- Бзиара умазааит, Владимир Константин-иԥа! Иахьа уареи сареи, ари адунеи аҿы узлацәажәаша даара ишырацәоугьы, алитература мацара ҳалацәажәар сҭахуп… Избанзар, уи уареи сареи иаҳзааигәоуп, иҳаԥсҭазаароуп, ишырҳәо еиԥш, ҳазлацәажәашагьы ҳамоуп! Раԥхьа иргылан, рыхьӡ уҳәар сҭахуп, уара иахьеи уахеи иуцу, иузааигәаӡоу, аҵыхәтәантәи ҩынҩажәа шықәса ирыҵаркуа рҟнытә, уара иалукаауа быжьҩык аԥсуа поетцәа рыхьӡқәа!
- 40-50 шықәса раахыс аԥсуа литература аҿиараҿы зажәа, зҳәоу, зсахьаркыратә хәыцшьа ҩашьара ақәым апоетцәа рыӡбахә сҳәахьеит, рҩымҭақәагьы ахәшьара рысҭахьеит сдоктортә диссертациаҿы. Урҭ 15-ҩык иреиҵам. Аха абри аамҭала збаҩхатәра аҽцәырнагаз, хаҭала сара доуҳала, цәаҩала, гәҭыхаҳәашьала исзааигәоу 7-ҩык апоетцәа алыскаауазар, урҭ иреиуоуп: Б. Шьынқәба, М. Лашәриа, А. Аџьынџьал, Т. Аџьба, Р. Смыр, Г. Аламиа, Р. Лашәриа. Урҭ рырҿиара иадызбалоит сара схәыцрақәа кырӡа ирықәҿызҭуа ацәанырратә-емоциатәи, афилософиатәи дунеихәаԥшышьақәа. Аҳәса рпоезиа ари асимволтә хыԥхьаӡара аҳәаақәа иузырҭагӡом, аԥсуа поетессацәа рҟыбаҩ ҳаракуп, насгьы ҳлитератураҿы идырҵысит рҿиаратә цәқәырԥа дук.
- Владимир, уара адунеитә литература уазҿлымҳауп, ибзиан иудыруеит, имаҷымкәагьы еиҭоугахьоу ыҟоуп. Насгьы, уажә ааигәа ҳаԥсуа университет аҿы аиҭагара иазкны афилологиатә факультетқәа алекциа бзиаӡа урзаԥхьеит. Ушԥарыхәаԥшуеи ҳбызшәахьы ҳашәҟәыҩҩцәа еиҭаргахьоу арҿиамҭақәа, насгьы еиҳа иалукаауеи?! Аиҭагара ҳшалацәажәо, ҳаиасып иара ҳаԥсуа литературагьы адунеи егьырҭ абызшәақәа рахь аиҭагара аус ахьынӡанеихьоу. Иалкаатәӡами ҳахьӡ ҭызгаша, хымԥада раԥхьа еиҭагатәқәоу ҩымҭақәак?!
- Асахьаркыратә еиҭагара аус аҿы аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ирылшахьоу шьардоуп. Шьахәла еиҭагоуп аурыс классика, адунеитә классика аҟнытә аԥҵамҭа хатәрақәа жәпакы. Иҟоуп иԥсыҽу, аоригинал ашәшьыра иҵахаз аиҭагақәагьы. Аиҭагара баша калаҭшышрам, араҟа иаҭахуп абаҩхатәра дуи, аинтеллекти, аԥышәеи русеицура. Азҿлымҳара бзиа аман нхыҵ-кавказтәи алитература аԥсышәала арцәажәара апроцесс. Иахьа иаҳа игәыгәҭажьуп. Иаҳҳәозар, ҷыдала еиҭагатәу рҿиамҭақәоуп ҳашьцәа адыгаа Куиок, Чуиако, Емҟәыж уҳәа аҟазацәа дуқәа рроманқәа. Аха иҟоуп абри апроцесс аҿы методологиатә гәыгәҭажьрак. Аиҭагара асистематә ҟазшьа амам, аҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи рыхшыҩ неилаҵаны иазгәарымҭац аԥхьа еиҭагатәу, ашьҭахь еиҭагатәу, доуҳала, менталитетла аԥсуаа иаҳа иаҳзааигәоу, ҳестетикатә ҭахрақәа ирықәшәо. Ажәакала, араҟагьы иҟазароуп "шкала ценностей" ҳәа ҳзышьҭоу доуҳатә капангак.
