Амали арҿиареи еидҳәалам: аԥсуа поезиазы гәаанагарак

© Foto / предоставлено Елеонорой Когониа Аҟәа. Амра апоезиа ахәылԥаз ашьтахь.
Аҟәа. Амра апоезиа ахәылԥаз ашьтахь. - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 21 Жәларбжьаратәи апоезиа амш азгәарҭоит. Уи амш аҳаҭыр азы Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дазхәыцуеит аԥсуа сахьажәа асовет аамҭазы аҿиашьеи иахьатәи аамҭазы уи аҭагылазаашьеи.

Жәлар рпоезиа ақәра ду шамоугьы, аԥсуа сахьаркыратә литература, хаҭала аԥсуа поезиа аира амш Дырмит Гәлиа ишәҟәы "Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи" анҭыҵ нахыс иалагоит ҳҳәар ауеит. Уи аахыижьҭеи иҵуеит 109 шықәса.

Иахьа, адунеижәларбжьаратәи апоезиа амш азы, сызлацәажәарц исҭаху ицәырҵма аҩаӡара бзиа змоу 21-тәи ашәышықәсатәи апоетцәа ҳәа ауп. Иаҳхысыз ашәышықәса ҳхаҿы иааҳгозар, даара ҽаҩра бзиан аԥсуа поезиа амхурсҭаҿы. Зны-зынла схәыцуеит, ҳазҭоу аамҭазы аӡәгьы дымиргьы, ҳара иҳамоу арҿиамҭа лыԥшаахқәа акыр шәышықәса иахьӡаратәы иҟоуп ҳәа. 20-тәи ашәышықәсазы Гәлиа зышьаҭа икыз асахьаракыратә ажәа иаиуит аҩаӡара бзиа, иҿиеит агьама бзиа змаз ихьыршәыгәу аԥсуа поезиа.

Асовет аамҭазы ицәырҵит агенира иамазкуаз апоетцәа: Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба, Кьыршьал Чачхалиа, Таиф Аџьба, Саида Делԥҳа уҳәа, ихырку аԥҵамҭақәа аҭоурых иазынзыжьыз арҿиаҩцәа. Исыздыруам изыхҟьаз, аха зыхьӡ анаҳамҵаз жәларык апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи налаҵаны, аԥсуа литература қәра дук амаӡамкәа ҽаԥарак иԥеит асовет аамҭазы. Уажәшьҭа сазхәыцырц сҭахуп ирхыҵуаз ҳаклассикцәа иреиӷьыз рҩымҭақәа анаԥырҵоз? Иуа Коӷониа иакәзар, иажәеинраалақәа зегь ирылыҳәҳәо "Ашәарыцаҩ ашьха" иҩит 21 шықәса данырҭагылаз:

Кәыдры агәгәаҳәа, еибах-еибафо,

Ашацкыра - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2020
Акаҳуеи аҳаҵлеи: аилазаара "Ашацкыра апоетцәа" шеиҿкаахаз

Ашьха сыԥса иаҿыҩрны,

Еихьымӡа-еиԥымӡо, игәамҵ-хамҵуа,

Ахаҳәқәа еиҿажьуа ԥхьаҟа ицон…

Апоет қәрахьымӡа иҭынхаз ипоема ҟаимаҭқәеи егьырҭ иажәеинраалақәеи 24 шықәса ихыҵаанӡа иҩыз роуп. Ус анакәха, апоетҵәҟьа Анцәа дишазар, дызхьигӡогьы рацәазаап, қәра дук иаҭәеимшьазаргьы. Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иакәзар, 19 шықәса анихыҵуаз иҩхьан иреиӷьу илирикатә жәеинраала "Кофҭа шкәакәа", иара убас, егьырҭ илыԥшааху илирикатә цәаҳәақәагьы "Асы ауеит, асы ауеит", "Ашәҟәы анаасырт, ашәҭ агәылан" уҳәа аԥсуа ԥхьаҩцәа аҟазара ду злоу поетны дызлалыркаашаз. Шьынқәба 43 шықәса данырҭагылаз ирҿиеит "Ахра иалиааз" еиԥш иҟоу ԥсра зқәым иажәеинраала:

Иазҵаатәума уи злабӷамлаз,

Ма иазламгьежьыз аблахаҵ?!

