Аԥсны

Аԥсны анхарҭатә программала атәылауаа рырзаҳалқәа 50 иақәшаҳаҭхеит

Аҳәынҭқарратә хықәкытә программа "Анхарҭа 2021-2022" Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы ирыдкылан жьҭаара 28 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Анхарҭатә программала 50 рзаҳал иақәшаҳаҭхеит, атәылауаа рҭахра нагӡоуп, абри атәы иҳәеит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба аиҳабыра реилатәараҟны.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб ажәалагала ҟаиҵеит ауаа абри апрограммала анхарҭақәа зоуа аԥҟарақәа руак еиҭахәаԥшызарц. Уи инақәыршәаны анхарҭа роуеит аҩны ма ауада змам.
Аԥсны
Иалкаауп аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа-2022" адгыларала анхарҭа ҭыԥқәа зауа
"Аҽа мызкы шәымоуп. Акомиссиеи шәареи аҽазныкгьы иҭышәҵаа ԥсахрақәас иалагалатәны иҟоу. Угәы иаахәо акакәым быжьҩык ахшара ахьыҟоу аҭаацәара зны уадак рыҭан ҳәа мап ахьрыцәку. Быжьҩык ахшара рымоуп, аныҳәатә ҭагылазаашьа ззыҟаҵатәу роуп", - иҳәеит иара.
Аҳәынҭқарратә хықәкытә программа "Анхарҭа 2021-2022" Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы ирыдкылан жьҭаара 28 рзы. Апрограмма еиҿкаауп уаанӡа иаԥҵаз ҩ-программак реилаҵарала.
2021 шықәсазы "Анхарҭа 2021-2022" иазыԥхьагәанаҭоит 40 миллион мааҭ, 2022 шықәсазгьы иара убас. Уи адагьы аԥарархынҳәратә форма аԥыхуп.
Аԥсны
31 аԥсуа ҭаацәара 2021 шықәсазы шәкы-шәк нызқьмааҭ роуеит