Ааигәа Аԥсуа университет аҿы имҩаԥызгаз алекциаҿгьы сазааҭгылеит ари апроблематика. Ҳадраматургиа ахьысҳара иахҟьаны, Аԥсуа театр арепертуар аҿы аҭыԥ ду ааныркылт аҳәаанырцәтәи арҿиамҭақәа жәпакы. Аха уи мацарала хара ҳазцом, маҭәа уаарала мацара ауаа рахь ушызцәырымҵуа еиԥш. Џьара мҩақәак ԥшаатәуп амилаҭтә драматургиа ашҟа ашәҟәыҩҩцәа рхьарԥшразын...
Сгәанала, аԥсуа бызшәахь зегь раԥхьаӡа еиҭагатәқәоу аԥхьаҩ иаҳа дыздызыԥхьалаша, интересс ишьҭихша ажәабжьқәеи ановеллақәеи роуп. Иаҳҳәозар, аиспан новелла, афранцыз новелла. Ҳалаԥш иҵаҳмыжьроуп иара убас Алатинтә Америка иарҵысыз, "магический реализм" ҳәа изышьҭоу алитературатә тенденциа ҿыц, проблематикала ҳара ҳполитикатә ԥсҭазаара иақәҿызҭуа "адиктатортә романқәа". Ҳалаԥш ахызароуп змифоепикатә ԥшаарақәа рыла адунеи зегь зыршанхаз аиапон литература. Иахьатәи аетап аҿы Европагьы, Азиагьы рлитературақәа рҿы иҟоуп астильтә ԥшаарақәа маҷымкәа. Ҳақәшәозароуп еиӷьу-еицәоу аиҩдыраашьа.
- Уажәшьҭа ҳаиасып апроза иаҿу ашәҟәыҩҩцәа рахь. Абраҟагьы, иаҳзалукаар сҭахуп уара ухазы зегьы иреиӷьашьаны ирлас-ырласны узыԥхьо ҳашәҟәыҩҩцәа быжьҩык рыжәлақәа. Сара быжьба залысхыз, уара усгьы уазхәыцхьеит, урҭ ҳара аԥсуаа символк аҳасабала иҳацуп, быжь-цҳак, быжь-ӡык, быжь-шьхак!
- Апроза атәы ҳҳәозар, сгәанала, иалукааша рҿиаратә хаҭарақәоуп А.Гогәуа, Џь. Аҳәба, А.Џьениа, Шь. Ҷкадуа, Д. Занҭариа, Д. Наҷҟебиа, А. Лагәлаа. Аха араҟагьы, иҵегь инарҭбааны ажанр аҿиара ҳалацәажәозар, рыӡбахә уҳәар алшоит даҽа хәҩы-фҩы аҟазацәа хатәрақәа. Сара аӡәы иаҳа дысзааигәоуп естетикала, ԥсихологиала, аха даҽа ԥхьаҩык, даҽа литераторк – даҽа авторцәақәак иаҳа игәы иақәшәозар ҟалоит даҽа критериқәак рыла.
- Владимир, ушԥахәаԥшуеи иахьатәи ҳакритика? Сара сгәанала, уи ҳлитературатә жанрқәа зегь даара акыр ирыҵахоит, ицаҳәцаҳәуаз Владимир Аҵнариа "иҟамчы" зегьы иҳагуп! Даара ирацәоуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҭыҵны ажәак зхымҳәаакәа иҟоу ашәҟәқәа.
- Ҳаамҭазтәи аԥсуа сахьаркыратә критика акырӡа ихьысҳауп. Шьалуа Иналиԥа, Владимир Аҵнариа, Мушьни Лашәриа, Артур Аншба, Владимир Дарсалиа реиԥш иҟаз акритикцәа, аполемистцәа дуқәа раамҭа иҳаҵанаҳәо рацәоуп. Аха ҳазҭагылоу аамҭа иараргамаз амеркантильтә еизыҟазаашьақәа, аџьармыкьатә хәыцра маҷк алитературеи аҟазареи ишырӡывасызгьы умбарц залшом. Ус иҟоуп иахьатәи адунеи. Аха зегь акоуп ҳаихалароуп. Ашәҟәыҩҩцәа рхаҭақәа иаԥшьыргароуп адиалогқәа, ашәҟәқәа реилыргара, иаарту адискуссиақәа. Азҩа зӡаз иан дагеит ҳәа, иахьакәым ҳҿықәрыжьлар ҟалоит иахьа "хкаарашьҭынуп" ҳәа алитература атерриториахь ишакәхалакь ҳәа зҿаазхаз ауаа, насгьы аинтернет ресурсқәа ирхыҵәаз ахалтура. Амилаҭтә литература аныҟамла - ашәарҭа иҭагылоит абызшәа, уи ныҟәызго ажәлар.
