Аԥсны

Озган есуахыки-ҽнаки афымцамчхархәара аизҳара зыхҟьо атәы далацәажәеит

2020 шықәсазы ауааԥсыра ирзынашьҭын 700 миллион мааҭ рыхә афымцамч, еизгоуп 200 миллион.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Афымцамч ес-уахыҽны ахархәара аиҳахара 1,7 миллион киловатт-сааҭ ыҟоуп ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аҳәынҭқарра ахада имҩаԥигаз аилацәажәараҿы, ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Лара илҳәеит Аԥсны ААР, АШәМ аԥхынразы имҩаԥыргоз ауснагӡатәқәа бжьаратәла ахархәара ладырҟәит миллион киловатт-сааҭ рҟынӡа аԥхынтәи амзақәа рзы. Лара лажәақә арыла аҭагылазаашьа еицәахеит жьҭаарамзазы.

"Аиҳабыра ари аус аԥхьаҟагьы иҳәаақәнаҵалоит, усбарҭа-цыԥхьаӡа аусурақәа мҩаԥнагоит", - ҳәа лҳәеит Озган.

Аилацәажәараҿы Аҳәынҭқарра ахада алашара ахәԥса аизгара азҵаара шьҭихит.
Арадио
Камлиа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҟны афымцалашара ахә шаҟаҩы иахыршәаауа
2020 шықәсазы ауааԥсыра ирзынашьҭын 700 миллион мааҭ рыхә афымцамч, еизгоан 200 миллион.
Озган илҳәеит аусбарҭеи "Амшынеиқәафымцамчи" ақыҭақәа рҿы аԥара зымшәоз рцәаҳәақәа шаҿырхоз, аха алҵшәа шамоуз.
Озган ажәалагала ҟалҵеит ақыҭақәа рҿы ауал зқәу рсиақәа шьақәдыргыларц.
"Ауаа ирдырааит ауал зқәу. Сара сгәаанагарла ари иарку аинформацианы ишьам. Ирдырааит зымшала аҭагылазаашьа уадаҩу", - ҳәа лҳәеит лара.
Аԥсны
Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик ҿыц алагалоуп
Ахада ажәадгала ҟаиҵеит аминистррақәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәа алашараз ахәԥса шыршәо аилкаара мҩаԥыргарц.
Иара убасгьы иҳәеит ашықәс нҵәаанӡа абиуџьеттә еиҿкаарақәеи анаплакқәеи руалқәа ршәарц.
Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы инапы ианҵоуп аҭыԥқәа рҿы аусура, араионқәа рахь инеины еиҳа ауадаҩрақәа ахьыҟоу ақыҭақәа рҿы аиԥыларақәа, аилацәажәарақәа мҩаԥигаларц.
Аԥсны
Бжьаниа Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рхадацәа афымцалашараз ашәахтә аизгара иацырҵарц рыдиҵеит