Ахра агәы амоуп, ахра иалиааз,

Ахра иаласоуп адац…

Абарҭ аҿырԥштәқәа заазго, апоет ззырҳәо иқәыԥшреи иҭәымҭеи данырҭагылоу иаԥиҵар алшоит, уимоу иагьаԥиҵароуп иреиӷьӡоу ицәаҳәақәа ҳәа схәыцуеит азоуп…

Мшаԥымза 24 2008 аполитик Беслан Быҭәба иусҳәарҭаҿы, иара иҟаиҵаз ажәалагала сыдкыланы, еиҿыскааит алитературатә клуб "Ажәа". Ари хықәкыс иамаз аҟазара злоу апоезиа иазҿлымҳау аҿар реидкылара акәын.

© Foto / предоставлено Елеонорой Когониа Аҟәа. аклуб «Ажәа» иалахәыз
Аҟәа. аклуб «Ажәа» иалахәыз - Sputnik Аҧсны
1/3
Аҟәа. аклуб «Ажәа» иалахәыз
© Foto / предоставлено Елеонорой Когониа Алықьса Гогәуа алитературатә клуб "Ажәа" алахәылацәа данырҭаз
Алықьса Гогәуа алитературатә клуб Ажәа алахәылацәа данырҭаз - Sputnik Аҧсны
2/3
Алықьса Гогәуа алитературатә клуб "Ажәа" алахәылацәа данырҭаз
© Foto / предоставлено Елеонорой Когониа Владимир Занҭариеи Анатоли Лагәлааи сасра аклуб аҿы
Владимир Занҭариеи Анатоли Лагәлааи сасра аклуб аҿы  - Sputnik Аҧсны
3/3
Владимир Занҭариеи Анатоли Лагәлааи сасра аклуб аҿы
1/3
Аҟәа. аклуб «Ажәа» иалахәыз
2/3
Алықьса Гогәуа алитературатә клуб "Ажәа" алахәылацәа данырҭаз
3/3
Владимир Занҭариеи Анатоли Лагәлааи сасра аклуб аҿы

Исыздыруам уи аклуб еиднакылоз аҿар иахьа гәаанагарас ирымоу, аха сара сгәанала усҟан ицәырҵит асахьаркыратә ажәа иазҟазаз Алина Жьиԥҳа, Дырмит Габалиа, Абзагә Аҟалӷьба, Џьамбул Инџьгьиа уҳәа аҿар еиҵаҩҩы. Аклуб аус ауан 2014 шықәсанӡа. Уи амаҭа иалагӡаны имҩаԥган аицлабрақәа, иалкаау асахьаркыратә ҩымҭақәа реилыргара, есышықәса аҿарацәа аԥаратә премиақәа рыҭара. Аҟәа ақәыԥшцәа рбиблиотекаҿы апоезиа ахәылԥазқәа акырынтә еиҿаҳкаахьан, уи иаҭаауан аԥсуа шәҟәыҩҩцәа хатәрақәа. Абарҭқәа инарҷыданы, ҳаклуб иалаз имҩаԥаҳгон аныҟәарақәа, иаҳҳәап Ҷлоу Б. Шьынқәба иҩны-амузеи аҿы ашколхәыҷқәеи ҳареи ҳаиланы апоет ипоезиа ахәылԥаз еиҿаҳкааит.

© Foto / предоставлено Елеонорой Когониа Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи аҿы, Ҷлоу.
Амали арҿиареи еидҳәалам: аԥсуа поезиазы гәаанагарак - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи аҿы, Ҷлоу.

Аҳауа зҩыдеи апоезиеи еилаӡҩаны ахәылԥазқәа, иара убас акаҳуажәырҭа "Амра" ахыбраҿы имҩаԥаҳгон. Алитературатә клуб "Ажәа" аусура ахыркәшара иасимволны 2015 шықәсазы Анатоли Лагәлаа ицхыраарала еиқәыршәаны адунеи аҳарбеит аклуб иаҭаауаз аҿарацәа рҩымҭақәа зныз "Аӡаӡа рыцқәа" захьӡу аизга. Ииашаҵәҟьаны, аклуб иалаз рӷьырак асахьаркыратә ажәа арҿиара иазҟазоуп, еиуеиԥшым аредакциақәеи, аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәеи рҿы аус руеит, ажурналистра знапы алаку ыҟоуп.

