеит. Шаанӡа сгылан исырсоит, нас ашыла аҭаны арсара уалагоит. Ацха, амахәыда, ашьақар аҭаны иҟауҵоит. Амахәыда ауп ихадароу. Аџьыкхыш асҭоит. Санхәа лоуп са исзырбаз ара санааи, убасоуп ишыҟаҳҵо".
Иара анеилдырхуа араса алаба ала иҟарҵоит, убри аҟынтәи ауп аҵәырса мгьал ҳәагьы ахьӡ шаауа – ҵәыла ирсоу. Мчыбжьык аҵәырсара иаҿыз амажәа (уи есыҽны еилдырхуан, иахылаҧшуан), аҩбатәи аишәаргылара амш азы – шәыла-бысҭала, шьыжьы инаркны шьыбжьаанӡа есуажәы-уажәы инеины еилдырхуеит. Ашьыбжьон азы аӡрахьы иниасуеит.
Аныҳәа зыҟны имҩаҧысуа аҧшәма Ахра Гәаланӡиа мызкы шабжьазгьы ари аныҳәара аҽазыҟаҵара далагахьан. Уи амаҵурҭа аҩнаргәы абжа аҵкыс инеиҳаны анышә ҭаҧсаны икәаҳаит амгьал аӡырҭа ҭыҧс иҟаҵаны. Аныҳәа иахҭыгәло асасцәа - аԥханагьлацәа ҳәа ирышьҭоуп, уи рҽаладырхәыр ҟалоит агәылацәа-азлацәа, аха иара мҩаҧызго аҧшәмацәа роуп ҭаацәашәала.
Аритуал иахьалаго аҭыҧ аҟны амца еиқәҵаны ирымоуп шьыжьнаҵы. Амажәа азхара ианеилырхлак ашьҭахь, ачуан кнаҳаны, ахьурӡеиҧш иаарҩынтны идыршуеит, иҭакәаҳауа. Ашьыжь асааҭ ааба инаркны шьыбжьаанӡа – асааҭ акынӡа уи арсара иаҿын аҷкәынцәа инеимда-ааимдо иааҟәымҵӡакәа идырҩынтуан. Ахәышҭаара ахаҭагьы мцала иршны иҟарҵеит. Шьҭа иҟалеит ҳәа ргәы ианаанага, ачуан ныкныхны аҧшәмаҧҳәыс араса ҵәы х-ҿыкны иҟоу аҵәырса инҭшьны инкаҟьо дныҳәоит: "Шәхәыжә, шәҟьыжә ада ԥхасҭа шәымамкәа, изфо, изжәуа агымкәа, схәыҷқәа агәабзиара роуа, ахабзиара роуа", - ҳәа лмоҭа шьмоҭа, лхы, лыхшара дрықәныҳәоит.
Ашьҭахь ахәышҭаара рыцқьаны, аҭанақьы адҵаны иҟарҵоит аҧшькәакьк рыла. Ахәажә абӷьала ихырҟьоит ахәышҭаара. Ачуан иҭоу аҵәырса наган инықәырҵоит иазеиҟараны. Уи ахыхь дырҩегь ахәажә бӷьы нақәҵаны аҧырӷы нақәрыҧсоит аӡразы. Амца аҧхара аҟалара иацхраауеит аҧшхәынҵәқәа рықәҵо.
Жәабран - арахә реизҳаразы, ԥырхага рымамкәа рааӡаразы аԥсуаа иныҟәырго аныҳәара
Абас ритуал хкыла имҩаҧысуа ари ақьабз иадыргалоит Ацқьа ашә. Уи иазкыз аныҳәарагьы асабшаҽны имҩаҧган. Ари ашә ауп Жәабран-ныҳәа мҩаҧызго иақәырҵогьы. Урҭ амгьал анӡлак инаган инақәҵаны еидкыланы иныҳәоит. Ашьҭахь, хыхь дырҩегьых ахәажә бӷьы нақәҵаны ахәышҧырӷы нақәыҧсаны ирӡуеит. Аӡра ҩбаҟа сааҭ иаҿын.
Амгьал анӡы, аҧшәмаҧҳәыс ацәашьы кны аҩнаҭа дырҩегь аныҳәара дналагоит уаанӡа илҳәахьаз ажәақәа неиҭаҳәо: "Ҳарахәи ауааҧсыреи ҳаибааӡо, ҳарахә рхәыжә, рҟьыжә ада ҧхасҭа ҳамамкәа", - ҳәа наҳәаны ацәашьы наганы инкыдылҵоит. Дныҳәаны данаалгалак, амгьал ааҽҳәыхны, иаарыцқьаны ҽыҭ-ҽыҭла инамхны ашә ҧҟаны инақәҵаны ирфоит.
Аҧшәма Ардон Гәаланӡиа даныҷкәыназ ари аныҳәара шымҩаҧыргоз игәаларшәо иҳәоит уи хәмарраҵас ишымҩаҧыргоз атәгьы.
"Ҳаныхәыҷқәаз сабду данныҳәоз абри аҵәырса каҟьаны ҳара иаҳҿаиҭәон, иаҳгәыдиҭәалон абарақьаҭра шәзаанагааит ҳәа. Нас, ҳаизаны агәылара ҳцон, арахь иаауан, иаҳа зымгьал хаахаз ҳәа ҳаисон", - иҳәеит иара урҭ аамҭақәа игәаларшәо.
Сара жәабран-мгьал раҧхьаӡакәны агьама збоит. Акырынтә зыӡбахә ала аҭҵаамҭақәа срыҧхьахьаз аныҳәа хаҭала алахәра насыҧс иахьсоуз агәахәара ду снаҭоит. Еиҭарҳәоны исаҳахьаз аасҭагьы жәабран-мгьал агьама акыр нашана шаҵаз снырит, уи ахаара атәгьы еиҭаҳәашьа амам.
Гәахәара дууп аҧсуа традициақәа еихаҳа уа иаазго аҭаацәарақәа аҿарацәагьы ахьрыҵагыло. Иазгәаҭазар сҭахуп, ари ижәытәӡоу ақьабз иахьа имҩаызго рхыҧхьаӡара иаҳа ишмаҷугьы, уи аиҭаҿиара шаиуа убоит. Аԥшәма Ардон Гәаланӡиа уажәшьҭа аишәахь ҳниасны данныҳәоз "абри аӡра иаҿуп ҳәа шаҳҳәо акәымкәа, аҿар агәаҧхара роуны ишьҭырхыргьы ҟалоит идурбалар" иҳәеит.
Абарақьаҭра зцу Ардон Гәаланӡиа иҩнаҭа аҧхарра иаҵоу зегь дара реизыҟазаашьагьы ирнубаалоит. Аныҳәа урҭ рыуа-рҭахыра еиднакылаз аахәлаанӡа лахҿыхрала имҩаԥыргоит.