"Џаџа – ҳуҭра рџаџа, ҳамхы рџаџа!": аҽаҩра барақьаҭхарц аныҳәара

© Sputnik / Томас Тхайцукаҿа-маҿа
аҿа-маҿа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҽаҩраҭагалара анцәахәы Џаџа илызкны аԥсуаа уажәааны имҩаԥыргоз аныҳәара дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ҭагалан уажәааны анхацәа рымхқәа анҭаргалалак, ршәыр-рқәыр, руҭраҭых ҿыхны ианалгалак, имҩаԥыргоит азеиԥш ныҳәа ду ҽаҩраҭагалара иазкны. Уи инаҷыдангьы, ҭаацәацыԥхьаӡа имҩапыргон ҽаҩраҭагалара иазку аныҳәа иара Анцәахәы – Џаџа илызкны. Афатә дырхион лымкаала аԥшәмацәа иаадрыхыз руҭраҭыхи ашәырхкқәеи рыла.

Уборка урожая кукурузы в Абхазии (Лонгрид) - Sputnik Аҧсны
Нарҭыхә – аԥсуаа рҿы ихадароу ауҭраҭых аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ

Аетнографцәа Соломон Ажәанба, Григори Чурсин, Николаи Џьанашьиа уҳәа рҟынтәи иаҳзеиқәхаз адыррақәа рыла Џаџа [дыԥҳәысуп] илыҳәон аҽаҩра барақьаҭылтәырц. Идырхиаз афатә зегьы аишәа ианаақәырҵалак, аҭаацәа реиҳабы Џаџа лыхьӡала аныҳәара дналагон. Ашықәсан рҽаҩра беиахазар, уи илыџьшьаны, иҭабуп ҳәа лаиҳәон аҽаҩра беиазы. Имаҷхазар, иааиуа ашықәс азы рҽаҩра беиалтәырц, иаҳа еиҳахарц длыҳәон.

Григори Чурсин ишиҩуа ала, иара ихаангьы (XX ашәышықәсазы) Џаџа лкульт ауаа ирхашҭхьан, уи лымч ду аихырхәара иаҟәыҵәхьан. Аиҳарак уи илызку аинформациа еиқәханы иахьаанхаз аԥсуа жәлар рқьабзтә ашәақәа рҟноуп. Урҭ ашәақәа ртекстқәа ирныԥшуеит Џаџа дырзыцәгьамхарц азы лхәы-лыԥхь ҟаҵаны дышдыргәыбзыӷуаз. Џаџы лхәы иҟарҵо злырхуа ҳәа рыӡбахә ҳәоуп: аҟәыд, аҟаб. Ҿырԥштәыс иааҳгап ацыԥҵәаха, 1984 шықәсазы афольклорист Валентин Кәаӷәаниа ианиҵаз ашәа аҟынтәи:

"Џаџы, сбыкәхшоуп, Џаџы!

Абри аҟабақ бхәы сҵәахын,

Абра иҟасҵит, Џаџы.

Џаџы, аҟәыдеиларшәшәы бзиа иббоит ҳа,

Шьыжьымҭан сгылан ибзыҟасҵит, Џаџы…

Џаџы, ҳамхы рџаџа, Џаџы!

Ҳуҭра рџаџа, Џаџы!.."

Аҵарауаа ишырыҩуа ала, Џаџа илызкны ҩынтә имҩаԥыргон аныҳәара – ааԥынразы (алаҵара ианалагози), ҭагалан (иҭагалан ианалгалаки). Иҟарҵоз афатәқәа амхырҭахьы, ма ауҭраҿы инаганы акәын ишныҳәоз, абарҭ ажәақәа ҳәо: "Џаџа ду! Ҳара иҳахәҭаз зегь наҳагӡеит, ҳара иааҳгеит ибыхәҭоу зегьы, убри аҟынтә ҳбыҳәоит баҳхылаԥшырц, иҳаҭ аҽаҩра бзиа амхаҿгьы, ауҭраҿгьы!"