© Foto / предоставлено Элеонорой Когония2015 шықәсазы еиқәыршәаны адунеи аҳарбеит аклуб иаҭаауаз аҿарацәа рҩымҭақәа зныз "Аӡаӡа рыцқәа" захьӡу аизга.
Амали арҿиареи еидҳәалам: аԥсуа поезиазы гәаанагарак - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
2015 шықәсазы еиқәыршәаны адунеи аҳарбеит аклуб иаҭаауаз аҿарацәа рҩымҭақәа зныз "Аӡаӡа рыцқәа" захьӡу аизга.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы апоетцәа ҿарацәа Џь. Инџьгьиа, Д. Габалиа, А. Аҟалӷьба рҩымҭақәа ҭыҵуазаргьы, аԥхьаҩ лаҳасабала аҳәара сцәыуадаҩуп диит апоет ҿыц ҳәа.

Иазгәасҭарц сҭахуп акыр хшыҩзышьҭра шасҭо 21 шықәса зхыҵуа Аинар Ҷыҭанаа ипоезиа, избанзар иара иҳадигало ажәеинраалақәа ирнубаалоит Анцәа иҟынтә иаашьҭу ацәаҳәақәа:

Сқьышәқәа зхьысуаз ашәҭ абӷьы ԥшқа

Сгәыӷра сцәыӡырц иаҿзыршәада?

Ашәҭ иахаҩоз аҟарлышқәа,

Блала исацәажәон ажәада…

Хымԥада, зышәҟәқәа ҭзыжьуа хыхь зыӡбахә сымаз аҿар зегьы апоезиа рыԥсабара иалоуп, аха макьаназы иуадаҩуп аҳәара урҭ ҳамҭас ауаажәларра ирыдыргалеит ҳәа ихатәроу, иҵаулоу, амилаҭтә литературазы ихьыршәыгәу ацәаҳәақәа. Избан нас, асовет аамҭазы аԥсуа поезиа аҿиара замаз, иахьа ҳазҭагылоу аамҭазы ҳаиҵаханы ҳзыҟоу?!

Аӡы дӡааԥшылозшәа, аибашьра ашьҭахь 1997 шықәсазы акритик Владимир Аҵнариа иҳәахьан: "Ҳдоуҳатә хьысҳарақәа иҟоу ҳлитературагьы ианыԥшуеит", - ҳәа. Уи адагьы еимадоума апоезиеи асоциалтә бзазареи - схәыцуеит схаҭагьы.

Аԥсуа поетцәа аиҵбыратәи абиԥара ирхыԥхьаӡалоу 35 шықәса зхыҵуа Дырмит Габалиа абри азҵаатәы азы Sputnik Аԥсны арадио аинтервиу анаиҭоз, иҳәеит:

"Иаҳҳәап, ахныҟәгаразы иахьа ашәҟәыҩҩра шалымшо уи зегьы ирбарҭахеит. Арҿиаҩцәагьы, иахьа ус еиԥш ахықәкы рҿаԥхьа иқәдыргылаӡом…"

© Foto / предоставлено Елеонорой Когониа Дырмит Габалиа ипоезиа ахәылԥаз. Аҟәа, ақәыԥшцәа рбиблиотекаҿы.
Амали арҿиареи еидҳәалам: аԥсуа поезиазы гәаанагарак - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Дырмит Габалиа ипоезиа ахәылԥаз. Аҟәа, ақәыԥшцәа рбиблиотекаҿы.

Ари аҩыза агәаанара иахьа имариам асоциалтә ԥсҭазаараҿы хшыҩзышьҭра ауҭар ауазаргьы, иаҳгәалашәар сҭахуп Иуа Коӷониа иматериалтә ҭагылазаашьа шымариамызгьы, аҩымҭа ссирқәа раԥҵара шилшаз.

