Ашҳам злам алаф: аԥсуа пародистцәа рыхәылԥаз шымҩаԥысыз

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааВечер породий
Вечер породий - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2021
Анапаҵаҩра
Апародиақәа рыхәылԥаз мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны. Алаф ахәылԥаз иалахәын иазхаҵоу апародиа азҟазацәа, уи шымҩаԥысыз апоет Анатоли Лагәлаа ианҵамҭаҿы.

Ҳаԥсуа литератураҿы традициа дук амаӡам апародиеи аепиграммеи ржанр. Уи алагеит уҳәар ауеит Баграт Шьынқәба иҟынтәи. Иара еиҳарак иҩызцәа актиорцәа ракәын иззикуаз, апоетцәа шамаха ирзикӡомызт. Иахьа ҳнапаҿы иҟоу рҟынтәи, ҳара иҳамоуп епиграмма ссирк, уи, ҳпоет ду иҩымҭақәа реизга ахәбатәи атом иануп, абар иаргьы:

Иҟоуп шәҟәыҩҩцәак, акгьы злымҵыз,

Хдыррак рымаӡам дара!

Ӷәака аҽыжәлара дшаҟәыҵыз,

Ҳаи, иаҟәыҵуандаз аҩра!

Апародиақәеи аепиграммақәеи ржанр еиҳа инарҭбаан иазааҭгылаз, насгьы изықәҿиаз рахь дыԥхьаӡатәуп апоет, аҵарауаҩ, аиҭагаҩ Владимир Аҵнариа. Уи инапы иҵижьит ҳпоетцәа аӡәырҩы ирызкны ицаҳә-цаҳәуа иҟоу апародиақәа.

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааАԥсуа пародистцәа рыхәылԥаз
Аԥсуа пародистцәа рыхәылԥаз  - Sputnik Аҧсны
1/3
Аԥсуа пародистцәа рыхәылԥаз
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааАԥсуа пародистцәа рыхәылԥаз
Аԥсуа пародистцәа рыхәылԥаз  - Sputnik Аҧсны
2/3
Аԥсуа пародистцәа рыхәылԥаз
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааАԥсуа пародистцәа рыхәылԥаз
Аԥсуа пародистцәа рыхәылԥаз  - Sputnik Аҧсны
3/3
Аԥсуа пародистцәа рыхәылԥаз
1/3
Аԥсуа пародистцәа рыхәылԥаз
2/3
Аԥсуа пародистцәа рыхәылԥаз
3/3
Аԥсуа пародистцәа рыхәылԥаз

Ари ажанр инарҭбаан аҿиареи ауаа рҿы инаган аԥхьарақәеи ианрылагаз ҳпоетцәа аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы ауп.

Уи еиҳарак иааихмырсыӷьӡакәа иаҿу ҳпоетцәа- Владимир Занҭариеи, Гунда Сақаниаԥҳаи, Гәында Кәыҵниаԥҳаи, Алхас Чхамалиеи, Адамыр Гәынбеи абарҭ ацәаҳәақәа равтори ҳауп.

Иахьа аамҭа уадаҩуп, адунеи зегьы ачымазара иакны иҟоуп, ауаа даара ирацәаҩуп аԥсҭазаара, згәы каҳаны иҟоу, урҭ иахьынӡауа рыгәқәа шьҭыхлатәуп, ажәа хаа, ажәа ҟәымшәышә, ашҳам злам алаф иазыԥшу рацәаҩуп. Убри азоуп, уажә ааигәа атеатр аҿы еизаз аинтеллигенциа, астудентҵәа, алаф иазҿлымҳау зегьы, гәахәарыла изрыдыркылаз апародистццәа рԥылара. Абраҟа иаазгоит ари ажанр даара изцааиуа Владимир Занҭариа ипародиақәа руак:

Аҩцраҿы

Сашьит, аха сышԥашьи,

Изжәит, аха ишԥазжә?

Ташьи, уара ташьи,

Имкәашо зегь шԥажә?

Срықәныҳәо ауалырқәа,

Ажьхәага срыҽхәеит,

Исацлабыз "абҟәылқәа"

"Руадыхәқәагь" аасрыххеит!

Рушьбеи Смыр

***

Схы сазгәаан, ҽнак зны,

Сҽасыршьӡеит сара,

"Пани, или пропан" ҳәа,

Сыҩналеит ҳҩыцра!

Ихсыршәҭит ауалырқәа,

Исыҵалеит аҩар!

Нас, снацҳан уаҟа ҷыркәак,

Сшьацәхыртәуеит абар!

Срыцкәашоит суалырқәа,

Сӡамҩақәагь ҟаԥшьуп!

Снацҳауеит са сҷыркәа,

Срезина сыхәда ихшьуп!

Ус маҷ-маҷ сӷьазкызаап,

Уажә ҳаиаҳәа сҭаиоуп!

Иауеи, нас, ҽнак сашьызар,

Иҟоу, дад, уаҩроуп!

Гәына Кәыҵниаԥҳа иахьа еицырдыруа поетуп. Уи апородиа ажанр аҿы уажәшьҭа жәохә шықәса инарзынаԥшуа иҵуеит дцәырҵижьҭеи. Уи ибзиан иалырԥшаауеит апародиа злыҵуа аҩымҭақәа, ажәеинраала иара ахықәкы хада мырӡкәа лара илҳәарц илҭаху аҵакы гәыллыршәоит, аԥхьаҩ дагьлырччоит, дагьлырхәыцуеит!

Уажә иҽхазаап аҽада!