Осень в селе Отхара - Sputnik Аҧсны
Илауҵаз ауп иааурыхуа: ҭагалан ашәыгақәа Оҭҳара ақыҭан

Аныҳәараҿ иадыргалоз аҟны ихымԥадатәны иҟаз иреиуан аҟаб.

Баграт Шьынқәба иавтобиографиатә роман "Ахаҳә еиҩса" аҟны аперсонаж хада Лаган игәалашәарақәа рыла иаарԥшуп Џаџа илызкны иҭаацәа иҟарҵоз аныҳәара атәы:

"Ахаџьгәыгәын асахьа змаз акәакәар кәымпыл агәыблаа ианҵаны, аҭаҳмада [Лаган иабду Бежьан.– Е.Ҭ.] арахә днарылҵны, ауҭра агәашәахь днаскьоит. <…> Аҭаҳмада ауҭрахь инапы нарханы, деиҭаналагоит: Уа, Џаџа, шьарда зымчу! Былԥха, бгәыԥха ҳагыбмыжьын! Жәлацк ахькаҳаршәыз – адгьыл иқәӷьацо, алапҟьа иҿало – раки-ӡаки, хә-мацәки!.."

Даҽа ҭыҧк аҿы игәалаиршәоит абас: "Ԥшьашак аҽны, сан илжәыз акәакәарқәа алҩаҵә рыхҟьо, гәаблаак инанҵаны, ауҭра дааҭагылон. Лыӡӷабцәа наҟ-ааҟ иаалыдыргыланы, лкасы шкәакәа аалхыхны, Џаџа лыҵаныҳәара далагон" ҳәа.

Ишаҳбо ала, Џаџа илызкны ахацәагьы аҳәсагьы хаз-хазы иныҳәон, ахацәа – амхаҿы, аҳәса – ауҭраҿы. Ари аҩыза азгәаҭара ҟарҵоит зыӡбахә ҳамаз аҵарауаагьы.

Итрадициатәу аԥсуаа рынцәахәқәа - Sputnik Аҧсны
Итрадициатәу аԥсуаа рынцәахәқәа

Иахьатәи ҳаамҭазгьы, аҭагаларақәа ианаарылгалак, инеидтәалоит аҭаацәа аџьықәреи ҿа иалху абысҭа уны, рнапала иаадрыхыз ршәыр-рқәыр ала реишәа рхианы, арбаӷь, ма акәыт ҿа ршьуеит. "Иааҳрыхыз ихааны иаҳфо" ҳәа иақәныҳәоит уи анцәахәы ихьӡ рзымдыруазаргьы, уаанӡа еиԥш уажәы дыдмыргәыбзыӷуазаргьы.

"Џаџа дгәааргьы дыцәгьоуп. Лгәы ҟарҵалар, дыдмыргәаар акәын. Џаџа дузылԥхааит! — рҳәоит. Аԥша бааԥс асуеит, акырцх цәгьа ауеит… Аныҳәагатәқәа ҟаҳҵаӡом, ҳарҟәаҵт азы Џаџа ҳалцәымӷхазар акәхап" ҳәа рҳәоит афольклористцәа ранҵамҭақәа рҟны иаагоу аинформантцәа џьоукгьы (Сергеи Зыхәба ишәҟәы "Аԥсуа мифологиа" аҟынтә).

Издыруада, урҭ ахьиашоу ыҟазаргьы?! Ныҳәара мыцхәы ҟамлаӡац… Аԥсуаа иаԥырҵаз арҭ аныҳәарақәа урҭ рдунеихәаԥшра, рыбзазара аарԥшра адагьы, рыԥсҭазаара аиӷьтәра, арманшәалара иазкын. Иахьа аӡәы игәы иаанагар ауеит, уныҳәеит ҳәа иабаухәо, аусуроуп иаҭаху ҳәа. Ҳәарада, аџьабаа мбакәа алҵшәагьы зыҟалом, аха убри уџьабаагьы алҵшәа шыбзиахо ала агәрагарагьы ацзароуп!..

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0