1926 шықәсазы Москва ажурналистикатә институт астудент Иуа Коӷониа Аԥсны асовнарком ахантәаҩы Нестор Лакоба иахь ииҩыз арзаҳал угәы ҭнашьаауа иҟоуп:

"Исоуеит 10 мааҭк астипендиа, уи арҵага шәҟәқәа раахәара заҵәык ауп изызхо. Аӡын маҭәа амамзаара иахҟьаны ҵыԥх, шамахамзар, сҩызцәеи сареи ҳзыҩназ ауадаҿы стәан, аҵарахьы анеираҵәҟьагьы сцәыуадаҩын. Сзыхшаз сҭаацәа рахьтә ацхыраара сақәгәыӷуам, избан акәзар Москва аҵара санҭала ашьҭахь саб дыԥсит, иаанхеит аусура злымшо фҩык. Арҭ зегьы ацхыраара рҭахуп, аха сара срыхәартә еиԥш алшара сымам. Абри арзаҳал ала сшәыҳәоит аҩыза Саџьаиа уажәраанӡа иоуаз астипендиа сзоушәыжьразы, избан акәзар уи сынтәа аҵарахьы дцом, насгьы убри ала сҵара еиԥымҟьаратәы алшара сышәҭаразы".

Абас амамзааратә проблема шимазгьы, Иуа апоезиа дацәхьаҵны дымцеит, убраҭ аҵыхәтәантәи иԥсҭазаара ашықәсқәа рзы иҩуан ипоема шьахәқәа, иара убас адунеи ааныжьра иадҳәалаз иажәеинраалақәа:

– Оҳ, аҵых ԥшӡа,

Уарҳалла ихҟьоу!

Ҳаиԥырҵышт уаргьы саргьы

Мышкызны зынӡа!

Иахьа аҿыгҳара змоу аҩымҭақәа аԥызҵо авторцәа ахьымиц азы игәаанагара сазҵааит ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа:

Даур Начкебия - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2020
Даур Наҷҟьебиа: зсахьаҩыра, зышәҟәы, збызшәа пату рықәзымҵо ажәлар ԥеиԥш рымаӡам

"Уи адунеизегьтәи тенденциоуп. Уажәы ауаа еиҳа ԥшьаала ишәуеит, ақәыԥшра ҳәа ҳазҿу 30 шықәса рҟынӡа инаӡо иалагеит. Абаҩхатәра аҟамзаара мацара акәӡам мзызс иҟоу, абри асмартфонқәа уҳәа ицәырҵыз атехнологиақәа ақәыԥшцәа ахәыцра иахнагоит. Уажәы ақәыԥш акыр ихьшәаны деинҭәылоит, ашәҟәыҩҩратә қәра еиҳа-еиҳа инаскьоит".

Абас дхәыцуеит ароман ҟаимаҭ "Аҵх аԥшаҳәа" автор, асовет аамҭазы аҩра иалагаз Наҷҟьебиа. Сара иара убас, апрозаик сиазҵааит, аматериалтә бзазара ахьысҳара иаԥырхагоума апоет ирҿиара ҳәа?

"Уи аргументӡам. Ари аҩыза ҿарԥас ҟалашьа амам, арҿиара уаҿымзар", - абас иааихҵәаны аҭак ҟаиҵеит иара аматериалтә бзазареи апоезиеи реизыҟазаашьазы.

Аинар Ҷыҭанаа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2019
Арадио
Ҷыҭанаа: аҵх арҿиаразы даара иманшәалоу аамҭоуп

Наҷҟьебиа ииҳәо ақәра анаскьара ҳаԥшны иаҳҳәозар, иҟалап, даҽа аамҭак анаҩс иаацәырҵыр апоетцәа ӷьаҩцәа ргәыԥ. Аҭоурых аҿы зны-зынла ус аныҟало ыҟоуп. Уажәы ааҭгылара ыҟазаргьы, аренессанс еснагь ҳазыԥшызаауеит.

"Иҭкааны аҭак сыздыруам, аха, сгәанала, амали апоезиеи еидҳәалам, аха амал ансырҳалак, дырҩегьых исышәҭ абри азҵаара", - ҳәа сзиҩит санҵамҭа ахыркәшамҭаз "Асы леиуан уи ауха, ла лызхәыцра санамырцәоз" ҳәа абзиабаратә лирика ишьҭнаԥааны иамоу, апоезиа аганахь ихәыҵлашо аиаҵәа, акыр сзықәгәыӷуа Аинар Ҷыҭанаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0