Аԥсҭазаара гәыжьуп… Акьахь,

Нақәҵа, ҳарҳәазароуп уахь…

Рауль Лашәриа

Сцәажәон ҿымҭ- иахьеи уахеи,

- Схала ас сара сзынхеи?

Еицын еснагь- иаци иахьеи,

Агәыжь рыцҳаи аҽадеи.

Ирықәын аԥсҭазаара акьахь,

Идырҳәазон анахь-арахь,

Аԥсны ибылгьон уаанӡа акәтаӷь,

Уажә дҳабжьалеит "ахәарҭлаӷь",

Уажә иҽхазаап аҽада,

- Аидара уара игала,-

Агәыжь иақәрыжьит зегьы,

Иалшагәышьои?!- Акагьы!

Гәында Сақаниаԥҳа даара дрызҟазоуп апародиақәа рыхәалԥазқәа реиҿкаара, рымҩаԥгара, иара убасгьы дара апародиақәеи, аепиграммақәеи раԥҵарагьы. Иџьаушьаша, лара даара иԥшӡангьы дрыԥхьоит, рыԥсы рхалҵоит, ахәаԥшҩцәа даара гәахәарыла дрыдыркылоит. Уи илдыруеит иалылхуа, апородиа злыҵуа, ауаҩы икьатеиах ԥҵәартә дзырччо, ихы- игәаҟынӡа инеиуа.

Дысҭааӡом сара амуза

Са стәы акгьы ыҟам, хаҵа дцеит.

Дабалоуеи сара сҩыза,

Ҷлоуаа дуӡӡақәа рпоет!

Дысцәыбналеит данысмыхәа,

Сажәеинраала лгәы ԥнаҵәеит!

Уи ахсагызмал сызмыхәа,

Ҭакәажәык слызныжьны дцеит!..

Сыцәа ҟьалоит ишлызҿысҭуа,

Сышлыхьҵәуо исыршоит.

Зынӡа илхашҭит са сызусҭоу,

Баграт иааигәара сынхоит!

Скажьны дцеит, зегьы-зегь башоуп,

Сара смуза хаҵа дцеит.

Сажәеинраалақәа сызгашоуп,

Ԥсыхәа сымаӡам, сыԥсуеит!

Бара сышәаӡа, са сбысҭа,

Сыхазына сцәырҳәы.

Сажәеинраалақәа сызгашоуп,

Уахык акәзаргьы, бхынҳәы!..

Ибаҩхатәра даара уаҩ деигәырӷьартә иҟоуп апоет ҿа Алхас Чхамалиа. Уи уамакала иқәҿиоит аиумор, алаф, ибзиақәоуп ипародиақәа, рыбжьы ихаҵаны ртекстқәа дрыԥхьеит даара иааџьоушьаратәы ҟазарыла Платон Бебиеи, Фазиль Искандери. Абраҟа иааҳгоит уи ипародиақәа руак:

Аҧсуа театр аҭыӡқәа ҭырцәажәо,

Ирхыџхыџуа ишыҩназ артистцәа,

Ҧшьаала, агәды-мыдыҳәа еицәажәо

Иааҩналеит, аа, апородистцәа.

Абар ҳахьыҟоу, ҳашәзааит хаҭала,

Аҧҳазоу ишәҟәыҩҩцәа - "ир".

Шәиашам ҳаилышәкааргь ҽакала,

Шәа шәаҵкыс даадыруеит Шекспир.

Амала ирлас, иажәга арольқәа,

Иреиӷьу - Анатоли Лагәлаа иҭахын.

Араҟа азы акәым, иҳамоуп агастрольқәа,

Москва, Лондон, Берлин...

Аҧсуа хәаҧшҩы ибом ҳа "ҳдура".

Амарџьа, ахатәрақәа шәмырџьан.

Адунеитә сценоуп ҳа ҳгәадура,

Шәаах, ишьҭаҳхып афырџьан.

Шьҭа ишәҳардыруеит ҳапрограмма:

Пародиоуп, лафуп, "мыцҳәароуп..."

Асатира, ашарж, аепиграмма, -

Абарҭ роуп ҳзызгагоу, ҳзыҿҳәароу.

Саргьы ари ажанар аҿы аус суеижьҭеи акыр ҵуеит, иҟоуп маҷк аҟара исықәҿиахьоу, макьана иҵегь исыгқәоу рацәаны избоит, иахьынӡауа схы аус адызулоит, уажәы исҭахуп убри ахәылԥаз аҿы сзыԥхьаз акы шәыдызгалар!

Смуза шәмыршәан!..

Сааигәа аӡәы дмааироуп, сдуқәа, схәыҷы,

Аҭӡамцаҿ икнаҳауп схәыԥшӡа, сҟамчы,

Апҟеиҳәа исҟьауеит!

Ахааназ сизыразым, смуза зыршәо,

Иадыруеит ианааиша, маҷк иансыхшәо,

Нас еиԥҟьауеит!

Иахьала ижәдыруаз асцена са истәуп,

Ҳашәҟәыҩҩцәагь ҳатеатргьы раӷәрақәа скуп,

Анцәа ус игәаԥхеит!

Макьана са сҩыза ахаангьы дымииц,

Шьоук сышьҭоуп уажә изҩыз аҩызаҵәҟьа рҩырц,

Ҳампал, ишәҭаххеит!..

Изаасымцо иҟои Роингьы гәаҟ,

Есуаха амца ҭеиҵоит ҳуаџьаҟ,

Агәгәаҳәа ибылларц!

Саҩсҭаацәа ракәхап уи сгәазрыԥхо,

Агеницәа срылоушәа збоит саныԥхо,

Имгьежьыр сыблахац!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0