АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Аԥсныавтомҩа" аиҳабыс даҭоуп Михаил Логәуа, абри атәы аанацҳауеит аекономика аминистрра апресс-маҵзура.
Аусԥҟа лнапы аҵалҩит Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озган жьҭаара 22 рзы.
Уи аԥхьа "Аԥсныавтомҩа" напхгара аиҭон Борис Ачба, уи иганахьала лаҵара 5 2021 шықәсазы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа абиуџьет ԥара хыԥхьаӡара рацәала итәитәит ҳәа ахарадҵа ҟаҵаны азеиԥш режим иаҵанакуа ариашаратә колониаҿ быжьшықәса ҭакрыла ихигарци, имазара имхзырци қәҵараны иаднакылеит.
Михаил Логәуа диит ԥхынгәы 27, 1970 шықәсазы Аҟәа. 1987 шықәсазы далгеит Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ.
1995 шықәсазы далгеит Москватәи аҳәынҭқарратә автомобилтә-мҩатә институт "амҩангарақәа реиҿкаареи атранспорт аҟны анапхгареи" азанааҭ ала. 2012 шықәсазы далгеит РАНХиГС "аполитологиа" азанааҭ ала.
1995 шықәса инаркны 1997 шықәсанӡа аус иуан Москва акоммерциатә наплкақәа рҟны. 1997 шықәса инаркны 2003 шықәсанӡа аус иуан Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аппарат аҟны, административтәи азинхьчаратәи усбарҭақәа рыҟәша ареферентс, аекономика аҟәша ареферент еиҳабыс, аекономика аҟәша аиҳабыс.
2003 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа аус иуан Гәылрыԥшь араион ахадара афинанстә-економикатә ҟәша аиҳабыс, 2004-2005 шықәсқәа рзы – Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩс. 2005 шықәса рзы – араион ахадас. 2011 шықәса инаркны 2013 шықәсанӡа атәыла ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2014-2017 шықәсқәа рзы Москва акоммерциатә структурақәа рҿы аус иуан. 2017 шықәса инаркны иахьанӡа – С.У. Багаԥшь ихьӡ зху афонд аиҳабы.
2020 шықәса ԥхынгәы инаркны 2021 шықәса ԥхынгәынӡа "Амшынеиқәафымцамч" деиҳабын.