АҞӘА, ԥхынҷкәын 18- Sputnik. АУН "Аԥснытәи авиацәаҳәақәа" аԥҵара жәабжь бзиоуп, аҳаиреимадара атәыла аекономика аҿиара иацхраауеит, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит ажурнал "Арсенал Отечества" аредактор хада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Дрозденко.
"Аԥсны азы ари аӡбамҭа хәарҭоуп. Асовет аамҭазы Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аццакра уамак идуумзаргьы, аха уезгьы ҽнакала хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа аднакылон. Иара убас, атәыла аҩнуҵҟа авертолиоттә еимадара аҿиара аман", - иҳәеит иара.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра атуристцәа рхыԥхьаӡара аизырҳаразы ицхыраагӡа духоит, иара убас атәылауаа реиҭанеиааиразгьы, иҳәеит Дрозденко.
"Ари апроект анагӡара аекономика аганахьала уахәаԥшуазар хра амоуп. Атуристцәа зхаҭабзиара ҳараку аԥсшьара рыдгалахар аԥсшьаҩцәа аҭаалоит. Иазгәаҭатәуп аԥсшьаразы Аԥсни Шәачеи рыхәқәа шеиԥшым", - иҳәеит иара.
Ашықәс зегьы иааԥмырҟьаӡакәа аҳаирбаӷәаза аусура алшар ҟалоит аҩнуҵҟатәи ареисқәа рыла, ҳәа иҳәоит аексперт.
Ԥхынҷкәын 15 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Жәлар реизара адепутатцәа рԥылараан иҳәеит, ашықәс нҵәаанӡа аиқәшаҳаҭра анапы шаҵанаҩуа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аргыларазы апроекттә институт. Аԥсны аминистрцәа реилазаара АУН "Аԥснытәи авиацәаҳәақәа" аԥҵаразы аекономика аминистрра аҭара иақәшаҳаҭхеит имҩаԥысуаз аилатәараҿы ԥхынҷкәын 16 рзы.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы аҳаирбаӷәазеи асасааирҭеи аԥхасҭа ду роуит, аҵакыраҿы арҭҟәацгақәа ыҵарҵеит. Аҳаирбаӷәаза 1993 шықәса рзы иадыркит.
Уаанӡа ахада иҳәахьан аинвестор дшыԥшаау, аиҭашьақәыргыларазы 120 миллион мааҭ шазоужьхо. Бжьаниа иажәақәа рыла, аԥхьатәи ареисқәа азыԥхьагәаҭоуп 2024 шықәсазы.