Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

31 аԥсуа ҭаацәара 2021 шықәсазы шәкы-шәк нызқьмааҭ роуеит

CC0 / / Новорожденный
Новорожденный  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2021
Анапаҵаҩра
Апрограмма "Адемографиа аҿиара" хықәкы хадас иамоуп Аԥсны адемографиатә шәарҭара аԥырҟәҟәаара, ахшараиура адгылара аҭара.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара ахықәкытә программа "Адемографиа аҿиара" аԥсахрақәа аланагалеит ԥхынҷкәын 16 азтәи аилатәараҿы.
Аԥсахрақәа инарықәыршәаны 25 ҭаацәара рцынхәрас 31 аԥсуа ҭаацәара 2021 шықәсазы шәкы-шәк нызқьмааҭ рызшәахоит.
Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба иазгәеиҭеит, аиҭакрақәа шалагалахаз 2021 шықәсазы ҭаацәарақәак рырзаҳалқәа аҿҳәара еилаганы иахьаарышьҭыз азы.
"Акомиссиа арҭ арзаҳалқәа ирыхәаԥшит. Аилагарақәа мзызсгьы ирымоу апандемиа, ахәыҷқәа рчымазара уҳәа реиԥш иҟоу роуп. Убри азы иӡбан арзаҳалқәа ирықәшаҳаҭхарц, урҭ ацхыраара рыҭаразы алшарақәа рыԥшаара. Арҭ аԥсахрақәа аламгалакәа аԥарашәара ҳзымҩаԥгом", - ҳәа иҳәеит иара.
Апрограмма "Адемографиа аҿиара" инақәыршәаны ахԥатәии анаҩстәии ахәыҷқәа ахьииз аԥсуа ҭаацәарақәа шәкы-шәк нызқьмааҭ рзыршәоит. Аԥаразоужьра мҩаԥнагоит Арепатриациа афонд, аҭакԥхықәра зқәу аусбарҭа: Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра.
Хра злоу ахҭысқәа: Чамагәуа Аԥсны адемографиа аҭагылазаашьа иазкны   - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Арадио
Чамагәуа Аԥсны адемографиа апроблемазы: ҳашцо ҳцар, ҳтәылаҿы аԥсуа даанхом
Ажәабжьқәа зегьы
0