- Владимир, ушԥахәаԥшуеи ҳлитератураҿы ҿыц иааиҵагылаз уаҵәтәи аҿар рырҿиамҭакәа? Насгьы, еиҳа ирылукаауада урҭ?
- Еиҵагыло аҿар рзы исҳәар сылшоит, урҭ ралагашьа цәгьам ҳәа. Абаҩхатәра иашаҵәҟьа змоу апоетцәа ҿарацәа ԥыҭҩык алитературатә аренахь ицәырҵуа иалагеит Анцәа имчала. Иаҳҳәозар, Д. Габалыиа, А.Аҟалӷьба, А. Ҷыҭанаа, Шь. Бганԥҳа, А. Жьиԥҳа, А. Анқәабԥҳа, Н. Џьынџьалԥҳа, А. Гәымба рлирикаҿы, ражәабжьқәа рҿы иубоит асахьаркыратә хәыцшьа ҿыц аҟазшьақәа, иоригиналтәу аҩышьа манерақәа. Иаҳа ихьысҳаушәа збоит апрозаҿы иҟоу аҽазышәарақәа. Аха араҟагьы ицәырҵуа иалагеит агәыҕра ҳазҭо шьаҿақәак. Алитературадырреи акритикеи рҿы рҿахәы цәгьамкәа ирҳәоит сгәанала Д. Габниаԥҳаи И. Гыцбеи.
- Владимир, уара алитератураҿы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы даара ҳаргәырӷьара уаҿуп! Апоезиа аҿы еиԥш, апрозаҿгьы. Иаарласны ажурнал "Алашара" аҿы иаҳкьыԥхьраны иҟоуп урҭ. Насгьы, даара иуқәҿиоит апародиа ажанр, ашықәс анҵәамҭазы еиԥылара бзиак хгәы иҭоуп, уаҟа хымԥада уҽалаурхәырц ҳуҳәоит! Амала, абраҟа иаҳҭахуп рыӡбахә уҳәарц, аҵыхәтәан иҭужьхьоу ушәҟәқәеи, наҟ-наҟтәи угәҭакқәеи рыӡбахә.
- Аҵыхәтәантәи аамҭазы иҭсыжьыз споезиатә еизгақәа ирылыскаауеит " Бзанҵы", "Саамҭа-сыԥшатлакә", "Адунеи азна". Алитератураҭҵаареи, асахьаркыратә публицистикеи, аессеистикеи рҿы –"Дисциплина духа", "Ключевые мысли", "Абхазская тетрадь". Сырҿиаратә лшарақәа ԥысшәоит апрозаҿы. Ажурнал "Алашара" ианылт сгәалашәарақәеи ԥсҭазааратә хҭысқәаки исыҵарҳәаз жәабжьқәак. Исымоуп макьана ицәырсымгац повестқәак. Ҽырбашақә сашьҭамлеит апроза, уи ажанр иацхраатәуп, иҭызгоз, иӡырызгоз аӡәырҩы ҳацәцеит. "Лета к суровой прозе клонят, Лета шалунью рифму гонят…" ҳәа баша имҳәозар акәхарын Пушкин… Саргьы сықәреи сԥышәеи гәыӷрақәак сырҭоит апрозаҿы иҿыцу темақәак сырцәажәап ҳәа. Планс исымоуп сҽазыскырц хазы шәҟәны иҭсыжьырц амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иазку сгәалашәарақәак, сара хаҭала сызлахәыз, сызхаану ахҭысқәа обиективла раарԥшра шьаҭас иҟаҵаны.
- Даара иҭабуп, Владимир, иахьатәи ҳаиҿцәажәара азы, сара агәра ганы сыҟоуп, уара макьана ҳаԥхьаҟа хаԥхьаҩцәа зыргәырӷьаша аҩымҭа бзиақәа шырзаԥуҵо! Насгьы, апроза ашықәс уааины уааҭагылеит, убаҩхатәра бзиеи, уԥышәа дуи, ухшыҩ ҵаулеи шыцтә лабашьа бзиак еиԥш иухәоит, узҿалан унеиуа ашьха ахыцәқәа кьышәкьышәрахь! Аманшәалара дуқәеи аԥхьаҩ дызгым ашәҟәыҩҩ иразҟ бзиеи узыпшызааит!
- Иҭабуп ҳаҭыр зқәысҵо Sputnik Аԥсны аҿы сҿахәы сҳәартә алшара ахьсоуз азы. Аманшәалара, аихьӡара ҿыцқәа! Ӡра-ԥсра ақәымзааит ҳлитература, ҳжәытә ҭоурых, ҳбызшәа ссир, Анцәа ду илаԥш хаа рыгымзааит ҳажәлар!